Ҭырқәтәыла абна амцакра иахҟьаны ԥшьҩык ауаа ҭахеит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПожары в Забайкальском крае
Пожары в Забайкальском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла аладатәи ахәҭа 21 провинциа рҿы ԥхынгәы 28 азы амцакрақәа ҟалеит, џьара-џьара уажәыгь абылра иаҿуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Ҭырқәтәыла аладатәи ахәҭаҟны иҟалаз абна амцакра иахҟьаны ԥшьҩык ауаа ҭахеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла ақыҭанхамҩеи абнанхамҩеи рминистр Бекир Пакдемирли.

Уаанӡа иҳәахьан абнақәа рҿы амца арцәара ишаҿу апровинциақәа: Адане, Анталиа, Каисери, Киутахье, Мерсине, Мугле, Османие рыҟны. Иара убасгьы иазгәаҭан  хҩык шҭахаз 183-ҩык ааха шроуз.

"Мармарисе аҽаӡәгьы дҳацәҭахеит»ҳәа иҩуеит Пакдемирли Twiiter-иаккаунт аҿы.

Ахашаҽны апровинциа Анталиа агубернатор аҳәамҭа ҟалҵеит Манавгата араион аҿы абылра ду аҭыԥ шамоу. Аԥша ӷәӷәа иахҟьаны амца аҵакыра дуны иамҽханакит. Аԥшьашазы Манавгате амца ныркылеит.

Sputnik Ҭырқәтәыла адыррақәа рыла 63 мцакра рҟынтәи  43 ырцәоуп, 20 макьана хылаԥшра рзамҭацт.

Амца иахҟьаны аԥхасҭа роуит ақалақьқәа Адана, Османие, Анталиа, Мерсин, Мугла, Каисери, Маниса, Киутахиа, Балыкесир, Килис, Кахраманмараш, Коджаели, Кастамону, Сакариа, Стампыл, Коджаели, Хатаи, Бурса, Диарбурса.

РИА Новости адыррала Анталиа иҟоу Урыстәыла аконсулра  урыстәылаа аӡәгьы ԥырхага имам ҳәа азгәанаҭеит.
Ахада иусбарҭа иаҳәоит Таип Ердоган аҭагылазаашьа хылаԥшра шаиҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0