Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа, аӡынра - зықьҩык рҟынӡа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳаирбаӷәаза аԥхасҭа ду аиуит. Уи акәша-мыкәша аминақәа шьҭаҵан. 1993 шықәса рзы иадыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.

аматериалқәа
Аамҭа алхра
Даҽа 20 материал
  • Мчыбжьык иалагӡаны
  • Мызкы иалагӡаны
  • Шықәсык иалагӡаны
  • Аамҭа зегьы иалагӡаны
Ажәабжьқәа зегьы
0