00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсуа цәаҩа змоу аҳамҭаҷқәа рымаӡа

Анапаҵаҩра
Езаҭ Џьениа аҳамҭаҷқәа рыҟаҵашьа амаӡақәа ҳзааиртит, еиҭеиҳәоит дара шыҟарҵо апроцесс.

12 шықәса иалагӡаны, Езаҭ Џьениа аус ицызуеи иареи иуадаҩыз аусура аҟынтә, имариаз атехнологиа ахь ихьаԥшит. Иҟарцо ахыԥхьаӡареи, ахкқәеи рацәоуп аҟнытә иманшәало атехнологиақәа рхы иадырхәоит. Езаҭ Џьениа иусҭарҭа ҳаныныҩнала инаркны иара аҳамҭаҷқәа рыҟаҵашьа амаӡақәа ҳзааиртит.

"Раԥхьаӡа иргыланы идеиак ансызцәырҵлак ашьҭахь снатәаны апластилин ала аԥшынра ҟасҵоит, анаҩсан ашҟә аҵаҳҭәоит, уи ашьҭахь асиликони аформопласти ахархәарала акомпозициа ачаԥашьа шьақәҳаргылоит, уи анаҩс ауп хыԥхьаӡара рацәала асувенирқәа рыҟаҵара напы анаҳаркуа. Ашҟә иалху аилыршьышьы аныҟаҳҵо хылаԥшра аҭахуп, аӡы ашҟә аналырыԥсо ашьшьыҳәа иалырыԥсуеит, ианаҭаху аҷаб алырҭәоит, аформа ашҟә анҭарҭәо ампышҭақәа ҟамларц азы ашьшьыҳәа иҭарҭәоит, аформа аԥырхага аиур аҳамҭаҷқәа ԥхасҭахоит. Ашҟә аншәлак ашьҭахь, аформа иҭыганы, ҷыдалатәи амаруга ахархәарала ԥырхага ахьамоу зегьы ҳрыцқьоит, анаҩсан ашҟә арҩҩаразы 20 сааҭ инарзынапшуа аԥечка иҭаҳҵоит, уи ашьҭахь хынтә иаҳшәуеит, аҵыҳәтәантәи ацәаҳәаҟны ҳанааилак алак ахьаҳшьуеит", — ҳәа шьаҿа-шьаҿала атехнологиа еиҭеиҳәеит аҟаза.

Езаҭ Џьениа иажәақәа рыла, иҟарҵо аалыҵ зегьы ахаҭабзиара аҳаракыраз амаругақәа еигӡаӡом.

Езаҭ Џьениа иусумҭақәа уанрылаԥшуа аҟаза бзиа, зусура ҭакԥхықәралеи бзиабаралеи иазнеиуа инапы ишыҵаҵыз убартә иҟоуп. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0