Ҳанбаҟәыҵуеи ҳхатәы зин ҳара ҳхала аилагара?

© SputnikАԥсышәала иҟоу аҩыра агха амоуп, ашрифтгьы еиҳа еиҵоуп.
Аԥсышәала иҟоу аҩыра агха амоуп, ашрифтгьы еиҳа еиҵоуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа шьаҭас измоу аҵаратә система хымԥада ишаҳҭаху, иахьа абызшәа ахархәара иацу апроблемақәеи дырзааҭгылоит Sputnik аналитик, ажурналист Нонна Ҭхәазԥҳа.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иҳамоу иуадаҩу апроблемақәа рацәоуп, аха ихадақәоу ируакуп аԥсуа бызшәа ахархәара иадҳәалоу азҵаатәқәа. Ари атема иалацәажәоит ирацәаны. Иҟоуп изҳәо аилацәажәара уажәшьҭа иазхоуп ҳәа.  Урҭгьы иашоуп: аилацәажәара акәӡам, аус ауп ихадароу, узлацәажәо алыҵшәа зеиԥшроу ауп. Аха ҳаазқәылаз ҳбызшәа ахархәараҿы иҳамоу ауадаҩрақәа рылацәажәарагьы маҷхо иалагеит, ихацырку аусқәагьы маҷуп.

Аҭагылазаашьа аҽаԥсахуам, ишыҟац иаанхоит. Ҳхатәы бызшәа, ҳаԥсшәа актәи аҭыԥ аҿы игылам. Азҵаара цәырҵуеит: "Зымаҵ ҳуа дызусҭада?" Аԥсуа жәлар аганахь иныжьны егьырҭ амилаҭқәа рымаҵ ҳуазшәа ауп иахьатәи ҳҭагылазаашьа шыҟоу. Аԥсуа ҳәынҭқарра иашьагәыҭу аԥсуа етнос ауп, аҳәынҭқарратә бызшәагьы аԥсшәоуп, уи Аԥсны Аконституциа 6-тәи ахәҭаҷ аҿы иарбоуп. Аха иабанӡанаҳагӡо?

Сҭамҧыл - Sputnik Аҧсны
Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

Ақыҭақәа рҿы макьана аԥсшәа уаҳауеит, аха уаҟагьы иалалахьеит атәым бызшәа, уи анырра ӷәӷәоуп. Ажәакала, ибжамҽамны ауп аԥсышәала ишцәажәо ҳаԥсуа қыҭақәа реиҳаракгьы. Аҿар уа иаангылаӡом, ақалақьқәа рахь еихеит. Ақалақь аҟны иарбан усҳәарҭазаалак, ахәыҷбаҳча инаркны иреиҳау аусҳәарҭа аҟынӡа, аҳәынҭқарратә бызшәа ишақәнагоу еиԥш афункциа нанагӡом, даара ихьысҳаны иҟоуп. Ари раԥхьаӡа иргыланы зинеилагароуп, ззин еилагоугьы аԥсуа жәлар ҳауп. Аха иџьоушьаша, еилазгогьы ҳара ҳхаҭақәа ҳауп, атәымуаа ракәӡам. Ҳбызшәа азакәан ишаҳәо еиԥш аус ауртә ҳныҟәаӡом. Иахьала, абра аԥсуаа ҳада аӡәгьы хара имаӡам. Аха ари аҟара даҽа бызшәак иаҳаршьцылаз, иҳаланхо, уаҵәы ҳбызшәа ахархәара ишахәҭоу азакәан ԥшра аҳҭар, иаҳҿагыло иалагар ауеит, "ҳара иаҳзеилкаауам" ҳәа. Уаҟагь дара ахара роуӡом, ҳара ианаамҭоу ҳбызшәа ҳазхьамԥшыр, ҳхы пату ақәҳамҵар.

Иҟоуп агәаанагара, уажәадагьы иҳаҩсхьоу аамҭақәа рзы ҳҭоурых аҿы аԥсуа бызшәа ахархәара ауадаҩрақәа азцәырҵуан ҳәа. Абри аҩыза агәаанагара ақәшаҳаҭхара мариам. Избанзар иахьатәи аҭагылазаашьа аҩызаҵәҟьа ҟамлацызт. Аԥсуаа ҳхала ҳбызшәа мап ацәкра ҳаҿуп. Уаанӡатәи аамҭақәа рзы, зегь раԥхьа иргыланы, ҳҳәынҭқарра аҵакырадгьылқәа уажәы изҭаку аҳәаақәа ирҭакымызт, урҭ еиҳа иҭбаан. Ҿырԥштәыс иаҳгап 150 шықәса раԥхьатәи аамҭа. Усҟан ҳхыԥхьаӡарагьы акыр еиҳан, аҵакырадгьылгьы еиҳан: Егры инаркны Шәачанӡа аԥсшәа акәын иуаҳауаз, нас акәын ҳашьцәа аубыхцәа, аедыгьцәа рбызшәа уаҳауа уаналагоз.

аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп

Ииашоуп, ҳадгьыл ахь есымша атәымуаа аанагон. Урҭ рылаԥш Аԥсны иадхаланы иҟан, аха рбызшәақәа араҟа рымҽхак рзырҭбаауамызт. Амшын аԥшаҳәа иаԥныз аҭыԥқәа рҿы ахәаахәҭартә-еилибакааратә функциақәак нарыгӡон акәымзар. Аԥсуаа ақыҭақәа ракәын изыдҳәалаз, дара-дара злеицәажәозгьы аԥсшәа акәын.

Иаҳхаҳмыршҭып насгьы усҟантәи аамҭақәа рҟынӡа ага, ашьха ықәырҭәаан аԥсуаа шынхоз. Аха акыраамҭа убас агәра ҳдыргон, иахьатәи ҳхыԥхьаӡареи ҳҵакырадгьыли ирҭагӡаноуп ҳашхәыцуа, зны ҳабдуцәа "Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа" шырҳәоз, уи ззырҳәоз ҳазхәыцӡом.

XX-тәи ашәышықәсазы ауп аԥсуаа дара-дара еилибакаагас даҽа бызшәақәак шьҭырхуа ианалага. Уаанӡа аԥсуаа иааидкыланы аԥсышәала акәын ишеилибакаауаз. Убри ауп ҳаиқәзырхазгьы, иахьа уажәраанӡа ҳазлааизгьы. Ҳазну аамҭазы аурыс бызшәа шҳалаҵәо еиԥш ахаангьы даҽа бызшәак ара имыҿиацызт. Уи ҳақалақьқәа рҿы аҽышьақәнарӷәӷәан, ҳқыҭақәа ирылало иалагеит. Ақыҭақәа рҿы ҩырак џьара иананырҵо, урысшәалоуп ишану, еиҳарак ахәаахәҭра иадҳәалоу. Аԥсуаа рыда аӡәгьы дынхаӡом, аха урысшәала иануп. Арҭқәа ахылаԥшра ҳәа акгьы рымаӡам, дара рхала ицоит…

Аурыс бызшәа мчыла аӡәгьы иҳадигалаӡом, ҳара ҳхатәы гәаԥхарала ауп зегьы шыҟаҳҵо. Аха уаҵәы иҟалоит ихьшәахар. Абызшәеи, акультуреи, ақьабзқәеи роуп ажәлар хаз жәларны иҟазҵо. Ҳбызшәа иахьа ҳхы ишаҳархәо иахьакәым ҳкылнагар алшоит.

Виачеслав Чрыгба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба: аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом

Зегьы ибзианы еилкааны иҳамазароуп ҳхатәы бызшәа ҳмилаҭтә хдырра агәыцә шакәу. Иззеилымкаауа еилызкаауа ирарҳәароуп, идеилдыркаароуп. Амала, иџьоушьаша, аԥсшәа здыруа роуп есымша ари апроблема иалацәажәо, иазхьаауа. Иззымдыруа акы рҳәо уаҳаӡом. Еилкаауп, иацәыԥхашьоит, аха апроблема шыҟоу, уи шыӡбатәу уҳәа изакәызаалак акгьы иалацәажәом. Ажәакала, ҳбызшәа апроблема, хбызшәа иахьахьуа бзиаӡаны избарҭоу иара абызшәа здыруа роуп. Аӡбара зылшогьы дара роуп.

Аӡбара ҳалагароуп ахәыҷы изырҳәо агарашәа инаркны, ашәҵатәы, афатәқәа, ахәмаргақәа, аҵара, ҳфольклор ирыдҳәалоу зегьы ҳхатәы бызшәала еиҵагыло абиԥарақәа рызнагарала. Урҭқәа рганахьала ҳаиҵаханы ҳаҟоуп. Иахьала ақалақьқәа рҟны аԥсуа хәыҷқәа зларааӡо атәым бызшәоуп, атәым культуроуп, атәым лакәқәа роуп. Арҭ зегьы ахәыҷы ихдырра ашьақәгылараҿы анырра ӷәӷәа шыҟарҵо зегьы еицырдыруеит. Зхатәы бызшәа ззымдыруа, зхатәы культура тәымбызшәала издыруа ауаҩы дышуаҩыбжоугьы идыру акоуп. Даҽакуп – уи аус ахьынӡадаҳуло. Дызхылҵыз иуаажәлар рбызшәа ззымдыруа ауаҩы иахьынӡахәҭоу дрыхәҭакны дзыҟалаӡом. Ари ус акәым ҳәа иамазкуа ҟалашт, аха аԥсшәа бзианы изныруа уи шиашоу, хьаҳә-хьачарада ибарҭоуп.

Ари ас изыҟало аҭак марианы иузҳәом. Акы мацара акәӡам, ара иеидҳәалоу афакторқәа рацәоуп. Ахдырра ахьынӡаҳараку, нас аҵара. Иахьала макьана иҳамаӡам инагӡоу аԥсуа школ. Иара изымдырӡакәа ахәыҷы ихдырра шәуеит ҩ-культурак рыбжьара: акы аԥсышәала идыргалоит, даҽакы – урысшәала. Ашкол аԥсыуазар, аԥсуа системала аус аус ауазароуп, иаурысзар – аурыс системала. Даҽкала иуҳәозар, аԥсуа бызшәа шьаҭас измоу аҵаратә система ҳҭахуп.

Аҵара асистема ахәыҷы ибызшәа анырра ӷәӷәа шанаҭо ара Аԥсны мацара акәӡам, Ҭырқәтәыла ҳдиаспора ахьеиланхогьы игәасҭахьеит. Уаҟагьы аԥсшәа ахьысҳахара иалагеит, аԥсуаа аҭырқәа школқәа ирҭало ианалага. Ашколқәа аадыртаанӡа аԥсшәа апроблема амаӡамызт. Аха иахьа уаҟа аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәоуп…

Аԥсуа бызшәала ицәажәо аԥсуаа Аԥсны инхома, аҳәаанырцә инхома, рхыԥхьаӡара иагхо иахьалагаз иахҟьаны ҳҿаԥхьа ицәырҵит даҽа проблемак – аԥсшәа тәым бызшәак еиԥш арҵаразы акурсқәа раартра, аметодикатә цхыраагӡақәеи арҵага шәҟәқәеи аус рыдулара.

Ҭамила Арышԥҳа арепатриантцәа аԥсуа бызшәа длырҵоит - Sputnik Аҧсны
Ҳазхымсыз аԥышәара: Ҭамила Арышԥҳа абызшәа арҵара апроблемақәа ирызкны

Тәым бызшәак аҳасабала ауаа аԥсшәа дырҵара – имариам зҵаароуп, избанзар ари ҳара ҳҟны иҿыцу хырхарҭоуп. Аԥсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны уи ирацәаны аус шадулоугьы, имаҷымкәа аусумҭақәеи ашәҟәқәеи шҭыжьугьы, системак аҳасабала макьана ишьақәгылам. Аԥсшәа инҭырҳәцааны иуҵартә еиԥш аметодикатә цхыраагӡақәеи арҵага шәҟәқәеи ҳамам. Аха сара агәра ганы сыҟоуп ҳбызшәа егьа уадаҩра иҭагылазаргьы, аҳәынҭқарратә ҵаҵӷәы аҭаны комплексла ҳазнеир, уи зҵар зҭаху аԥсуаа рыдагьы, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы шырацәахо. Ҳара ҳхы, ҳбызшәа пату ҳзақәҵар, зегьы пату ҳақәырҵо иалагоит.

Абызшәа ззымдыруа ҳҿар ҩныҵҟала рхы ҟәныршьоит. Ҳара ҳазыҟаҵазар, абызшәа дҳарҵартә еиԥш зегь рыла ҳахиазар, насгьы иахьырҭаху рдыруа амотивациа роур, изҵар зҭаху рхыԥхьаӡара рацәахоит. Ари, ҳәарада, аныхтә аҭахуп, аныхтә ахҭынҵатәуп. Ҳаамҭа иақәшәо арҵага шәҟәқәа аԥҵатәуп. Арҵаҩцәа рзын аметодикатә цхыраагӡақәа аҭахуп. Уи азы иҟаҵоугьы маҷӡам, аха иазхаӡом, араҟа махәҿеилыхла аус утәуп, арҵаратә система аԥҵараҿгьы, аҵаратә система аиҿкаараҿгьы. Иаарттәуп аԥсшәа арҵаразын ахә ахьыршәогьы, амала аҵара ахьырҵогьы акурсқәа. Ахә ашәара зылшогьы излымшогьы абызшәа дҳарҵарами. Акурсқәа еиқәыршәазароуп алабҿабатә хархәагақәа, арҵага шәҟәқәа, аудио-, видео-урокқәа рыла. Иахьатәи ауаҩы иҭахрақәа ирықәшәо. Убасҟаноуп аҿар аннеиуа, аҵара ргәы анақәыркуа. Насгьы, ирымҵар ада ԥсыхәа рымамкәа аҭагылазаашьа ҟаҵатәуп, ҳаԥсадгьыл аҟны инагӡоу тәылауааны рхы рбо иҟаларц азы.

Абызшәа арҵараҿы зегьы иреиҳау проблемоуп изҵо ииҵо абызшәа иахьеи-уахеи иахьимаҳауа. Иахьиҵо ауада дындәылҵыр, даҽа бызшәак наидыргалоит. Уи аамҭала абызшәа аҵара даара иароуеит. Абызшәа иуҵо зехьынџьара иануаҳауа даара уарманшәалоит, иуцхраауеит. Абызшәа зҵарц зҭаху ирыдгалатәуп I-тәи инаркны VII-тәи аҟынӡа аетапқәа рҵаразын арҵага шәҟәқәа. Аҿар рзы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ирықәшәо аурокқәа, ажәарқәа. Абарҭқәа зегьы рҟны иахьа макьаназы ҳаԥсыҽуп.

Ҳҳәынҭқарратә бызшәа ахархәара еиҳа-еиҳа иахьмаҷхо изыхҟьои изыдҳәалои апроблемақәа рацәоуп, аха уажәазы абра ихҳаркәшап. Ақәҿиарақәа рԥеиԥшзааит ҳҳәынҭқарратә бызшәа арҿиареи ахархәареи рҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыриашара знапы алаку зегьы!

Ажәабжьқәа зегьы
0