АҞӘА, хәажәкыра 24 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аусзуҩ Асҭамыр Барганџьиа иазгәеиҭоит иаарласны ИГИЛ алахәылацәа Шьамтәылан раҵахара аҭакс еиуеиԥшым атәылақәа рҟны атеррористтә актқәа рыҟаҵара иалагар алшоит ҳәа. 100 000-ҩык рҟынӡа зланхо ақалақь Моленбек (аиҳарак ԥсылманцәоуп) аекспертцәа атеррористцәа "ирыӡрыжәырҭоуп" ҳәа азырҳәоит, иҳәеит иара.
Барганџьиа иажәақәа рыла 2004 шықәса рзы Мадрид аҭыԥ змаз атеррористтә акт мҩаԥызгазгьы Моленбектәқәа ракәын. 2015 шықәса рзы аҭыжьырҭа Charlie Hebdo иақәлазгьы абри ақалақь иалҵыз роуп.
Барганџьиа иҳәеит Бриуссель хәажәкыра 22 рзы имҩаԥгаз атерактқәа ззырхаз ИГИЛ иаҿагылоу атәылақәа руааԥсыреи рнапхгареи рыршәароуп.
"Уажәы аҭҵаара иаҿуп хәажәкыра 22 рзы иҟалаз ахҭыс амзызқәеи ахылҿиаақәеи, уи Салах Абдеслам иаанкылара иадызҳәалогьы ыҟоуп", — иҳәеит Барганџьиа.
Асҭамыр Барганџьиа иациҵеит, Евроеидгыла аштаб-квартиреи НАТО аофиси ахьыҟоу ақалақь аҟны атеррористтә акт амҩаԥгара иаанаго "шәара шәнапаҵаҟа акгьы ыҟам" ҳәоуп.
"Иахьазы иарбанызаалак хҳәаак аҭахны иҟам атерроризм адунеи зегьы аҽахырҵәаны ишыҟоу атәы, адунеижәларбжьаратә шәарҭадара шыҵнашәаауа, аҳәаақәа шамам", — иҳәеит Барганџьиа.
Акгьы зхараӡам ауаа ҭахоит. Адунеи атәылақәа зегьы рҽеизакны иаҿагылароуп иарбанызаалак атерроризм ацәырҵра ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҳаиртә баӷәаза Завентем ахыбраҟны аԥжәарақәа ҩбеи бриуссельтәи аметро аҩныҵҟа аԥжәарақәа ҩбеи рҟны аԥсыҭбарақәа ҟалеит. Ишазгәаҭоу ала аҳаир баӷәаза ахыбраҟны иҭахеит 30-ҩык инареиҳаны, жәаҩыла ахәрақәа роуит.