Аԥшьбатәи акласс аҵаҩы: згәабзиара уашәшәыру ахәыҷқәа ҳрыцхраауазароуп

© Sputnik Анжелика Бения Агәыҳалалара аурок 1-тәи ашкол аҿы
Агәыҳалалара аурок 1-тәи ашкол аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥшьгаралеи, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адгыларалеи абҵара 13 рзы Аԥснытәи ашколқәа рҟны имҩаԥган акциа "Агәыҳалалра аурок".

АҞӘА, абҵара 13 — Sputnik, Анжелика Бениа. Ахәаша, абҵара 13 рзы, адунеизегьтәи ақьиара амш аҽны, агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥшьгаралеи, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адгыларалеи Аԥснытәи ашколқәа рҟны имҩаԥган акциа "Агәыҳалалра аурок".

Аԥсны ашколқәа зегь рыҟнеиԥш Аҟәатәи актәи ашкол аҟны шьыжьаахыс агәыҳалалра иазку иаарту аурокқәа мҩаԥыргон.

© Sputnik Анжелика Бения Агәыҳалалра аурок 1-тәи ашкол аҿы
Урок Добра  - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра аурок 1-тәи ашкол аҿы

Арҵаҩцәа ашколхәыҷқәа ирыздырхиеит иҷыдоу апрограмма. Аклассқәа зегь рҟны иахьа, агәыҳалалра амш аҽны, лассы-лассы иуаҳауан афонд "Ашана" аӡбахә.

Аԥшьбатә акласс аҵаҩы Леуан Ақаҩба иҳаиҳәеит, иҭел аԥара анҭоу аномер 5050 ахь "Агәыҳалалра" ҳәа смс шыишьҭуа, убас иахьатәи амш иалагӡаны иара афонд ахь 150 мааҭ ишьҭит.

"Згәабзиара уашәшәыру ахәыҷқәа урыцхраауазароуп. Иахьа агәыҳалара иамшуп, иҳашьҭлароуп аԥарақәа ахәыҷқәа ргәы бзиахарц азы", – иҳәеит Леуан.
Аҟәатәи актәи ашкол адиректор Нонна Делԥҳа агәыҳалалратә урокқәа ашколхәыҷқәа рааӡараҟны хәарҭас ирымоу дазааҭгылеит.

"Иаҳуалуп згәы уашәшәыроу ахәыҷқәа рыцхыраара, милаҭс изтәызаалакгьы. Уи ҳашколхәыҷқәа иахьеилыркаауа угәы иамыхәыр ҟалом. Ари акциа иднарҵоит агәыҳалалра, агәыцқьара, ақьиара закәу", – ҳәа лҳәеит Делба.

Агәыҳалалратә урокқәа рышьҭахь, ашколхәыҷқәа зегьы еизеит ашкол актәи аихагылаҟны еиҿкааз «аџьармыкьаҟны». Уаҟа ахәыҷқәа ицәырыргеит рнапала иҟарҵаз еиуеиԥшым асахьақәа, акьанџьақәа, уҳәа егьырҭ анаплыхқәа.

Культурно-благотворительный фонд Ашана. - Sputnik Аҧсны
"Ашана": 3,5 шықәса рыла еизгоуп 25 миллион мааҭ, ихьчоуп 80 ԥсҭазаара

"Аиҵбыратәи аклассқәа рыҟны итәоу ахәыҷқәа ателехәаԥшрала лассы-лассы згәы рахәым, зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа анырбалакгьы азҵаарақәа ҳзырҭилоит, абри абас зихьи, ҳашԥаицхыраари ҳәа? Акласстә сааҭқәа ҳҽанырзыҟаҳҵоз, иҳазҳар агәыҳалалратә фонд "Ашана" аҟны аусура ҳалагоит ҳәа зҳәо ыҟоуп", – лҳәеит Аҟәатәи ашкол адиректор.
Иаарту аурокқәа дырҭааит афонд "Ашана" аиҳабы Џьевеира Колосова. Лара акциа ахықәкы хада дазааҭгылеит.

"Ари акциа анеиҿаҳкаауаз хықәкы хадас иҳаман ахәыҷқәа иахьатәи ҳаԥсҭазаараҟны агәыҳалалра ҭыԥс иааннакыло реилыркаара. Иахьа иаҳакәыршаны анегативтә информациа аизҳара иаҿуп.  Аха аԥсҭазаара абзиабареи агәыҳалалреи рыла еибаркуп, уи ҳахьчароуп, еизҳарҳароуп", – ҳәа иазгәалҭеит Колосова.

© Russia Today . Анжелика БенияАкультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Џьевеира Колосова
Урок Добра  - Sputnik Аҧсны
Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Џьевеира Колосова

Ашкол аҟны еиҿкааз "аџьармыкьаҿы" игылан ашколхәыҷқәа рнапала иҟарҵаз акәлаԥ ҷыда, зтауар зҭиуаз ахәаахәҭыҩцәа хәыҷқәа ироуаз аԥарақәа уахь иҭадыршәон. Урҭ аԥарақәа нас агәыҳалалратә фонд "Ашана" ахь ишьҭын.

Ажәабжьқәа зегьы
0