Аԥҳалқәа, аҟәџьалқәа, аҳаԥшьақәа ажәытәла рыҟаҵашьа

Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥы ашәаԥыџьаԥи ауахәамеи дагәылаԥшуа дынхоит Аԥсни уи анҭыҵи зыхьӡ неҩхьо анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа.

Руслан Ԥандариа диит аҟазара пату ақәызҵоз аҭаацәараҟны. Руслан Ԥандариа иаб Владимир Ԥандариа иниаамҭаз араионтә газеҭ "Бзыԥ" аҟны акыр шықәса аус иуит фотокорреспондентс. Иара иҭыихуаз асахьақәа реиҳарак ажәлар рыбзазара аазырԥшуаз акәын. Убас Руслан дхәыҷаахыс аҟазара агьама икит. Иара иажәақәа рыла асахьаҭыхреи, аҿыханҵареи, ахаҳә аус адыулареи инапы анаиркы иҭаацәа рыҷкәын ибзиабара ициҩшаны авагылареиацхыррареи ирҭон.

"Сҭаацәа убысҟак авагылареи ацхыраареи сырҭеит исылымшозгьы сылсыршон. Раԥхьа сырзеилкаауамызт дара, аха сара абнатә амҿы, ахаҳә, анышәаԥшь аагара санаҟәымҵӡа рҿарҭеит. Саб имашьына ҭаргыларҭа аҟазарҭа ҭыԥ сзалыихит", — ҳәа игәалаиршәоит Руслан Ԥандариа.

Руслан Ԥандариа ажәбатәи акласс аҟны дыштәаз ашкол аҟнытә иҽӡаны абнахь дцон, уахьынтә аҩныҟа иааигон амҿы, анышәаԥшь. Усҟан иара аус адулашьа издыруамызт аҟнытә излаилшоз, игәы ишианаҳәоз ала аус ҟаиҵон.

Руслан Ԥандариа иаԥиҵеит аҭаацәара ԥшӡа, иара драбуп х-ҩык ахшаара, аҭаацәаратә уси аҟазареи заманала еидибалоит. Игәҭакқәа анагӡаразы алшареи, амчи, агәабзиареи изхап ҳәа игәы иаанагоит. Иаарласны иара напы аиркоит амҳаџьырреи аԥсуаа рышәарыцашьеи аазырԥшуа асахьақәа рҭыхра.


© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Ԥандариа аус здыиуыло анышәаԥшь ааигоит Хәаԥ ақыҭа аҟынтә, иара еиҳа иманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡоит.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
1/11
Руслан Ԥандариа аус здыиуыло анышәаԥшь ааигоит Хәаԥ ақыҭа аҟынтә, иара еиҳа иманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнышәаԥшь аус анадууло иҟәамшәышәӡа иҟазар ауп, унапы иамкуа.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
2/11
Анышәаԥшь аус анадууло иҟәамшәышәӡа иҟазар ауп, унапы иамкуа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥҳал, аҟәџьал, аҳаԥшьа аҟаҵаразы иаҭаху анышәаԥшь раԥхьа алыхәҭа икылхтәуп, напыла ирацәаны ирҟәҷтәуп.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
3/11
Аԥҳал, аҟәџьал, аҳаԥшьа аҟаҵаразы иаҭаху анышәаԥшь раԥхьа алыхәҭа икылхтәуп, напыла ирацәаны ирҟәҷтәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнапҟаза инапы аӡаҿы лассы-лассы ирбааӡоит, избан акәзар анышәаԥшь инапаҿы иԥхазароуп.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
4/11
Анапҟаза инапы аӡаҿы лассы-лассы ирбааӡоит, избан акәзар анышәаԥшь инапаҿы иԥхазароуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Ԥандари аус ахьиуа ауасҭарҭаҟны ихы иаирхәо амаругақәа инапала иҟаҵоуп.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
5/11
Руслан Ԥандари аус ахьиуа ауасҭарҭаҟны ихы иаирхәо амаругақәа инапала иҟаҵоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАгоначртә стол ииашаны уадтәалароуп, аҽы уақәтәоушәа.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
6/11
Агоначртә стол ииашаны уадтәалароуп, аҽы уақәтәоушәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥҳалқәа, аҟәџьалқәа, аҳаԥшьақәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа анышәаԥшь иалихоит анапҟаза.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
7/11
Аԥҳалқәа, аҟәџьалқәа, аҳаԥшьақәа еиуеиԥшым амаҭәарқәа анышәаԥшь иалихоит анапҟаза.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнышәаԥшь иалху амаҭәарқәа баразы уахыки-ҽнаки аԥхараҿы иҟазар ауп
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
8/11
Анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа баразы уахыки-ҽнаки аԥхараҿы иҟазар ауп
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥхалқәа амаа риҭоит, иаҭаху аформагьы анапҟаза иалихоит.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
9/11
Аԥхалқәа амаа риҭоит, иаҭаху аформагьы анапҟаза иалихоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнапҟаза инаԥкымҭақәа ауаџьаҟ ду иҭаиргылоит. Атемпература быжьшәы инаркны зқьы градус рҟынӡа ықәиргылоит. Анышәаԥшь ибзианы ибылтәуп
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
10/11
Анапҟаза инаԥкымҭақәа ауаџьаҟ ду иҭаиргылоит. Атемпература быжьшәы инаркны зқьы градус рҟынӡа ықәиргылоит. Анышәаԥшь ибзианы ибылтәуп
© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Ԥандариа акыр шықәса аҟазара инапы алакуп, ахаҳәи, амҿи, анышәаԥшьи аус рыдиулоит.
Анапҟазаҩ Руслан Ԥандариа - Sputnik Аҧсны
11/11
Руслан Ԥандариа акыр шықәса аҟазара инапы алакуп, ахаҳәи, амҿи, анышәаԥшьи аус рыдиулоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0