Анана-шацәа-чаԥацәа рӡатә: аԥҳәызба аҭаацәара ҿыц даналалак илзынарышьҭуа

© Sputnik / Анжелика Бения Аӡатә
Аӡатә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа жәытә аахыс ирылан аҩнра ицаз аҭыԥҳа аӡатә лзынашьҭра атрадициа. Уи амҩаԥгашьа уаанӡатәи аформеи иахьатәи аҭагылазаашьеи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Жәытәнатә аахыс традициала ишаԥу ала, аԥҳәызба хаҵа данцалак, дызлыҵыз аҭаацәа рҟынтәи аӡатә лзынарышьҭуеит. Ӡатәыс иҟарҵоз имхьацыз ажә ҿа акәын. Уи ажә аԥҳәызба лыжә ӡатә ауп ҳәа иԥхьаӡан, зынӡа иажәаанӡа иршьыргьы ҟаломызт, ирҭиргьы ҟаломызт. Ажә ԥсыр, ма иажәаанӡа иршьыр, иара ацымхәрас ӡатәс иқәдыргылон уи иахшаз рахьынтәи акы.

© Foto / предоставлено Агнессой Ханагуа ПилияАгнесса Ханагәуа-Ԥлиа
Анана-шацәа-чаԥацәа рӡатә: аԥҳәызба аҭаацәара ҿыц даналалак илзынарышьҭуа - Sputnik Аҧсны
Агнесса Ханагәуа-Ԥлиа

Ҳаамҭазы уи ацымхәрас иаҳа лассы-ласс иҟарҵо излагаз амацәаз ауп.

Убас, ҳара ҳзыҿцәажәаз Гәыԥ ақыҭан инхо Ханагәуа-Ԥлиа Агнесса лыԥҳа еиҳабы аҭаацәара даналала, ӡатәс амацәаз лзыналышьҭит, лара лхаҭагьы есышықәса ааԥынразы аҿбаара ианыҵыҵлак ашьҭахь, уи иазкны аныҳәара мҩаҧылгоит.

"Уҿи-унапи аауӡәӡәоит, арбаӷьи арцынеи рыԥсы шҭоу, амрагыларахь ухы рханы угыланы ҿа ауҭоит, ухазы аԥсы шҭоу уахныҳәоит. Нас иушьуеит, каканла еиҵачаҧан иҟауҵоит. Аӷәазалқәа хԥа ҟауҵоит, аҷешьҭерқәа (ашә згәылоу амгьал – Е. Ҭ.) х-цырак, ашәқәа хыхь-хыхь иагәылаҵан иҟауҵоит. Ачашәқәагьы уӡуеит хԥаҟа, ацәашьқәа ҩ-цырак ҟауҵоит ашацәа рӡатә ҳәа. Нас адәахьы идәылганы, еиҭахгьы Анцәа уиҳәоит. Аԥара ықәуҵароуп, ашацәа рӡатәс – амацәаз, арахә узықәгылоуп, иузықәгыламзар, иара ацымхәрас амацәаз ҟауҵароуп", - ҳәа ҳзеиҭалҳәеит лара аныҳәара шымҩаԥылго атәы.

Ажьаҳара аныҳәара ажәытә амҩаҧгашьеи иахьа ишыҟарҵои - Sputnik Аҧсны
"Дҧариуа, дыҧҳариуа": Ажьаҳара аныҳәара амҩаԥгара иазкны

Лыԥҳа аҭаацәара даналалагьы, абас еиҧш дныҳәаны, лӡатә (амацәаз) лзыналышьҭит. Уи хазы иаԥылҵаз аҭаацәараҟынгьы лан ишыллырбаз еиҧш аныҳәара мҩаԥылгоит есуажәааны асабша мшык азы. (Иазгәаҭатәуп, џьоукы ари аныҳәара мҩаԥыргоит ашәахьаҽны).

Иара убас, ашацәа рӡатә, аныҳәара мҩаԥызго ишҳаиллыркааз ала, арбаӷьи арцынеи аҿаҭаразы иузыҟамҵозар, арцына ацымхәрас акәтаӷьқәа ҩба ҟауҵар ауеит. Дара изныҳәо аԥҳәыс лыдагьы даҽаӡәы ифар ҟалаӡом. Узыхныҳәо аҩеиқәаҵәагьы иныҳәо лыда даҽаӡәы ижәыр ҟалом. Иара изыхныҳәаз аӷәазалқәагьы аҳәса, аӡӷабцәа роуп акәымзар, хаҵа злоу агьама ибар ҟалом. Ажәакала иуҳәозар, ари аныҳәара лымкаала аҧҳәыс илызку ныҳәароуп, иныҳәогьы дыԥҳәысзароуп, изыхныҳәогьы агьама збаша аҳәса заҵәык роуп.

Акәтаӷь шҭәу еиԥш ашьхымзаҭра цхала иҭәааит: Анана – Гәында илыдҳәалоу ақьабзқәа>>

"Сымаха, сышьаха, схы смыхьуа, сгәы смыхьуа ҳәа абас Анцәа уиашьапкны ухы уақәныҳәоит", - ҳәа лара данныҳәо илҳәо ажәақәа ҳалҳәеит Ханагәуа-Ԥлиа Агнесса.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак

Аетнографцәа ранҵамҭақәа ҳрызхьаҧшуазар, Иван Аџьынџьал ишиҩуаз ала, ашацәа рыхьӡала аныҳәара ахәышҭаараҿы имҩаҧыргон аилаџьи акәтаӷьқәеи адгаланы, ацәашьы аркны. Николаи Џьанашьиа иакәзар, ашацәа рӡатә ҳәа ианныҳәоз, Анана-шацәа ҳәа илымҵаныҳәон, ажә ӡатәгьы Анана лӡатәыс иҟарҵон, уи лыхьӡала иныҳәон.

Аныҳәаҩ Анана длыҳәон аҭаацәара рышьҭра иацылҵарц, ахшароура хьаадалтәырц, заҟаҩы ирыхәҭоу ахәыҷқәа иирц ҳәа иҩуеит аетнограф. Ари анцәахәы илмеихырхәо, лара илызкны имныҳәо Аԥсны ԥҳәыс дыҟам ҳәа иарҳәеит аҵарауаҩ уи иазкны анҵамҭақәа анеизигоз.

"Ахнышьыр аҵгара", мамзаргьы аԥсуа хәышҭааразы азгәаҭақәак>>

Уаанӡатәи аетнографцәа ранҵамҭақәеи иахьатәии еиҿурҧшуазар, иумбар залшом аиҭакрақәа. Анцәахәы дахьырхашҭхьо, лыӡбахә ахьырымҳәо адагьы, иаҳҳәап, иахьа иҟарымҵо иреиуоуп: ажә ҿа ӡатәыс ианырышьҭуаз, арӷьа лымҳа аахсаны, раӡын ҧарак нацҵаны илзырышьҭуан. Аҧҳәызба уи аџьма-цәа илаҳәаны, иҭаӡахны лыхәда иахаҵаны дыҧсаанӡа иныҟәылгалар акәын. Иахьа уи ахаҭыԥан, ажә-аӡатә иаҭнырхуа аԥарала иаархәо амацәаз ауп иныҟәырго.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Иахьа иаҳцәыӡуа ҳазлагаз аҭаацәаара аԥҵара атрадициақәа

Ҳәараҭахума, абзазара аҽеиҭакра ауп ас еиԥш аԥсахрақәа цәырызгогьы. Иаҳҳәап, ақалақь аҿы аҭаацәара иалало хымԥада арахә лызныҟәнаӡом, уи ахаҭыԥан ӡатәс илзыҟарҵоит амацәаз. Иазгәаҭатәуп, амацәаз аншьҭрала еимданы ишаарго. Ҳара ҳинформант дзыхныҳәо лан илылҭахьаз амацәаз ауп. Лара лыԥҳа аӡатә ҳәа аныҳәара лымылдеит ауп (уи лара лыҩнаҭаҿы данныҳәо макьана амацәаз лкӡам), аныҳәара анлымылдозгьы, уи амацәаз ықәҵаны дныҳәеит. Аԥҳәыс еиҳабы дыҟанаҵы, амацәаз лара лҟны иаанхоит.

Иазгәаҭатәуп даҽакгьы: уаанӡатәи анҵамҭақәа ишаҳдырбо ала, аҭаацәараҿы иагьаҩ аӡӷабцәа ыҟазаргьы, рызегь рзы, хаҵа ианцалак, хазы аӡатә нарышьҭуан. Ҳара ҳинформант лҿырԥштәы ҳгозар, уи изылҭаз лыԥҳа еиҳабы заҵәык лоуп.

Ҳаамҭазы ас еиҧш иҟоу аҿырҧштәқәа рацәоуп, избанзар зегьы ирылшом уи иацу акәамаҵамақәа рныҟәгара. Иҟоуп зынӡаск ишьҭазҵазгьы.

"Аҿа лниҵеит">>

Ауаҩы инхашьа-нҵышьа, ибзазара ауп изырҿио иара итрадициақәагьы, иқьабзқәагьы, ҳәарада ҳаԥсҭазааратә еиҭакрақәагьы, ҳахдыррагьы, ҳкультурагьы анырра рнаҭоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0