Бадраҟ Аҩӡба
Аԥсуа бызшәа адунеи аҟны иҟоу абызшәақәа рыбжьара зегь реиҳа ақәра змоу ируакуп. Аԥсуа бызшәа аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ашҟа иаҵанакуеит. Аԥсуа бызшәа аҩыра аиуит XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы, аҵарауаа рыбжьара иҟоуп агәаанагара, аԥсуа бызшәа аҩыра аман XII ашәышықәса инаркны ҳәа. Иахьа, аԥсуа бызшәа еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ахархәара маҷуп. Уи зыхҟьаз еилаҳкаарц азы аҵарауаа ҳрыҿцәажәеит.
Аԥсуа бызшәа иахьатәи аҭагылазаашьа
Аҳәынҭқарратә бызшәа азҵаарақәа рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Ҭали Џьапуаԥҳа лгәаанагарала, аԥсуа бызшәа иахьатәи аҭагылазаашьа уадаҩ зыхҟьо ак акәны иҟоуп уи ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасаб ала ианыҟала ашьҭахь имҩаԥгатәыз аусқәа ахьынагӡам ауп.
"Аԥсуа бызшәа иамоу ауадаҩрақәа зегьы еицаадыруа роуп. Аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратәуп ҳәа азакәан ҳадаҳкылеит. Уи иаармарианы иҳадҳамкылаӡеит, апроект аныҟаҳҵеи ианрыдыркылази жәашықәса рыбжьысит. Еснагь иҟан аӡҵаара – ҳабанӡазыҟаҵоу уи, ҳбызшәа иабанӡалшо ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасаб ала аус ауа аҟалара. Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа цәырҵыцԥхьаӡа ауадаҩрақәа рыӡбара ҳҽазаҳкуан. Уажәы, хымԥада, ҿыц аусура ҳаналаго, избоит, ииасыз ашықәсқәа рыҩнуҵаҟа иҟаҳҵаран иаҳзыҟамҵаз шырацәоу, аиҳарак аҵыхәтәантәи жәашықәса. Ианаамҭаз иҟаҳамҵаз иахьа акыр ҳаруадаҩуеит", — азгәалҭеит лара.
Абызшәадырыҩ Ева Ҭаниаԥҳа агәра ганы дыҟоуп иахьа аԥсуа бызшәа аҿиаразы еиӷьу аамҭа Аԥсны ишыҟамлац, аха уи аԥынгылақәа шаиуа иахьынӡахәҭоу азҿлымҳара ахьаимуа аҟнытә.
"Зегь реиҳа ихадароу ҳхатәы бызшәа ҳхәыҷқәа агәбылра дыркроуп. Ҳхатәы бызшәала ацәажәара азин анҳамамыз аамҭа ыҟан, уи сара схаҭа исхызгахьеит, сақәшәахьеит. Усҟан, ақырҭқәа рхаан аԥсышәала ацәажәара ҳаналагалак, ари абызшәа афҩы гоит анырҳәоз сара сықәлацәа астудентцәа егьырҭ амилаҭқәа анаҳхыччозгьы ыҟан. Уажәы, аԥсышәала ацәажәараз аӡәгьы даҳԥырхагам", — азгәалҭеит аҵарауаҩ.
Ева Ҭаниаԥҳа лгәаанагарала, аԥсуа бызшәа ахархәараҿы иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо адунеи аҿы иҟоу абызшәақә реилалара ауп, насгьы ҳҳәынҭқарра аҭагылазаашьа цәгьа ахьамоу иахҟьоит.
Аҵарауаҩ, аиҭагаҩ Октаи Чкотуа дызлахәаԥшуа ала, аԥсуа бызшәа амилаҭтә ԥсҭазаараҿы ихадароу аҭыԥ ааннакылоит.
"Иахьа ҳбызшәа иамоу аҭагылазаашьа зегьы иаадыруа ауп. Зегь раԥхьаӡа игылоу проблеманы иҟоу абызшәа ахархәара ахьамам ауп. Абызшәа ахархәара аноумҭалак ашьшьыҳәа иӡуа иалагоит. Уи ыӡцыԥхьаӡа даҽа бызшәак уамҽханакуеит, уи уаманы ицоит. Збызшәа зцәыӡыз, ҩба-хԥа беиԥара рышьҭахь имилаҭгьы дацәыӡуеит, уи адиаспораҿы ҳҭагылазаашьа иҿаҿаӡа иаҳнарбоит. Аԥсны, абызшәа ҩба-хԥа беиԥара еиҳаны ицозаргьы, аҭагылазаашьа ҽеим", — иҳәеит Чкотуа.
Иҟаҵатәузеи аԥсуа бызшәа арҿиаразы?
Ҭали Џьапуаԥҳа иазгәалҭоит, ахатәы бызшәа арҿиаразы, ԥхьаҟа аԥеиԥш аиурц азы имҩаԥгатәу аусқәа акыр ирацәоуп, урҭ рахьтә — ашколқәа рҟны амаҭәарқәа аԥсшәахь риагара.
"Ашкол аҟны агуманитартә маҭәарқәа аԥсшәахь ииаганы аԥсуа школны рыҟаҵаразы иаԥҵоу апрограмма ҩажәашықәса ахыҵуеит. Ҩажәашықәса раахыс абри азҵаара ишахәҭоу еиԥш аӡбара аимуӡеит. Убарҭқәа ҳрылагоит аханатә", — ацылҵеит лара.
Уи иазгәалҭеит 1997 шықәса рзы абызшәа азакәан апроект аныҟарҵоз, арҵагатә литература аҟамзаара ԥынгыла дус ишыҟаз, аха иахьа аҭагылазаашьа уи аганахь ала ишеиӷьхаз.
"Иахьа, еидкылазар, иҟаҵоу рацәоуп убри аахыс, аҵарауаа аус руан, иҟоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирызку ажәарқәа ҟаҵоуп, аҭыжьра иазхиоуп аорфографиатә жәар. Ажәакала актәи акласс инаркны ажәеизатәи аҟынӡа ашәҟәқәа актәи аҭыжьра ҟаҵоуп абызшәа ззымдыруа дырҵаразын, уи аҟынтәи иахьатәи ҳҭагылазаашьа еиӷьуп", — лҳәеит уи.
Уи анаҩсан, абызшәа арҿиаразы Џьапуаԥҳа ихаданы илыԥхьаӡоит акомпиутер аԥсышәала ахархәара аиуртә аҟаҵара.
"Иахьа, акомпиутер ахархәара аԥсшәахь аиагара зылшо ауааи сареи аиԥылара ҳаман. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны сазыԥшуп аԥсуа бызшәала акомпиутер аҿы ахархәаразы апроект. Иахьазы акомпиутер аҟны ашрифтқәа акыр иманшәалам, иаку астандарт ҳамам. Сгәы иаанагоит аԥсуа бызшәа арҿиараҿы уи цхыраагӡа бзиахап ҳәа", — азгәалҭеит лара.
Аԥсны ахада иабжьгаҩ лажәақәа рыла, иҟоуп агәҭакқәа аԥсуа бызшәа арҿиара афонд аусура маҷк аԥсахыра.
"Иахьа афонд аҟны иззааҭгылам, хшыҩзышьҭра змам аганқәа маҷымкәа иҟоуп, убарҭ иҵегь инарҭбааны, хшыҩзышьҭра аҭаны аус рур ҳҭахыуп. Иҵегь иахылаԥшыр ҳҭахыуп аиҭагара азҵаара, иара убас ҳзакәанқәа аԥсышәала ицәажәо иҟарҵарц. Ҳагәҭакқәа ируакуп абызшәа ззымдыруа ауаа рзы арҵаратә центр аусура ашьаҭаркра", — лҳәеит Џьапуаԥҳа.
Аҵарауаҩ Ева Ҭаниаԥҳа лажәақәа рыла, адунеи аҟны иҟоуп бжь-нызқь инарзынаԥшуа абызшәақәа, аха урҭ рахьтә ахархәара змоу акыр еиҵоуп.
"Аԥсуа бызшәа ахархәара змам абызшәақәа рахь иаҵанамкырц азы уи ныҟәызго ҳмилаҭ рхыԥхьаӡара еизырҳатәуп. Ҳбызшәа еиқәхарц азы, зегь раԥхьа иргыланы, уи ашҟа иҳамоу агәыбылра аҿар адыркра аҭахыуп", — лҳәеит абызшәадырыҩ.
Аҵарауаҩ Оқтаи Чкотуа агәра ганы дыҟоуп аԥсуа бызшәа ахьчара –Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны аԥсадгьыл ахьчара иаҩызоуп иахьа.
"Аԥсуа бызшәа мап ацәызкыз имилаҭгьы мап ацәикит иԥсадгьылгьы мап ацәикит. Уи азы ҳбызшәа иахьабалак ҳхы иаҳархәар ауп. Ҳаиҳабыра рахь схы нарханы исҳәар сҭахыуп ҳҵара асистема аура-зоуроу ԥсышәазар ауп. Ҳара аԥсуа школ ҳәа зыӡбахә ҳҳәо ԥсыуа школӡам. Ахәыҷқәа хәышықәса аԥсшәа дҳарҵоит ауп, анаҩс, ҳара ҳбызшәа мап ацәкны, даҽа бызшәак ала рҵара иацырҵоит, уи ҳара ҳбызшәа аихшьаароуп иаанаго. Ашколқәа Егры инаркны Ԥсоунӡа аԥсышәала аҵара аҵара ианалагалак инаркны аԥсшәа еиқәхеит ҳәа иҳаԥхьаӡар ауеит", — иажәа хиркәшеит Оқтаи Чкотуа.