Тамара Воронова: Стиви Уандери Стинги рааԥхьара сгәаҳәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукТамара Воронова.
Тамара Воронова. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит аџьаз-фестиваль "Черноморская Ривьера" квинтета Brill Brothers, Тамара Воронова, Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, ашәаҳәаҩцәа Нана Черкезиеи Асҭамур Кәыҵниеи злахәыз.

Ареспубликаҟны аџьаз иацтәи амши уаҵәтәи амши дҳазрылацәажәеит Аԥсны ииз иааӡаз, иахьазы Варшава инхо ашәаҳәаҩ Тамара Воронова. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит ҳкорреспондент Владимир Бегунов.

—Ишԥарыдыркыло аԥсуа публика аџьаз?

— Акыр шықәса ҵуеит сара арахь аџьаз аазгоижьҭеи. Исҳәар сылшоит ауаа ибзиои ибзиами цәгьамкәан еилдыргоит ҳәа. Актәи аконцерт аибашьра ашьҭахь Аурыс театр ахыбраҟны имҩаԥаагеит, шәачатәи биг-бенд ааԥхьара аҳҭеит. Инеиз ауаа иргәаԥхеит. Нас ааԥхьара рыман Краснодар, Москва, Польша… рҟынтәи аколлективқәа. Аџьазтә фестиваль аидеиа сазхәыцуеижьҭеи акырҵуан, аха еиҭаҵра ҳамамкәа ҳаҟан. Сынтәа иалҳаршеит афестиваль амҩаԥгара. Аишьцәа Брильаа ажәалагала лырҭеит Аҳәнҭқарратә филармониа анапхгаҩы Есма Џьниаԥҳа афестиваль амҩаԥгаразы. Адгылара ҳаиҭеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит.

Сынтәа рацәак инеиҵыхны иаҳзымҩаԥымгазаргьы агәрагара ҳамоуп ҳаԥхьаҟа зегьы ишаҭаху иҟалап ҳәа. Агәра згоит афестиваль аҳәаақәа шарҭбаауа, амузыкантцәагьы шаднаԥхьало.

— Изеиԥшрахозеи "Черноморская Ривьера-2"?

— Ҽааны, иара абри аамҭазы имҩаԥысуеит. Макьана исыздырам ааԥхьара заҳҭо. Зегьы афинансқәа ирыдҳәалоуп. Ахьӡ "Черноморская Ривьера" ҳаԥсахуеит, избанзар иара Амшын Еиқәа аԥшаҳәа зегь аднакылоит, ҳара ҳзышьҭоу Аԥсны азы брендк еиԥшхаша ахьӡ ауп.

— Аԥаразоужьра заҭахузеи, абилеҭқәа рыхә ауснагӡатә иахәԥсаӡами?

— Мап. Амузыкант ихьӡ ахьынӡаҳараку аҟара иҳаракуп игонораргьы. Уи иацуҵар имҩа ахә, инхара ахә, аперсонал ирзушәо аԥара… абилеҭқәа рыхәԥса ҳараҳкыр ҳҭахым. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит аԥара змоу рыдагьы егьырҭ Аԥсны ауааԥсырагьы ҳконцертқәа рахь рнеира. Сынтәатәи ҳмузыкантцәа ракәзар гонорарда аус руан.

— Афилармониа азал залышәхи?

— Аԥсны иалухыша азалқәа рацәам: афилармониа, аурыс театр, астадион. Аклубқәа ахьҳамам сгәы иалоуп, акамератә концертқәа ахьымҩаԥугаша.

— Аҟәа акәымкәа Гагра ма Пицунда залшәымхи? Уаҟа аԥсшьаҩцәа рацәоуп, еиҳа ауаа адшәымԥхьалоз.

— Мап. Ҳара атәыла ауааԥсыра роуп афестиваль ззаҳкыз. Аԥсшьаҩцәа, урҭ нас…

— Варшава агастрольқәа мҩаԥыжәгома, альбомқәа ҭшәыжьуама?

— Альбомк ҭыҵхьеит. Аҩбатәи азырхиара саҿуп. Ҵыԥх Польшеи Урыстәылеи рыдагьы сыҟан Германиа, Италиа, Франциа.

— Иазырыԥхьаӡоит аџьаз знаало англыз бызшәа заҵәык ауп ҳәа. Шәара уи шәышԥахәаԥшуеи?

— Ҳәарада англыз бызшәала еиҳа еиӷьуп, аха сара аиталиа бызшәа, апартугал бызшәа, афранцыз бызшәа рылагьы исгәаԥхоит. Срепертуар иалоуп аԥсышәалагьы ашәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0