Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа ашәарыцаратә сезон ахацыркразы: ашәарыцаҩцәа рыламыс ҳақәгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукХаджарат Квициния
Хаджарат Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иаатуеит ашәарыцаратә сезон. Уи злалаго, насгьы ашәарыцара аԥҟарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи реидгыла ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.
Кәыҵниа ашәарыцаратә сезон ахацыркразы: ашәарыцаҩцәа рыламыс ҳақәгәыӷуеит

"Асезон аатуеит ачала, уи адагьы акгьы уазышәарыцар ҟалаӡом. Ашәарах жьҭаара 1 инаркны иалагоит. Зныктәи ашәарыцараан ача ҩажәа еиҳаны иушьыр ҟалаӡом. Раԥхьа ача цәырцуеит Цандрыԥшь, Маҳадыр ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы, уаҟа ирацәаны иубар улшоит, нас цәыббрамзазы Очамчыра араион ахь иаауеит. Ашәарыцаҩ данҭыҵуа имазароуп хышәҟәык: ашәарыцаратә билеҭ, ашәақь аныҟәгаразы аршаҳаҭга, иара убас алицензиа. Ашәарыцара аԥҟарақәа рықәныҟәаразы ахылаԥшра зду аекологиа аусзуҩцәа роуп. Аха еиҳарак ҳара ҳақәгәыӷуеит ашәарыцаҩцәа рыламыс. Ашәарацыҩ аԥсабара даԥырхагахар иҭахызар уи азы еснагь имоуп алшара, аха ҳара ҳзықәгәыӷуа еиҳарак иламысоуп, мамзар, акы икәа иҭаиҵап егьы - иӡап, еснагь уи узишьҭалом. Иҟоуп есышықәса аԥҟарақәа еилазго, урҭ иаҳа-иаҳа шьҭахьҟа ицоит, аха сынтәа ҳақәгәыӷуеит, аекологцәа рус иаҳа идырџьбарап ҳәа избанзар, хаала измаҳауа ыҟоуп", - еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0