"Дуаҩуп, даамысҭашәоуп": аԥсуара азҵаарақәак ирызкны

© Sputnik / Томас Тхайцук"Дуаҩуп, даамысҭашәоуп": аԥсуара азҵаарақәак ирызкны
Дуаҩуп, даамысҭашәоуп: аԥсуара азҵаарақәак ирызкны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы жәытәнатә аахыс иҟан аилкаара "аамысҭашәара", даамысҭашәоуп ззырҳәоз ауаҩы аԥсҭазаара иарбан ганзаалакгьы, ацәгьаҿгьы абзиаҿгьы, аԥсыуаҵас дыҟоуп, ауаҩра илоуп ҳәа акәын иаанагоз. Аԥсуара гәыцәс иамоу абарҭ аилкаарақәа ртәы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.

"Ианиашьа ихаҵашьоуп"

Аамысҭашәара – ари аҭоурыхтә аамҭа ииасхьоу акәны иахәаԥшуеит. Аха макьанагьы иуԥылоит "дуаҩуп – даамысҭашәоуп" ҳәа ззырҳәо ауаа. Ас еиԥш ажәа рхы ианадырхәо, уахь иаҵадыркуеит ауаҩы ихымҩаԥгашьа, ицәажәашьа, иеилаҳәашьа уҳәа. Аамысҭашәара – аԥсуара иахәҭаку акоуп, аԥсуа ихаҿра аазырԥшуа ауп. "Уара уаԥсыуаӡами?" ҳәа аӡәы ианиоуҳәа, "уара ууаҩӡами", ма "ламыс умаӡами" ауп иаанаго. Аԥсуа даԥсыуаны дҟазҵо абарҭ ихымҩаԥгашьатә кодқәа роуп.

Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны
"Счеиџьыка уаӷрамгылан": аишәаҿы ахымҩаԥгашьа аетикет

Аамысҭашәара рныԥшуеит иахьа асценаҿи ныҳәақәаки раан ада иумбо аԥсуа маҭәа. Аԥсуа имаҭәа иара иныҟәашәа, иҟазшьа иақәшәо иҟаҵоуп: ахаҵа афырхаҵара дшазыхиоу аанарԥшуеит, аԥҳәыс ахәышҭаара знапаҿы иҟоу шлакәу унарбоит. Ажәытәангьы акәымжәи акабеи зегьы аӡахра рылшомызт, анхаҩы имаҭәа хазын. Аха "соуп" зҳәоз ахаҵа уи имамкәа ҟалашьа амамызт. Иахьагьы саԥсуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо есымша иныҟәимгозаргьы, ари амаҭәа иҩны имоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ишгәоуҭо ала, уи аиҳарак иршәырҵо иалагоит зықәрахь инеихьоу ауаа.

Аамысҭашәара иаҵанакуеит иара убас аҽықәтәашьа, хьыӡрацара. "Хьыӡрацара" - иара ажәа ахаҭа иунарбоит аԥсуа изы ахьӡ арҳара, "ахьӡ азы ацара" заҟа ихадароу. Нарҭаа репоси аԥсуаа рфырхаҵара-ҭоурыхтә ашәақәеи аҳәамҭақәеи уи даара ибзианы ирныԥшуеит.

Илҳан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Илҳан Аҩӡба: аԥсуара ҵароуп, угәаҿы аԥсы ҭазароуп

Аамысҭашәалоуп аԥсуа иаӷа дшизыҟоу. Даҽакала иуҳәозар, ианиашьа ихаҵашьоуп. Ианиашьа ихаҵашьоуп аб иԥа дызшьыз иҩны даниҵәахуа, аха "аринахысгьы џьара усҿамшәан" ҳәа дзышьҭуа. Ҳәарада, ари ииасхьоу аамҭоуп, избанзар аԥсуа иахьааимԥыхьашәалак ауаҩы дишьуамызт, иага диаӷазаргьы. Дишьуамызт уи ачара, агәырӷьара ахьцо џьара диқәшәаргьы, дишьуамызт абџьар имамзар, иҽыҵәҟьа аԥхӡы алҵны иҟазар, дилакьысуамызт.

Аԥҳәыс лыпату

Аԥҳәыс лыпату аԥсуаа еснагь иҳаракны иршьон. "Ала бзиа аԥҳәыс илеишуам" ҳәа ажәаԥҟангьы ирҳәоит. Иахьа ахаҵа иԥҳәыс лышьра аӡбахә уаҳауазар, уаанӡа уи ахаҵа изы ихьымӡӷуп ҳәа иԥхьаӡан. Зых пату ақәызҵоз ахаҵа анапы шьҭыхра акәым, ибжьгьы ирдууамызт аԥҳәыс лаԥхьа. Ауаажәларра рыҩнуҵҟа ус еиԥш зхы иаҭәазшьоз ахаҵа пату иқәӡамызт, џьара зҵаарақәак анырыӡбозгьы, игәаанагара акгьы анаагаӡомызт. Избанзар ахаҵа дыӷәӷәоуп ҳәа дыԥхьаӡан, убри инамадангьы аԥҳәыс лымчымхара ахархәара азин имаӡамызт. Ус еиԥш ала ишакәым зыԥҳәыс илызныҟәаз адгылара лоуан лҭаацәа рганахьала. Аха иара убри аангьы аилыҵрақәагьы маҷын. Иӷәӷәоу ԥынгылак ыҟамкәа аилыҵра ҟаломызт.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Анкьа аԥҳәыс дахьгылаз иԥхашьароу ажәақәагьы рҳәара, аисра рхы иаҭәаршьомызт. Аха уи аамысҭашәара аамҭа аныҟаз...

Ажәытә иҟаз зегьы иахьатәи аамҭа иузадкылом, ахаҵеи аԥҳәыси иаҳа-иаҳа рымчқәа шеиҟарахо ала, аха зышьҭахьҟа ихьамԥшуа иаԥхьаҟагьы ԥеиԥш изыԥшым. Ажәытәи аҿатәи реиҿыбаарала аԥсуара иреиӷьу аморалтә кодексқәа ҳаԥсҭазаараҿы хархәара зуҭаша маҷым. Ҳара моу, аӡәырҩы аныҟәаҩцәа иазгәарҭахьан аԥсуара ауаҩы иреиӷьу аҟазшьақәа илааӡаны дшыҟанаҵо. Убри инамадангьы аҳәаанырцә ахҵәара зықәшәаз аԥсуаа дара ахьнанагаз аҭыԥқәа рҿы аԥсуара аԥҟарақәа ахьуҵаша акультуратә хәышҭаарақәа аԥырҵеит.

Есма Ҭодуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа аԥсуараҟны ауаҩы ацәгьа иахьырхәра иазкны

Аԥсуаа иреиӷьыз еибашьцәан ҳәа иԥхьаӡан, аҭыԥҳацәа ракәзар, "аԥсуа ԥҳәысс дуоуааит" ҳәа ныҳәарак, зеиӷьашьарак аҳасабала ирҳәон, уи лхымҩаԥгашьеи лҭеиҭыԥши иреиӷьыз аҟазшьақәа рнубаалон.

Нас изышьҭаҳамхри иреиӷьу ҳҟазшьақәа, ҳаамысҭашәара иахьагьы аҳәаанырцәтәи аҵарауаа изакәызеи аԥсуара, иарбан ҟазшьоу абри аҩыза агәаӷь улазҵо ҳәа изызҵаауа? Егьаҩы уи рҵарц иалагаргьы, аԥсуа ида ҽаӡәы инаалом, уи ушьа-уда иалазароуп, уи мхәаҽыкәа иазырҳатәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0