"Хьӡы алоугааит!": аԥсуаа рабџьар аныҟәгашьа

© Foto / из архива Руслана ГожбаГәдоуҭатәи аделегациа Романоваа рыҩны 300 шықәса ахыҵра азгәаҭараан
Гәдоуҭатәи аделегациа Романоваа рыҩны 300 шықәса ахыҵра азгәаҭараан - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
Анапаҵаҩра
Абџьар аныҟәгашьеи, ахархәашьеи, ахатә ԥҟарақәеи ирызкуп Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа иахьатәи лматериал.
Аԥсуажәлар реибашьратә культурахь иаҵанакуеит абџьар аныҟәгара, ахархәашьа аԥҟарақәа. Урҭ аԥҟарақәа аԥсуаа ишыхәыҷқәаз ирыларааӡон.
Д.И. Ермаков иусумҭа Абхазы. 1867 ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2019
Ҳԥышәа иаҳнарбеит: аҳәынҭқарра баагәарас иамоу бџьарла еиқәныху ажәлар роуп
Абџьар адоуҳатә, амагиатә мчы аман ҳәа ирԥхьаӡон. Ауаҩы ианаршьон, ҳамҭас ирҭон, ма ус идыркуан, хьӡы алоугааит ҳәаны, ма хьымӡӷ умгааит ҳәа.
Уабацәа уабдуцәа ирҭынхаз абџьар џьынџьуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уара иумазароуп. Уи рҭиуамызт, аб иҟынтә аԥа ишҟа ииасуан. Иутәны аӡәы ҳамҭак иуҭозар, хымԥада аҭак ацкы ҟаиҵароуп ("дар требует ответа"). Иахьатәи ҳаамҭазы ихианы иахьыркым, абџьар ахьрыҟәным азы, ианамух, ма ԥара ҿырпык ацымхәра ирҭоит, ҵасым, еихоуп имчуп, мышьҭабзиала ҳәа, уб.иҵ. Абас абџьар аимдара аиҩызара, аиашьара иадырган. Ауаҩы иабџьар данықәуан (клятва), убри иашьашәалан аҳазырҭра иҭыганы ахызаҵә аимдара. Аҵак ду аман аԥҳәысҳәараҿы ахкаршәра, уи агара аҿаҟәара иаҩызан, ашьҭахь аҭыԥҳа, мап лкыр, дицымцар ҟаломызт.
Еицырдыруа ҭыԥуп Бзыԥ ашьхақәа рҿы Наԥра аныха, аҵангәара аҩнуҵҟа ахҿақәа ахьықәу ҳәа изышьҭоу аҭыԥ ԥшьа. Уа имҩасуаз зегьы рҟәых ахҿа, ахы нрыжьыр акәын уаанӡа. Уалакьысыргьы ҟаломызт, нас 20-тәи ашәышықәсазы ирго иалагеит акәымзар, амузеи азы уб.егь. Уахь аныха аҭыԥ ахь анеирагьы цәгьан, егьа ибзианы иудыруазаргьы уавнагоит ҳәа ирԥхьаӡон.
© Foto / Марина БарцицАжәытә аԥсуа бџьар хкқәа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аекспозициа
Апсуа ҳәынҭқарратә музеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ажәытә аԥсуа бџьар хкқәа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аекспозициа
 
Аԥсуаа рҿы аӷа ӷәӷәа иабџьар узгар, имчра уара иугеит ҳәа иԥхьаӡан. Ишдыру еиԥш, атрофеи зыхьӡу, ҩни маҭәеи ракәымкәа, аибашьра адәаҿы аӷа имху, ихыху абџьар ауп.

Абџьар аныҟәгара иацу аҭакԥхықәра, зеилагара ҟамлоз ахатә ԥҟарақәа

Абџьар рарымарахь ала рмаҟаҿы икнаҳан, рарӷьа напала иҭыргаратәы. Ааигәанӡа аԥсуаа ахәыҷы дарымазаргьы, армакьача ҳәа, арӷьа ахь диаргон, уи ала идырҵон (переучивали).
Абжьааԥны, уахынла ианышьҭало ркьарахә, нас атапанчагьы рхы (рыхчы) иаҵан, ршәақь рханы икҿагылан. Уажәы ааигәа аҿар иҭырхуаз фильмк аҟны аиԥш ршьапаҿы, ашә ааигәара идыргыломыз; инапы ахьынаӡоз иҟазар акәын, инапы иацны (продолжение руки). Ахәыҷӡақәа ахьыҟоу аҩнаҟны хымԥада иахьзымнаӡо иҟазар акәын, азин рмоукәа алакьысра ҟамло ирааӡон.
Нас хәыҷы-хәыҷла арыцқьашьа, ахысшьа, аныҟәгашьа иаладыршьцылон. Ианыҩеидаслакь, шәарыцароума, қәылароума ирго ианалагалакь, усҟан дара рхатәы шәақь рдыркуан: "хьымӡӷ умгааит, хьӡы алоугааит!" ҳәаны. Уажәшьҭа еибашьцәа ҟазацәахахьан - профессионалцәан ҳәа иԥхьаӡан. Уи иаҵанакуаз - ахаҵаратә, еибашьратә етика рдыруа, ҳхымҩаԥгашьатә етикет рдыруа инаӡахьан ауп.

Абџьар ахархәара аԥҟарақәа

Мцы зымҳәо, еибаго бџьарзар акәын ахаҵа ишәақь аума, итапанча аума, урҭ есымша ирыцқьаны, ихианы иҟазар акәын. Амшцәгьазы ашәақь мжьақцаразы аҭаҳәҭеи иҭаҵаны ахаҵа изқәа ихшьын.
© Foto / из архива Руслана ГожбаОҭырба Зақьариа
Отырба Зекериа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Оҭырба Зақьариа
Абџьар зтәу изин умамкәа уи акьысшьа умаӡамызт, иҟәнума, иаԥхьа иқәума.
 
Цқьа уахәаԥшыр уҭаххар, уиҳәан иуиркыроуп - ухала уанакьыс, хьымӡӷын. Ус аныҟауҵа уи иабџьар, иҳәаҭҳа ихухит ҳәа иԥхьаӡан. Уи иаҵанакуаз датәоумбеит, длаурҟәит, уиааит, уимоу, зҳәаҭҳа зхухыз – уи дурҭаслымит, дуҭҟәеит акәын, ус анакәха, дуабашьыр акәхон, иҽудишьылон. Убри убрысҟак ихьымӡӷын азоуп шьоурак изаҩсуаз. Иҳамдыруеи, иаҳҳәап, аинраалара аформақәа руакы аҿгьы ахара здыз иаҳәа ихәда ихшьны, инапқәа иашьҭахь иҿаҳәаны, ихы ларҟәны агәара данҭаргало (ишәҭахызар дышәшьы, ԥсык диҩызоуп аҵанакуа). Усҟан аԥшәмацәа нарԥылан, ирҭахы-ирҭахым инапқәа ааԥыртны, доурышьҭуан, аишәачарагьы еиҿыркаауан, абас алагьы еинаалеит хәа иԥхьаӡан.

Абџьар аимдара аԥҟарақәа

Аҟама, аҳәызба, ачақы ашьхәала иуркыроуп аҵарра уара ухахьы ирханы.
Работа Батала Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2019
Аҳәынҭқарра ахықәкы – ажәлар реиқәырхара ауп
Иҭҟьо абџьар акәзаргьы, ишәақьума, итапанчоума, ахы, агәыцә аҩадала ганха инарханы иуркыроуп. Ухәмарны акәзаргьы, егьа апатрон шҭам удыруазаргьы ауаҩы иқәкра иҟалаӡом акәым, иҵасым ҳәа иԥхьаӡоуп! ("ҵасым" - религиозное табу).
"Ашәақь ахы аҩсҭаа дҭатәоуп" ҳәа ражәа иалоуп аԥсуаа. Апатрон зыӷрам ҳәа ишуԥхьаӡогьы, иуцәҭҟьаны ауаҩы дашьыр ҟалоит. Ирацәаӡангьы иаҳдыруеит абас ала имаҷымкәа машәырла ауаа шҭахахьоу аҭынч аамҭазгьы, ус ҳахьлон аҵыхәтәантәи ҳаибашьраҿгьы.
Азин ҟалом убасгьы иҭҟьо абџьар агәыцә аҭаԥшра, еимыхны ианурыцқьо акәымзар.
Иҟалом ухысразы ушәақь ацәҟьара иақәукаанӡа,ухысга (!) нацәа аҵхарҭа иаҵакны акра.

Асасратә институт ду аҟны ахархәашьа

Асас иааиз ишәақь дахьыныҩналаз икҿаиргылар акәын, уажәшьҭарнахыс сыԥсҭазаара сыхьӡ-сыхьымӡӷ сызҭоу ишәыдуп ҳәа акәын иаҵанакуаз. Аӷацәа рҿы дааизшәа ивара, иҟәардә иадыргыланы дтәаӡомызт.
Ф.А.Рубо 1901 шықәсазтәи иҭыхымҭа Кавказтәи аԥшыхәцәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2019
Аԥсуаа реибашьратә, рхаҵаратә культура иазкны
Уимоу, абыржәы уск азы дуацәажәаразы ауаҩы дааины данааудтәыло, итапанча ааҭыганы уаԥхьа аишәа инықәҵан ацәажәара далагар ухы шԥоубои?! Ари сатәеимбеит, сыршәаны исирҟаҵап ҳәа даҿума умҳәои?!

Амақарра бџьарла

Уҟама уанамҵас, мамзаргьы абжаранӡа ианҭух шьҭахьла иҭоуҵар ҟалаӡомызт, нас уи ала укшар акәын. Узықәмақарзгьы азин иман иаразнак дуаԥыҩланы акшара. Убри ауп аҷкәын, аибашьҩы ахачҳара ду, аҽынкылара иманы дзырааӡоз, уажәы-уажәы дыҵҟьо, дыԥо, ихшыҩ дахыҵуа акәымкәа. Инамцхәынгьы ауааи ихи ҳаҭыр рықәҵаны ихымҩаԥгашьа раӡан.
Абжьааԥны, абџьар рылхра азҵаара анцәырҵуа Аԥсны аӡәы шәақьла данҭахалакь ауп. Анцәа иумҳәан, аха, аҽшьра згәаԥхаз абџьар имухыр ма шахак иԥшаауеит, даҽа цәгьара бааԥсык аӡәы изызуп ҳәа згәы иҭазкызгьы – убас. Иаҳҳәап, астатистика излаҳанаҳәо ала, Урыстәыла иҟало ашьрақәа 80% рҟынӡа ҳәызбала ауп (кухонные ножи).
А-14-тәи арра-спорттә хәмарра «Аиааира» мҩаԥысит Гагра араион - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2019
Арра-спорттә хәмарра "Аиааира" мҩаԥысит Гагра араион
Ус ҳҳәар, амашьынақәа аԥыхтәуп, еибашьрак, катастрофак иаҳзаҩызахеит аныҟәцара аԥҟарақәа реилагара, урҭ рхылаԥшра ахьаҳзамҭо амшала иҭахо ауаа рхыԥхьаӡара. Иахьа адунеитә ԥышәа ҳазхьаԥшыр, уи иаҳнарбоит: аҳәынҭқаррақәа абџьар аҩны аҵәахреи, аныҟәгареи азин ахьаанкылаз, ашьауӷатә цәгьоурақәа еиҵахоит ҳәа ишгәыӷәуаз акәымкәа, уимоу акырынтә ишеиҳахо. Ара аус злоу абџьар аныҟәгара итрадициатәу акультура угәаларшәаны, азакәанԥҟарақәа инарықәыршәаны ари азҵаара азнеира ауп.
Аибашьра анеилга ашьҭахь, маи 4 1994 шықәсазы Еиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала Владислав Арӡынба инапы зҵаиҩыз документуп абџьар иазкыз Аԥҟара (Положение "О порядке оборота огнестрельного оружия"). Ар раԥхьагыла, аҳәынҭқар В.Г.Арӡынба, иҳәон: "Аԥсны зыхьчаз аибашьҩы иабџьар изааныжьтәуп, убри абшьҭрала иҷкәын иахь аиасра азин ыҟазароуп", ҳәа. Уи зегьы аԥҟарақәа инарықәыршәаны.
аҽқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2019
Аҽы дызлақәтәо иарма шьапы алоуп: асас иҽыжәҵаразы азгәаҭақәа
Ауаҩы, ахаҵа дақәиҭны азин имазароуп, абџьар ныҟәимгозаргьы, аҩны амазаара, аҵәахра, уи ишақәнаго иҭаҩзароуп (арегистрациа ҟаҵаны). Адунеитә практика ишаҳнарбо ала, абџьар ирҭоит ауаҩы ацәгьаура ҟаимҵацзар, ипсихика, ихы-ихшыҩ дақәиҭны, аҵәахра, аныҟәгара аԥҟарақәа еилеимгацзар. Аԥҟара еилагарахь иаҵанакуеит убасгьы, иаҳҳәап, ауаҩы иқьаф ыҟаны абџьар ныҟәигозаргьы, мамзаргьы аполитикатә митингқәа рахь деиқәных даннеи.
Знык цәгьарак аныҟаиҵа, ма аҵәахышьа, ахархәашьа иашаны данақәымшәа, уи имххоит хымԥада. 2017 шықәасазы Жәлар Реизара актәи аԥхьарала ирыдыркылеит абџьар иазкыз азакәан апроект. Ишаҳҳәахьоу еиԥш, уи иааидкылан ҳарратә доктрина иақәшәо иҟазароуп. Азакәан аҿы убасгьы иазхәыцтәуп аграждантә адагьы, аибашьыга бџьар аҩны иҵәахны амазаара азҵаара. Ашәарыцацәа рыдагьы, ахьшьцәа азин рымазароуп абџьар аныҟәгара, убас иҵегьы.
аполитолог Беслан Ҳагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2019
Арадио
Ҳагба: аҳәынҭқарра дуқәа абџьар аҭыжьраҟны ианеицлабуа - шәарҭоуп
Зқьы шықәсала ҳазхылҵыз ҳабацәа, ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа ихьчаны иааргаз ҳадгьыл ԥшӡа арахь имҩахыҵуа асасцәа, аныҟәацәа, аԥсшьаҩцәа зегьы рыԥсы алахоит, рхазы еилаҳауеит. Ҳган аҿы дҳамоуп есыҽны иаҳақәмақәаруа аӷа.
Ҳаныҟоу акәым, ҳаныҟамгьы Ҳаԥсы Адгьыл злахьчоу ҳаибашьратә, ҳдипломатиатә традициақәа, ҳабџьартә культура рыла ауп. Ҳазнысыз ҳҭоурыхымҩа жәытәнатә аахыс иаҳнарҵаз акоуп – ҳара зегьы бџьарла еиқәныху еибашьцәа ҟазацәазароуп. Даҽакала, зегьы зеилаҳауа ҳадгьыл ҳақәиҭны, ҳаԥшәмара ҳаԥымхо, иҳазныҟәгаӡом.
Уи азыҳәан иаҳгәалаҳаршәароуп аԥсуаа ражәа иалаз: "Арра имцо аҷкәын Анцәа дҳаумҭан". Аҵеира азыҟаҵара бзиа рымазароуп, арра ашьҭахьгьы, арезервистцәа ирхыԥхьаӡаланы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуа (сборы).
Детский военный лагерь в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2018
Аԥсны иаадыртит арра-патриоттә лагер
Уажәтәи апрактика – Урыстәыла аҵара ҵаны, нас, ишақәнагоу еиԥш, шықәсык иадамхаргьы, руалԥшьа намгӡаӡакәа, иааины иминистрцәаны иааҳхагыло, урҭ ҳахьынӡаныҟәырго, иахьынӡаԥызацәоу зҵаароуп. Арезервист ҳәа иԥхьаӡоу иакәзар, аиҭаҽазыҟаҵарақәа, арратә еизгарақәа ҳәа изышьҭоу аамҭа-аамҭала данрылахәымха, уи иеибашьыга бџьар шизнымхо идыруазар, хымԥада урҭ бжьаижьӡом.
Аԥсуаа ианакәызаалакгьы ихысцәа ҟазацәан, ахыци ахәампали ала аума (абхазские лучники), ашәақь ала аума. Иахьа иҟазароуп имаҷымкәа ахысырҭақәа - аполигонқәа ҳәа изышьҭоу, мамзаргьы ахәыҷы инаиркны иахьхысша атирқәа. Игәыгәҭажьтәым ашкол инаркны ауниверситет аҟнынӡа, абџьар аныҟәгашьа атрадициақәа аҿар рылааӡара; абџьар ахархәашьа, актәи ацхыраара уб.иҵ. ишахәҭоу аҿар дырҵара.
Голанӡиа: арра иаҳгаша аҷкәынцәа есымшагьы иҟан, иҟоуп уажәгьы>>
Убри азы ихәарҭа дууп аԥхынтәи арратә-спорт лагерқәа ихымԥадатәины рымҩаԥгара, ибжьамыжькәа реиҿкаара. Уи, ҳәарада, раԥхьаӡа иргыланы, аҳәынҭқарра иауалзароуп, уаантәи адгылара амазароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0