Пекин-Аҟәа, мамзаргьы ҳазларгәаԥхазеи китаиаа

© Sputnik / Пирогов Юрий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНхыҵ Кавказ иҟоу ашьхатә мҩа.
Нхыҵ Кавказ иҟоу ашьхатә мҩа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Москва аилахәырақәа ҩба, китаитәи - China Railway урыстәылатәи – "Региональные проекты", рнапы аҵарҩит амеморандум. Аганқәа 2016 шықәса рзы иазыԥхьагәарҭеит Нхыҵ Кавкази Аԥсни еимаздо автомобилтә мҩеи аихамҩеи рышьҭаҵара.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik.

Китаи хықәкны иҟанаҵеит Абырфын мҩа ду, Китаии Европеи еидызҳәалоз аиҭашьақәыргылара. Абри апроект анагӡаразы атәыла Акоммунисттә партиа азыхиоуп миллиардла аԥара ашәара.

Китаитәи аинвесторцәа Аԥсны

КАР анапхгара Китаии Европеи еидызҳәало ахәаахәҭратә мҩақәа рлысуа атәылақәа ринфраструктура аҿиара аԥара алагалара ишазыхиоу атәы иалацәажәоит акьыԥхь аҟны аҵыхәтәантәи аҩеижәашықәса. Уажәы ари азҵаара Аԥсынгьы иадҳәалахеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа. - Sputnik Аҧсны
Витали Габниа: амҩа ҿыц Қырҭтәыла еиҳагьы ҳавнагоит

Ииасыз амчыбжь азы Москва аилахәырақәа ҩба, китаитәи — China Railway урыстәылатәи – "Региональные проекты", рнапы аҵарҩит амеморандум. Аганқәа 2016 шықәса рзы иазыԥхьагәарҭеит Нхыҵ Кавкази Аԥсни еимаздо автомобилтә мҩеи аихамҩеи рышьҭаҵара.

Китаитәи аҳәынҭқарратә еилакы иагәиҭоуп инвесторк аҳасабала атранспорт апроект х-миллиард доллар аланагаларц. Ашьха-рекреациатә ҵакырадгьыл "Ельбрус" аҿиара акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп

Ҟабарда-Балкариа, ақалақь Баксан аҟны аҳаирбаӷәаза аргылареи, Очамчыра ақалақь аҟны амшынбаӷәаза аргылареи.

"Аԥсны иазгәанаҭахьеит апроект аганахьала аинтерес шамоу, алацәажәарагьы ишазыхиоу", ҳәа ҳкорреспондент илеиҳәеит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

Иара иажәақәа рыла амҩа ҿыц Аԥсны азы алшамҭақәа рацәаны иаанартуеит.

"Иҟоуп агәаанагара – Аԥсны иахьазы иҭымиҭшәарроуп ҳәа. Ус акәӡам. Ҳара иҳамоуп ҩ-хырхарҭак: Ԥсоуҟа – Урыстәыла аганахь; Егрыҟа – иҳаӷоу Қырҭтәыла аганахь. Атәылаҟны акрааҵуеит хылаԥшра змам апроцессқәа мҩаԥысуеижьҭеи. Ҳауаажәлар Қырҭтәылаҟа ҽыхәышәтәраҳәа ицоит, ҳџьармыкьақәа рҟны атауарқәа реиҳарак уахьынтәи иааргоит. Арҭ апроцессқәа раанкылара уадаҩуп аконкуренциа узаԥымҵозар. Атранспорттә проект ҿыц ҳара Қырҭтәыла ҳавгара алнаршоит, иара убасгьы иалнаршоит абазақәеи ҳареи ҳаинырра аизырҳара, аԥара арҳара, анаплакқәа раԥҵара, ауааԥсыра усурҭаҭыԥла реиқәыршәара", — иҳәеит Габниа.

Ҳтәыла иалсны Китаи жәлар рреспублика иазыԥхьагәанаҭоит европатәи аџьармыкьахь анеира алзыршо амшын мҩа аартра. Убриала еиҭашьақәыргылахоит Абырфын мҩа ду мраҭашәаракавказтәи ахәҭа аиҭашьақәыргылара.

Сиань – Себастопалис – Константинополь

Абырфын мҩа ду аҭоурых ахы ыҵнахуеит ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа аҩбатәи ашәышықәса аахыс. Китаи ажәытә аҳҭнықалақь Сианынтәи акараванқәа ацәҳәырақәеи ашьхақәеи ирхысны, ҳаамҭазтәи Узбекистан, Ҟазахсҭан, Иран, Ирак, Сириа, Ливан рҵакырадгьылқәа ирылсны Римтәи, нас Византиатәи аимпериақәа рҳәаа аҟынӡа инаӡон. Ари аҵак ду змаз амҩа еиднакылон Азиеи Европеи, излысуаз атәылақәа зегьы рзы афеида ҟаҵо.

Абжьаратәи ашәышықәсақәа раан Византиеи Персиеи нас Арабтәи Ахалифат реиҿагылара аамҭазы, акаравантә маршрутқәа рыԥсахит, Иран иахыкәшаны ицо иҟарҵеит. Убри аамҭазоуп ианцәырҵ мраҭашәаракавказтәи амҩахәҭақәа хԥа, «аҩадатәи амаршрут» ҳәа хьӡыс изауз. Амҩа Лаба ду, Зеленчук ду, Ҭеберда аӡышьҭрақәа ирываршәны Санчареи, Цагенкери, Клыхәреи ашьхахыҵырҭақәа рахь ихаланы Аԥсныҟа, амшынеиқәатә баӷәазақәа Себастополиси (Аҟәа-аред.) Питиунти (Пицунда-ред.) рахь илбаауан.

Ахыҵхырҭақәа иазгәарҭоит Абырфын мҩа ду аҩадакавказтәи аетап ҩбаны ишаны Даринтәии Мсымтәии.

Ҳаџьымба Урыстәылаҟа амҩа ҿыц алгаразы ахарџь ҟалап ҳәа дақәгәыӷуеит

Бӷажәбеи Лакобеи рредакиа иахыгоу "Аԥсны аҭоурых" ашәҟәы аҟны Мсымтәи амҩа аҿдырԥшуеит Мамисонтәи ашьхахыҵырҭеи Егры аиҩхааи Аҟәатәи арратә мҩеи ирываршәны ицо амҩа. Даринтәи амҩа џьоукы Клыхәратәи ашьхахыҵырҭахь иадыркылоит, аҽаџьоукы – Санчаратәи.

Абырфын мҩа ду ахархәара аман XV ашәышықәсанӡа. Аибашьрақәа жәпакы ирыхҟьаны Китаинтәи Европаҟа амҩа аанкылан. Османтәи аимпериа хылаԥшра анаҭо иалагеит мрагыларатәи Амшынбжьара ахәҭа. Европатәи аҭуџьарцәа амшынмҩа ҿыц алырхит. Уаанӡатәи акаравантә мҩақәагьы каԥсеит.

Ирхашҭыз амҩа

Арра-Аҟәатәи амҩа Амшын Еиқәа аҿықәи Нхыҵ Кавкази еиманадон аханатәгьы. Амҩа аура 275 километра инаӡоит.

Иара шьҭаҵан азежәтәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы, арратә техника амҩангарази аекономика аҭахрақәа рзи. Иара ахы акуеит Маҷара аҳаблан, Маҷареи Кәыдри аӡиасқәа ирываршәны ицоит. Ақыҭақәа Мархьаул, Ҵабал, Амыҭҟьал, лаҭа, Ажара, Чхалҭа ираҩсуеит.

Абри аганала ауаа рныҟәарақәа ахаҳәаамҭа ҳәа изышьҭоу аангьы имҩаԥысуан. Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Клыхәра ихыҵны иныҟәон абырзен ҭуџьарцәа. нас, афбатәи ашәышықәсазы, абрахь илыргеит Абырфын мҩа ду ахәҭак. Аԥсуа ҳәынҭқарра аамҭақәа рзы ашьхахыҵырҭақәа рҟынтәи ауп ақьырсианра аҽшаланарҵәоз. ХIV – XVI ашәышықәсақәа рзы абри амҩала Нхыҵ Кавказҟа ицон италиатәи аҭуџьарцәа, Ахьы Орда ашҟа атауарқәа згоз.

Ҳаџьымба: аидареи апассаџьырцәеи рымҩангара ҭышәныртәалатәуп

Амҩа акыр аамҭа аус ауан, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан анемец гәыԥ "Едельвеис" арахь ахыҵра иацәшәаны иԥыржәаанӡа. Иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргыламкәа иҟоуп.

Альтернативатә мҩа

Аԥсны анапхгара иазгәарҭоит амҩа амаршрут азхәыцрақәа шаҭаху. Урыстәылатәии китаитәии аганқәа Амеморандум анапаҵаҩраан иазгәарҭазар, амҩа Азау адәҳәыԥш (Ҟабарда-Балкариа) аҟынтәи Ҟәбантәи аиҩхаала (Ҟарачы-Черқьесск) ашьха ихыҵны Кәыдрытәи аиҩхаа иҭаршәны амшын аԥшаҳәахьы икылсуеит ҳәа, атәыла анапхгара уи ҽа хырхарҭак аҭара ргәы иҭоуп.

Витали Габниа иажәақәа рыла амҩа Тҟәарчал аганахьала иаароуп.

"Ҳара иаҳуалуп амаршрут Тҟәарчалтәи амҩа иақәшәо ашьҭра. Тҟәарчалтәи амҩеи Аҟәатәи арратә мҩеи рҽеиԥшьны Нхыҵ Кавказҟа ихыҵуеит. Ҳара ҳазыхиоуп ҳҵарауаа иҳадыргало егьырҭ альтернативатә планқәа рыхәаԥшрагьы. Аха иаадыруазароуп амҩа абаӷәаза адҳәаларада ҵак шамам. Абаӷәаза акәзар Очамчыра акәхоит иахьыҟало – уоуп амшынҵа ахьылаҟәу. ус анакәха, тҟәарчалтәи амҩа зегь раасҭа иманшәалоуп. Иахьазы аԥсра иаҿу ақалақь аиҭарҿиарагьы аиуеит", — иҳәеит Габниа.

Ус шакәугьы аԥсуа ҵарауаа ирымоуп рхатәы жәалагалақәа. Аԥсны Агеографиатә еилазаара Апрезидент Леуард Барцыц ицәыригеит альтернативатә проект – Аҷандара ақыҭа мраҭашәаратәи аган иавганы Ԥсҳәы ақыҭа иалсны Нхыҵ Кавказтәи Ԥхиаҟынӡа акаҵәара ихыганы ашьҭра.

Ари амаршрут еиҳа иманшәалоуп, 40 километр заҵәык роуп иҟоу иҳәеит Барцыц.

"Ари азҵаара жәашықәсаҟа ҵуеит аус адааулоижьҭеи. Агеологиатәи агидрофизикатәи ҭҵаарақәа мҩаԥаагеит. Аԥсны ахсаала анаԥаҳҵоз Аԥсны зегьы ҭаҳҵааит. Ҳара ҳгәаанагарала ари авариант иреиӷьу ауп", — ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

"Уахьынтәи Риҵеи Краснаиа полианеи рахь амҩа ноугар ауеит. Ашьха рекреациатә система аԥҵара алшоит", ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

Арии егьырҭ амаршрутқәеи ирыхәаԥшраны иҟоуп аусутә гәыԥ аҟны. Аԥсуа екологцәеи аҵарауааи ирылшоит иара аусура аҽалархәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0