Тҟәарчал араион аҿари аспорти рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мактина Ҭорҭиаԥҳа арадио Sputnik аефир ала ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит араион аҟны Абираҟ амш аҳаҭыр азы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Светлана Ламиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аколлеџь аҭаларазы ашәҟәқәа рыдкылара шцо, иарбан занааҭқәоу аиҿцәажәарала астудентцәа ахьрыдыркыло, абитуриентцәа разыҟаҵара хәшьарас иалҭо атәы.
Еиуеиԥшым атематика змоу аԥсуа жәаԥҟақәа рылацәажәара иацҵо, ахатәы хьыӡқәеи, ажәлақәеи, аҭыԥхьыӡқәеи, ақыҭақәеи ирыхҳәаау ажәаԥҟақәа рхархәашьеи рҵаки атәы арадо Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ауаажəларратə, аҳəынҭқарратə усзуҩ Владимир Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дигәалаиршәеит аус ицзухьаз, изааигәаз ажурналист Витали Чамагәуа.