Италиа арратә хор ашәаҳәаҩцәа Афонд "Ашана" азы аԥара еизыргеит

© Sputnik Анжелика БенияИталиа арратә хор ашәаҳәаҩцәа Афонд "Ашана" азы аԥара еизыргеит
Италиа арратә хор ашәаҳәаҩцәа Афонд Ашана азы аԥара еизыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Италиа Арра-патриоттә хор "Coro Briata Alpini Tridentina" Афонд "Ашана" азы аԥара еизыргеит, иара убасгьы ацхыраара зырҭо афондқәа рсиа иахырыԥхьаӡалеит.

АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Италиа Арра-патриоттә хор "Coro Briata Alpini Tridentina" Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" азы аԥара еизыргеит, иара убасгьы ацхыраара зырҭо афондқәа рсиа иахырыԥхьаӡалеит ҳәа ҳзаалыцҳаит афонд апроектқәа рнапхгаҩы Сабина Зыхәԥҳа.

"Афонд Аԥсны" Гьаргь Торчуа ихәышәтәра 200 нызқь мааҭ аԥара азоунажьит

Лара лажәақәа рыла Италиа инхо Аида Сақаниаԥҳа афонд "Ашана" адырра алҭеит лара лыԥшәма ашәа ахьиҳәо ахор агәҭакы шамоу афонд "Ашана" ацхраара.

"Ахор ақәгыларақәа руак аан иӡырган афонд "Ашанагьы". Иазгәаҭан атәыла хәыҷ Аԥсны аҿы ишаԥҵоу ачымазцәа хәыҷқәа ацхыраара рызҭо Агәыҳалалратә фонд "Ашана". Аконцерт аҟны еизган 1000 евро (69 000 мааҭ)", — лҳәеит Зыхәԥҳа.

Аида Сақаниаԥҳа лажәақәа рыла ахор "Coro Briata Alpini Tridentina" Италиа ахы-аҵыхәа аконцертқәа мҩаԥнагоит. Аконцертқәа раан дара ацхыраара зырҭо афондқәа рзы аԥара еизыргоит. Аԥареизгара мҩаԥысуеит шықәсык аҩныҵҟа, нас уи еиҟараны еихыршоит.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Џьевеира Колосова иазгәалҭеит асеиԥш иҟоу алагалақәа аҵак ду шрымоу.

"Ас ахымҩаԥгашьа агәра унаргоит агәыҳалалра ҳәаа шамам, атәымуаҩ игәырҩеи игәаҟреи ицеиҩызшо ауаа зехьынџьара иҟоуп. Ҳара зегьы ҳаидгылар иҳалшоит аҳалалреи алашареи адунеи аҟны реизырҳара", — лҳәеит Колосова.

Культурно-благотворительный фонд Ашана. - Sputnik Аҧсны
"Ашана": 3,5 шықәса рыла еизгоуп 25 миллион мааҭ, ихьчоуп 80 ԥсҭазаара

Афонд "Ашана" хаҭала ҭабуп ҳәа ранаҳәоит Аида Сақаниаԥҳа, лара лыԥшәма Мауру Фассина, афонд азы аинформациа аиталиан бызшәахь еиҭазгаз Кан Ҭаниеи Дауҭ Логәуеи.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" – Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иацхыраауа, макьаназы иаку фондуп. Иара убас афонд амилаҭ, аҿар рдоуҳатә ҿиаразы асоциалтә программақәа еиҿнакаауеит.

Афонд 2008 шықәсазы ацхырааратә програамақәа фба рыла аусура иалагеит. Иахьа "Ашана" аҳәаанырцә иҟоу иреиӷьу ахәышәтәырҭақәа рахь ахәыҷқәа рышьҭра иацхраауеит, уажә ааигәа Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа уҳәа атәылақәа рахь ахырхарҭа ҿыцқәа аадыртит.

Ажәабжьқәа зегьы
0