Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи

CC0 / / Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи
Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытәаахыс амшреи амшра зцу аҭыԥқәеи шыҟоу агәра ргоит аԥсуаа. Амшра закәуи амшра-ҭыԥ шалыркаауази лматериал аҟны дазааҭгылоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аҭаацәара ргәы бзианы, рыҩны-ргәара ыҟаны, амал азгьы ихәыдамкәа, иркуа-иршьҭуа рықәманшәалахо, рҳәатәы еиқәшәаны инзырхо амчра аԥсуаа "амшра" ҳәа иашьҭоуп.

Ауаҩы мшы

Ҳажәлар ихарҵон, иахьагьы ирҳәоит аҭаацәараҿы ауаҩы мшы дрылиаар ҟалоит ҳәа. Дымшны диир ҟалоит аӡӷаб, иара убас аҷкәын. Уи иԥсы ҭанаҵы аҭаацәара акгьы рыгхом. Аха иара дрылҵны, хазы дырҿыҵны дцар, ма идунеи иԥсахыр, усҟан дахьцо имшрагьы иццар алшоит. Убри ҳасаб азуны аҭаацәараҿы имшыз идунеи аниԥсахлак, иҭаацәа ирзырҳәауеит "имшра шәзынхааит".

зшьапы мшу ауаҩы - Sputnik Аҧсны
Шьапымшыла: амшра зцу ауаҩы иныҳәара

Аҭаацәараҿы ауаҩы мшы дрылымиааргьы ҟалоит. Аха рацәак иманшәаламкәа ишыҟаз акәымкәа, аҭаца ҿыц данааргалак, еиҳа русқәа рықәманшәалахо, ирыцааиуа иалагазар, "аҭаца мшы дрықәшәеит" ҳәа рзырҳәон.

Аԥстәы мшы

Амшра аҭаацәара ирзаанагар ҟалоит иара убас аԥстәы лиаа, арахә лиаа. Амшра ацзар ҟалоит аҭаацәара рыуак-рҭахык џьарантә ирзааигаз аласба, аԥстәы, мамзаргьы аԥсаатә.

Аԥсуаа арахә, ма аԥсаатә ҭира ианырго, ма аӡәы ҳамҭас ианирҭо, хәыцк алхны аҩны иаанрыжьуеит. Ахәыц аналырхуа: "Умшра аҩны иазынхааит!" ҳәа хынтә ирҳәоит. Ирҭиуа арахә иахоу ашаха аахыхны, аҩныҟа иааргоит, амшра тәымџьара имцарц азы.

Аҭыԥ мшы

Аԥсуаа аҭыԥ мышқәа ыҟоуп ҳәа агәра ргоит. Зегь реиҳа амшра ахьыҟоу арахә еизаны рыԥсы ахьыршьо, есааира тәарҭас-гыларҭас ишьҭырхыз аҭыԥ аҟноуп. Аҩны аргыларазы иалырхыз аҭыԥ ԥхьаҟа аԥшәмацәа рӷьацаразы иаԥсоу иаԥсаму аилкааразы ирыман азгәаҭарақәа жәпакы.

Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара - Sputnik Аҧсны
Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара

Аҭыԥ мшы алкааразы азгәаҭақәа

Аҩныргыларазы ргәы иақәшәаз аҭыԥ аҟны инаганы ахаҳә ду шьҭарҵон, нас иҩышьҭыхны ахыз аҵарҭәон. Ҩаха-ҩымш рышьҭахь инеины иаҵаԥшуан. Ахаҳә, рацәак идуум, ашышкамс еиқәаҵәақәа аҵазар, уи ҭыԥ бзиоуп, ҭыԥ мшуп, уҩны ургылар ҟалоит рҳәон.

Аҩны аргылара ишаҿу, иаалырҟьаны ашышкамсқәа афатә рҿыҵакны, уаантәи еиханы ацара иалагар, аҭыԥ амышьҭа цәгьоуп ҳәа аусура ааныркылон. Ус акәымкәан, ашышкамсқәа рыфатә рыманы аргылара ахьцо аҭыԥ ахь ааира иалагазар, аҿыцынхацәа ргәы шьҭнахуан, уи аҭыԥ аԥхьаҟа ирзыманшәалахон азы.

Зышьаҭа ркыз аҩны акәакьҭақәа зегь рҟны акәтаӷь аӡақәа рыхқәа аакылаԥҽны, маҷк ацәа аахыхны, уахынла инрыжьуан. Адырҩаҽны инеины иангәарҭалак, акәтаӷь кьыс амамкәа, ишынадыргылаз иҟазҭгьы, ари ҭыԥ мшуп, анхара-бзазаразы иманшәалоуп азырҳәон.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Г.Ф. Чурсин ианиҵаз аматериалқәа руак аҟны иарбоуп даҽа гәаҭашьакгьы. Аҩны аргыларазы иалырхуаз аҭыԥ аҿы аԥҳал азна аӡы ҟаҵаны идыргылон. Уахык уа игылан. Аԥҳал шҭәу иаанхар, уи ҭыԥ мшын.

Алаԥш аҽацәыхьчагақәа

Ауаҩы ихаҭа, иҩны-игәара алаԥш цәгьа иацәызыхьчо ракәны аԥсуаа ирыԥхьаӡоит аҵәамахә, арасамахә, аҽеимаа (агәашә азааигәара аандаҿы иахыршьуан), ахаҳә кылҵәа (уи ацаха аҵданы аҩны азааигәара икнарҳауан), ашыц, ашәчбӷьы (агәашә аҭаларҭаҿы, амаҵурҭа акәакьҭақәа, мамзаргьы аҩны уахьагәыдыԥшыло икнарҳауан).

Аҩны ҿыц андыргылоз, уи алаԥш иацәыхьчахаразы акәакьҭақәа рҿы иҭаржуан аҵәымӷқәеи арацәа ҽыҭқәеи. Агәра ргон, алаԥш арҭ амаҭәарқәа рымԥан иқәлом, аҭаацәара рымшра иаԥырхагахом ҳәа.

Ажәытәан аҩны ргыланы ианалгалак, изқәынхаз адгьыл "адгьыл ахылаԥшҩы", мамзаргьы "адгьыл аҳкәажә" лыхьӡала ҳәа аҭаацәара аҩнуҵҟа ауаса шьтәа шьны, амгьал ӡны, аныҳәара мҩаԥыргон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0