Муса Қапба ажәытә аԥсуа ҳәамҭа игәалаиршәеит

Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо Муса Қапба дреиуоуп аԥсуаа жәытә-натә аахыс идырҿиоз аҿаԥыцтә ҳәамҭақәа еиқәзырхаз.

 Аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рҿы еиқәханы иҟаз аҳәамҭақәа, ажәабжьқәа, алакәқәа, ашәақәа, амифқәа, алегендақәа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рҟынӡа аӡәгьы ианиҵаӡомызт. Ирацәоуп ҳазхьымӡаз, аха еиқәырхоугьы маҷӡам. 

Убри аҟнытә ирацәаӡаны аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа ианҵаӡамкәа иӡит. Аха иахьа макьана еиқәханы иҟоугьы маҷӡам. Аԥсуаа рқьабзқәа, рбызшәа, рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа уаҟа реиқәхара зыбзоуроу дара етникатә гәыԥла рҽеидкылан иахьеицынхоз ауп. 

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҿы еиқәханы иҟоуп: аҭацаагарашәақәа, аергьаа рашәа, арашәараан ирҳәоз ашәақәа, аҭәҳәақәа. Ачара амҩаԥгара иадҳәалоу ашәақәа "Уарадеда", "Аураашьа" макьанагьы ибзианы рхы иадырхәоит. Аԥсуаа рҿаԥыцтә фольклор ажанарқәа рҟынтәи уа еиқәханы иҟоу маҷӡам: амифологиатәқәа, аҭоурыхтәқәа, аҭоурыхтә – ҵабыргқәа уҳәа. 

2011 шықәсазы Сҭампыл ианаҳҵаз хылҵшьҭрала исаӡу Муса Қапба жәлар рҟәыӷара зныԥшуа алакә: "Хаҵак дызқәымгәыӷуаз иԥа аԥҳәыс ҟәыш дахьизааигаз иабзоураны иара ақәылацәа рҟынтәи иԥсы аиқәырхара шалыршахаз" зҳәо атәы еиҭеиҳәеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0