Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник урожая в Лыхны
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьеи-уахеитәи ахымҩаԥгашьа, атәашьа-агылашьа, аиҳабы-аиҵбы реизыҟазаашьа, реихаҵгылашьа, сасра ацара, асасдкылара уҳәа аетикет иаҵанакуа зегьы аԥсуаа "алеишәа" ҳәа иашьҭан.

Sputnik

Аԥсуа жәлар рынхара-рынҵыра зегьы иацклаԥшуан есымша. Аԥсабареи дареи еинаалан инхон. Рыбзазараҿы рхы иадырхәоз зегьы иара акәын ирызҭоз. Амала амазара ӷәӷәа иашьҭамызт, дара ирызхаша, асас дырҭаар дызларбаша акәын еидыргалоз. Аха дара даара акырӡа иацклаԥшуан зқьышықәсала рабдуцәа иаԥырҵоз рқьабызқәа рынагӡашьа. Уи иҳаранакуан рыуаажәларратә хымҩаԥгашьа, ркультура зегьы. Иахьеи-уахеитәи ахымҩаԥгашьа, атәашьа-агылашьа, аиҳабы-аиҵбы реизыҟазаашьа, реихаҵгылашьа, сасра ацара, асасдкылара уҳәа аетикет иаҵанакуа зегьы аԥсуаа "алеишәа" ҳәа иашьҭан. Алеишәа имҩақәнаҵон ажәлар еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан рхымҩаԥгашьа. Уахь иаҵанакуан аизарақәа, агәырӷьарақәа, ачарақәа, ахәмаррақәа, алахьеиқәра, аусеилыргара уҳәа ирацәаны. Аха абра иалаҳкааит аԥсуара аҟны аиҳаби аиҵби рыпатуеиқәҵашьа иадҳәалоу атәашьа-агылашьа иазкны жәытә-натә аахыс ирымоу аизыҟазаашьақәа.

Аԥсуа ԥацха - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа исасдкылара шьагәыҭс иамоу апатуеиқәҵаратә хымҩаԥгашьоуп

Аԥсуа "Анцәа иҟнытә дааит", "быжь насыԥк ицуп" ҳәа ииԥхьаӡо асас даниҭаауаз, сасра данцоз, аҩны даныҟазгьы налаҵаны итәашьа-игылашьа еиҿкаан. Еилыхны иҟан аиҳабы итәарҭа, аиҵбы итәарҭа зегьы. Машәырны иҟамлазар ҟалапатәашьа-агылашьа идыруеит ҳәа иаҳҳәо ажәа. Гәырӷьарак, еизарак, даҽа уск, ма аҩнаҭаҿы иааиднагалаз асасцәа, аԥшәмацәа қәрала иреиҳабу, иреиҵбу зегьы ртәарҭақәа шьақәгылан. Аҩнаҭахьы асасцәа анымҩахыҵуа аума, сасра ианцо аума, ус џьара ианеизо аума, Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар иахьа уажәраанӡагьы еиҳабы-еиҵбыла атәашьа аԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Аҩнаҭаҿы аиҳабы иҭыԥ, иуада, аиҵбы иҭыԥ алхны иҟоуп, дасу иахьиҭаху дызтәаӡом.

Ауаџьаҟ змаз аҩнқәа андыргылоз, аиҳабы иҭыԥ ауаџьаҟ армарахь акәын. Ауаџьаҟ – аиҳабы иарӷьарахь иаанхон. Арӷьарахь ала аҟәардәқәа дыргылон, еиҳабы-еиҵбыла атәаразы. Аҩнаҭа аиҳабы иара даныҟамгьы иҭыԥ аҿы итәаӡомызт, ари апатуқәҵара, абзиабара иазкын.

Ауаџьаҟ змам аҩнқәа дыргыло ианалага, аиҳабы иҭыԥ ашә анаатлак, иахьибарҭоу арӷьарахьтәи аҭыԥ акәхеит. Ашә ахьаатуа аганахьала аиҳабы ддыртәаӡом. Аҳаҷашь ашә ахьаатуа арӷьарахь акәзар, иааҩнало ибзианы дахьибарҭоу аҿы аиҳабы иҭыԥ ауп.

Ирҳәоит: "аиҳабы дԥызоуп", "аиҳабы дышәшьыроуп", "еиҳабы дызмам Анцәагьы димам" ҳәа. Арҭ зегьы иаадырԥшуеит аиҳабы пату ахьынӡаиқәу. Иаргьы идыруеит ижәлар дшырҭаху, ҳаҭыр шиқәу, аԥсҭазаара агәҭа дшалагылоу. Уи иара иԥсҭазаара аҵакы анаҭоит, иароуеит ишықәснҵыра. Аиҵбацәа зегьы аиҳабацәа пату ду рықәырҵоит, бзиабарала ирзыҟоуп.

Аҩнаҭаҿы асасцәа анымҩхаыҵуа, еицу реиҳабы иоуп зегь реиҳа пату зқәу. Уи аахаҿы ддыртәоит. Иара иармарахьала дтәоит аԥшәма исасцәа пату рықәҵаразы ирыдигалаз аиҳабы. Иара аԥшәма ихаҭа дтәаӡом, уи исасцәа ирыгу-ирыбзоу дахылаԥшуеит. Аха аԥшәма иқәра рацәазар, иааиз ирыцу аиҳабы иаҵкыс деиҳабызар, усҟан ахаҿы дтәоит. Арҭ аҩыџьа рнаҩс ддыртәоит асасцәа иааиз рахьынтәи ахаҿы идыртәаз аиҳабы ишьҭахь қәрала еиҳабу. Уа аҭыԥ ыҟамзар, ахаҿы итәоу аиҳабы аҩны иааҩнало дибар, аҭыԥ изныжьны, иара дызцу аиҳабы дизааигәаны дтәоит. Арҭ рнаҩс асасцәа еиҳабы-еиҵбыла итәоит. Амала ахаҿы итәоу аиҳабы иарӷьарахьала аӡәгьы дтәаӡом. Аиҳабы инаҩс итәоу зегьы шеибарку армарахьалоуп. Асас иқәра еиҳа еиҵазар, аԥшәма ирыдиртәалаз деиҳабызар, ахахьы иара ддыртәоит, иармарахь дтәоит асасцәа реиҳабы. Иҟоуп зны-зынла иааиз асас қәрала деиҵбызаргьы ахахьы дтәарц ианидырцало. Усҟан уи ирацәаны пату зқәу, ма харантә иааз аӡә иоуп, убри аҟнытә ахахьы ддыртәоит.

Ажәытә аԥсуа ҩны, Гагра араион - Sputnik Аҧсны
Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа

Аԥшәмацәа рахьынтәи еиҵбу ашә азааигәара дтәоит. Уи асасцәа дырхылаԥшуеит, ак рыгхозар гәеиҭоит. Ауадаҟны асасцәа штәоу даҽа гәыԥк ааир, иааиз еиҳабыс ирыцу еиҳа ихыҵуазар, еиҳа иахьыхароу џьарантә даазар, ахахьы уи ддыртәоит. Иармарахь иара иаԥхьа иааихьаз, ахаҿы итәаз аиҳабы ддыртәоит. Уи ашьҭахь аҩынтә раан иааиз аиҳабы иаҵкыс еиҵыбны ицу дтәар ҟалоит, аԥшәмацәа рхаҭарнак дтәаргьы ҟалоит. Егьырҭ иаанхаз ирхыҵуеи рысасра ахьынӡаҳараку ала аҭыԥ рибаҭоит. Араҟа еиҳарак ихадароу иааиз асасцәа ирыцу аиҳабыи уи инаҩс қәрала еиҳабуи ртәарҭоуп – урҭ алхны иҟоуп, уаҟа аӡәгьы дтәаӡом, ԥхашьароуп, патудароуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ара ҳаззаҭгылаз асасцәа аҩны ианааҩнало ишеибартәо ауп. Убасҵәҟа иҟоуп аишәа ианахатәоугьы атәашьа. Асасцәа аишәа ианахатәо, иааиз ирыцу аиҳабы ашә иааҩнало дахьибарҭоу ала аишәа ахахьы ддыртәоит. Аԥшәма деиҳабызар, иара дрыдтәалозар, ахахьы дтәоит. Акрыфара напы адыркаанӡа, асасцәа реиҳабы иззааиз аус далацәажәоит, анаҩс дныҳәоит, насоуп зегьы акрыфара ианалаго. Асасцәа аишәа ианахатәоу ашәа ааигәа-сигәа ирхаӷылоуп арԥарацәа, урҭ аишәа иахатәоу рымаҵ руеит, ирхылаԥшуит. Аҭыԥҳацәеи аҳәсақәеи амаҵурҭахь иҟоуп, ахәы дырмазеиуеит.

Ауаа адәахьы ианеизо арымӡқәа ргыланы иантәогьы, иалкааны иҟоуп аиҳабацәа ртәарҭа. Арымӡ ҵлак амҵаҿы иргыланы уск анырыӡбозгьы арымӡ ахаҿы итәоз еизаз иреиҳабыз иакәын. Нас уи ишьҭанеиуа еиҳабы-еиҵбыла еидтәалон. Ҿарацәа ма игылоуп, ма инаскьашәа даҽа рымӡк иқәтәоуп.

Кәыдрытәи аиҩхаа - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых аӡеибафара

Амҩа ианықәу, џьара ианцо, аиҵбы аиҳабы иармарахьала шьаҿақәак раҟара ишьҭахь дгыланы дицныҟәон. Аригьы патуқәҵаран.

Ажәытә Аԥсны аибашьрақәа ақәыларақәа аныҟаз, аиҳабы иҭыԥ аҩны аҿаҟны, ашәа ахьибарҭаз акәын. Ари зызкыз, шәарҭарак ҟалар, раԥхьа иара ибап, дахҭыгәлар, иеиҵбацәа ихьчарц азы акәын. Аиҳабы аԥхьа дахьдыргылоз апатуқәҵара анаҩсангьы ашәарҭарақәа раан ахыхьчара иадҳәалан. Анкьа аныҟәарақәа, аиҭанеиааирақәа аныуадаҩыз, аиҳабацәа аҿар ирабжьыргон: "Шгәышәҽаныз, ақыҭа сасык, мах ара ицо аӡәы, ма шәаџьҳәаҩык даалалар, адәы дықәымхааит, ԥхашьароуп, игәашәҭала" ҳәа. Ари ианыԥшуеит аихаҵгылара, агәеибаҭара, агәыбылра ахьынӡаҳаракыз.

Ахаҵа-аԥҳәыс ҳәа еилымхкәа аԥcуара аҟны аиҳабы пату иқәуп. Аиҳабацәа рыԥсҭазаараҟны ирбаз-ираҳаз, ирыхҭысыз зегьы аиҵбацәа рзы мҩақәҵагоуп. Аиҳабацәа аиҵбацәа мышкызны дара реиԥш ишажәуа лассы-ласс ирарҳәон, ирҭахын аамҭа мгакәа акы рҿырҵаарц, убри азын рԥышәа рымардон. Аиҵыбра ныҟәымгакәа, аиҳабра узныҟәгаӡом ҳәа иԥхьаӡан. Иахьцоз, иахьтәоз-иахьгылоз аиҵбацәагьы рыцын. Уахынла шаанӡа иантәоз уа ирхаҵгылан, рымаҵ руан, ирзыӡырҩуан. Шәца ҳәа рарымҳәакәа ицар ҟалаӡомызт. Абасала, рылшара дырӷәӷәон, ирааӡон. Аиҳабацәа рхаҭақәа рхымҩаԥгашьа даара ишәан-изан. Урҭ ахәыҷы инаиркны аду иҟыӡа рызнеишьа иақәшәон. Реиҵбацәа рԥышәа шрымардоз мчыла ирыдцаланы акәымызт, хымҩаԥгашьала идырбаны акәын. Шықәсыла аиҳабра мацара азхомызт уи. Зыԥсҭазааратә мҩа ицқьаны ианысыз, ҽыԥныҳәа змамыз, доуҳала иҳаракыз иакәын еиҳаб дууз, иззыӡырҩуаз, раԥхьа идыргылоз, зажәа ԥхылнадоз, ахаҿы идыртәоз.

Аиҳабацәа ажәлар ираԥхьагылацәан, дара иразҵаауан, аха ажәлар рызҵаарақәа анырыӡбоз, азакәанқәа анаԥырҵоз ақәра мацара азхомызт. Усҟан урҭ ирывагылон азеиԥш иазхәыцуаз, ачҳара змаз, адырра змаз ауаа. Урҭ ирҳәо, ируа ажәлар ирзеиӷьу акәзар, уи иацныҟәон. Еиҳабы-еиҵбыла реибааӡарагьы, реихаҵгыларагьы зегь зызкыз, ауаажәларратә еилазаараҿы ахымҩаԥгашьа, атәашьа-агылашьа, ахпатуакәҵашьа уҳәа зегь рыла еиҿкааны, иҳаракны аԥсҭазаара аныҟәгара акәын.

Баша ирҳәаӡом аԥсуара аныҟәгара уадаҩуп ҳәа, аха аԥсуара ишахәҭоу аныҟәгара ауаҩытәыҩса деиҿызкаауа, даамысҭашәаны дҟазҵо уаажәларратә кодексуп.

Абра иаазыркьаҿны ҳазлацәажәаз аетикет ахәҭак, атәашьа-агылашьа аԥҟарақәа иахьа уажәраанӡагьы иныҟәыргоит адиаспора аҿы инхо ҳауаажәлар. Ирҳәоит ари аиҳаб дуцәа Аԥснынтәи иааргаз ауп, ишаҳдарбаз ауп ишынаҳагӡо ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0