Гыцба: аԥснытәи аҿар Ҭырқәтәыла аҵара мап ацәыркыртә ҭагылазаашьа ыҟам

© Фото : страница Инара Гицба в FacebookАзинмчра змоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба.
Азинмчра змоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азинмчра змоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба иаҳзеиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы иалагалоу асанкциақәа инарымаданы аԥснытәи астудентцәа рҭагылазаашьа.

АҞӘА, жәабран 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Азинмчра зманы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба иаҳзеиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы иалагалоу асанкциақәа инарымаданы аԥснытәи астудентцәа рҭагылазаашьа. Аԥснытәи аҿар Ҭырқәтәыла аҵара мап ацәыркыртә ҭагылазаашьа ыҟам иҳәеит иара.

"Иахьатәи аамҭазы хҭыскгьы аҭыԥ аман иҟам ҳастудентцәа рганахьала иакәымк руит ҳәа, Аԥсны Урыстәыла аҩызак аҳасабала асанкциақәа ишрыдгылазгьы", — иҳәеит Инар Гыцба.

Азинмчра зманы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба иҳәеит иахьатәи аамҭазы иалагалоу асанкциақәа инарымаданы аԥснытәи астудентцәа ахаҭабзиара ҳарак змоу адыррақәа роура ԥырхага аман иҟам ҳәа.

"Иара убасгьы астипендиақәа рганахьалагьы макьаназы еиҭакрак ыҟан иҳаздырам", — иҳәеит иара.

Инар Гыцба иажәақәа рыла Ҭырқәтәыла аҵара рҵоит 80-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа Аԥснынтәи.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Ҭырқәтәыла иазнауа асанкциақәа Аԥсны адгылоит

"Сара сыԥҳа Сҭамбул ақалақь аҟны ауниверситет дҭоуп. Асанкциақәа рылагалара ашьҭахь иарбанызаалак уадаҩрак данымиацт. Ауниверситет анапхгара урыстәылатәи апаспортқәа зманы уаҟа аҵара зҵо астудентцәа еизганы ирарҳәеит шәарак рымамзаарц", — иҳәеит Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентка лаб Гиви Допуа.

"Ҳаӡӷаб Сҭамбул аҵара лҵоит. Астудентцәа рганахьала аҽа знеишьак ҟалеит ҳәа сызҳәом. Ҳәарада лышьҭра маҷк ҳаркәыназынуан, аха зегь маншәалоуп", — лҳәеит Инна Чантуриаԥҳа.

Аԥснытәи астудентка Анжела Патараиаԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит асанкциақәа ԥырхагак лырҭаны ишылымбо атәы.

"Иҟаз шыҟац иҟоуп, астепендиа зауа ишиоуц иоуеит. Проблемак ҳаманы ҳаҟам аҵара аганахьала", — лҳәеит лара.

Инар Гыцба иҳәеит аԥсуа студентцәа урылаҽхәартә ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0