Ҭыжәба иашҭа: аԥсуа нхаҩы игәараҭа шеиҿкаау

Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Џьал ақыҭан инхо Витали Ҭыжәба иашҭаҿы еиҭаҳаны имоуп хкы рацәала ашәҭқәа, агәырбӷьыҵлақәа, апальмақәа.

Ацитрустә совнхара уаанӡатәи аиҳабы, агроном Витали Ҭыжәба дынхоит Очамчыра араион Џьал ақыҭан. Иара иҩны егьырҭ иаарылукаауеит. Аашықәса раԥхьа Витали ҷыдала иашҭазы аиҭаҳатәқәа Урыстәылантәи раагара далагеит, избанзар усҟантәи аамҭазы Аԥсны иара ииҭахыз аҵиаақәа изыԥшаауамызт. Иахьа иара иашҭаҿы ирызҳауеит агәырбӷьыҵлақәа, апальмақәа, ашәҭхкқәа рацәаны. Витали ашәҭқәа лассы-ласс драцәажәоит, ус ҟаимҵар, дара ашәҭра рцәыцәгьахоит ҳәа иԥхьаӡоит. Игәараҭа арԥшӡаразы аусурақәа зегьы ихала дырҿуп, уи сара сзы иԥсыршьагоуп иҳәоит иара. Витали Ҭыжәба игәаанагарала, аԥсуаа ргәараҭақәа зегьы ԥшӡаӡа, еиҿкааӡа иҟазароуп.

Иара 67 шықәса ихыҵуеит, шықәсқәак ҵуеит тәанчара дцеижьҭеи. Тәанчара ицахьоу ргәы ҿыӷьуеит, иҟарҵо рымам ҳәа зҳәо ыҟазаргьы, иара уи дақәшаҳаҭым. Иуҭаххар, унапы злоукша еснагь иҟоуп, еиҳарак ақыҭаҿы. Витали иаԥхьаҟагьы игәы иҭоуп макьана иашҭаҿы еиҭеимҳац аҵиаахкқәа рааӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0