Сақаниа: амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа инагӡоу ахатәы хыбра амазар ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа
Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуа ҟазацәа русумҭақәа ахьцәырырго амилаҭтә галереиа ахыбра иамоу ауадаҩрақәеи, аҧхьаҟатәи аҧеиҧши далацәажәеит амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа, Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа даниҿцәажәоз.

- Иахьа аԥсы шԥаҭоу амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа. Аус замуазеи, апроблема абаҟоу?

— Аԥсны иабаҟам апроблема? Зегь раԥхьаӡа иргылана апроблема ыҟоуп: ҳхәыцрақәа рыҟны, афинанстә аҟамзаара, иара убас иааҳакәыршаны иҟоу ацәгьахәыхәрақәа. 2004 шықәса раахыижьҭеи агалереиа иазоужьраны иҟаз аԥарақәа иазмоужьқәа инкылоуп.

Картина Екатерины Гуськовой - Sputnik Аҧсны
Екатерина Гуськова лцәыргақәҵа Аҟәа имҩаԥысит

Асовет Еидгыла аныҟаз иҟан аргыларақәа ианрылагоз шықәсы рацәала иаламго иаауан. Уажәы сшахәаԥшуа ала абри агалереиа ахыбрагьы асовет ҳәынҭқарра иамаргылаӡакәа иаҳзыннажьызшәа ауп ишыҟоу. Уи нықәырԥшны иуҳәозар, аха иаартны уалацәажәозар ари азҵаара изыхҟьо ҳекономика аҭагылазаашьа ауп. Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа рҽырыԥсаххеит аӡәыкымкәа, дара ирҭахымкәа иҟам рыхьыӡ зҳәо хыбра бзиак инеиҵыхны аргылара, аха иахьа уажәраанӡа аҟазацәа русумҭақәа еидызкыло, иахьцәырырго хыбрак ҳамам.

Сергеи Багаԥшь Аԥсны данахагыла Кәыдрытәи аҩхааҟны иҟаз ахҭысқәа, уи ашьҭыхьтәи аамҭазы иманшәаланы изыҟамлеит. Ишаадыруа ала, 2008 шықәса инаркны ауп Урыстәыла аҳәынҭқарра афинанстә цхыраара аҟаҵара ианалага, аха уи амҩақәеи, ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи рахь ицеит. Ус иаанхеит аҳәынҭқарра иатәу аҟазаратә хыбра хәыҷык игәыгәҭажьны.

Уи еилкаауп, ахәыҷқәа рааӡарҭа ыҟамкәа аҟазаратә галереиа аҟаҵара шиашам. Урыстәыла ахада Владимир Путин ицхырааҩ Аԥсны дааны даныҟаз, еизарак аҿы сықәгыланы исҳәеит  "амилаҭҭә галереиа еиҿкааны иҳамазар, аурысқәа аԥсшьара иаауа идҳарбон ҳҟазацәа русумҭақәа, иара убас аурысцәа рцәыргақәҵақәа ҟаҳҵалон. Ажәакала ҳҟазара еибаҳарбалон", — ҳәа. Абас анысҳәа ашьҭахь, аинтерес изцәырҵит. 

- Ус акәзар аус абанӡанеихьо? 

— Сара иахьынӡыздыруа Владимир Путин иҟынӡа инеигеит исҳәаз, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба алхрақәа рышьҭахь Москва усуратә визитла даныҟаз, Путини иареи анеиԥыла ашьҭахь, владимир Путин ицхырааҩ Ушаков аҭел дысзасит, аргыларақәа хырқәшахоит ҳәа сеиҳәеит. Ари аус ыҟан 2014 шықәсазы, иахьагьы ҳгәыӷуеит аиҭашьақәыргыларақәа рнапы адаркып ҳәа. Аха 2015-2016 шықәсқәа рзы аинвестициатә программа иазыԥҵәаз аԥара мааит ҳәа агәаҩра сымоуп, иаазгьы аргыларақәа иаанкылаз ирыцҵоуп, уаанӡа ирыдкылаз апроектқәа хацыркуп. Аус злоу, ихадаратәу акы акәны иҟоуп иааиуа ашықәс азы аинвестициатә программа алаҵара агалереиа аргылара.

- Аҳарџь рацәаны иаҭахума ҳаамҭа иақәшәо агалереиа аргылара? 

Художница Амра Чичибая - Sputnik Аҧсны
Амра лдунеи лашара

— Хымԥада, аҳарџь рацәаны иаҭахуп. Аҳарџь рацәаны изаҭаху уи ауп, иаҳзоуражьыз ахыбраҟны еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҟан амедицинатә центр, аполиклиника уҳәа ыҟан. Урҭ аҭыԥқәа анрырҭа ашьҭахь агалереиа иарҭеит, усҟан иҟарҵеит ахыбра, аихагылақәа рыбжьара идырӷәӷәуеит, аха ус иаанхеит 2004 шықәса раахыс. Аха усҟан идумыз ахыбра ҳазхозҭгьы, иахьа аҽакала ҳахәаԥшуеит. Иҟоу аҭыԥ ҳхы иархәаны иаҳҭахуп инеихых-еиҵыхны иҟоу аргылара бзиа, ашьҭаҵарҭеи, аҵәахырҭеи аманы. Араанӡа ҳанааи амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа инагӡоу ахатәы хыбра амазар ауп. 

- Шаҟа асахьаԥҵақәа шьҭеи агалереиа аҟны иахьа? 

— Ԥшь-нызқь инарыцны асахьаԥҵақәа ҳамоуп. Уаҟа иалахуп Бубнова лҵакыра иаҵанакуа русумҭақәа. Уи анаҩсангьы афотоархив рацәаны иҳамоуп. Ус уаҩы иҳәар ҟалоит, агалереиа аҟны афотоархив усс  иамои, аҟазара иадҳәалаӡам ҳәа, аха иазгәасҭарц сҭахуп адунеи аҟазараҿы зышьҭа анызҵаз лфотоқәа аҵак дуӡӡа амоуп ҳәа иҵәахны иҳамоуп. Иҵәахны иҳамоу асахьақәа рцәыргақәҵа ҟаҳҵоит ҳәа уалагар, уажәтәи аҭыԥ ала, иҳазхаӡом аҭыԥ. Уи азы иаҳҭахуп еихыху, идуу агалереиа. Иаҳхәап, иҳамоуп ԥшь-нызқь асахьаԥҵақәа ҭыԥк рзаҳаԥшаап, аха иахьеи-уахеи аус зуа ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа абашьҭаҳҵои, иабаҳӷои. Урҭ аҵәахырҭа рҭахуп. Иахьа иҳамазар ацәыргақәҵатә залқәа иҳалшон ҳара Третиаков ихьӡ зхыу Урыстәылатәи агелереиа аҟынтәи аусумҭақәа раагара, рцәыргара. Аха амузеи дуқәа аусумҭақәа уара ишыуҭахыу еиԥш иуырҭаӡом. Иара иақәнаго аҭып ыҟазар ауп, иара убас акарантинтәи ареставрациатәи уадақәа. 

- Сурам Михаил-иԥа агалереиаҟны зусумҭақәа шьҭада?

— Ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, Франциа аус зуаз, шьҭрала аҳцәа ирышьҭраз Ачба-Шервашидзе иусумҭақәа 225 цыра инархыҳәҳәо иҳамоуп ҳәа. Иааиҭииз 500 усумҭа абжа Қарҭ иааныркылеит, абжа ҳара еиқәырханы иҳамоуп. Аибашьра ашьҭахь, Боча Аџьынџьал ибзоурала, раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба аԥара ахшәааны даҽа ҩ-усумҭак Аԥсныҟа иааган.

Аԥсны асахьаҭыхцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа. - Sputnik Аҧсны
Џьниа: хаҭалатәи ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара асахьаҭыхҩы инаҭо рацәоуп

Ари аус иацҵазар алшоит, избан акәзар ирлас-ырласны акәымзаргьы Ачба-Шервашиӡе иусумҭақәа аҭира иқәдыргылоит. Убас ианыҟало азы аҳәынҭқарра азыхиазар ауп урҭ раахәара. Ҳалуашь, Катлиаров, Писарчук, Сегаль, Гулиа, Ешба уҳәа ирацәаҩӡаны русумҭақәа шьҭоуп. Уаҟа иҟоуп ахәша, агуашь, аӡшәыгала иҭыху аусумҭақәа. Иарбан аамҭоу изҵазкуа аусумҭақәа ҳәа уахәаԥшуазар, иҟоуп 1894 шықәса инаркны иахьанӡа ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа еиднакылоит ҳфонд. 

- Иахьа, асахьаԥҵақәа ишьҭаҵаны иахьшәымоу шәҭагылазаашьа зеиԥшроузеи? 

— Аҭыԥ ҳзалхуп, ахыбра ҳамоуп, аха иҟаҵаӡам иахьынӡахәҭоу. Иахьа ҳахьыҟоу асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҟны агалереиа азыҳәан иазхиаӡам. Доусы ҳахьтәоу ҳуадақәа рыҟны аусумҭақәа ргыланы иҳамоуп, ари рыцҳара дууп, насгьы цәгьахәыхәроуп. Ас еиԥш аусумҭақәа рызныҟәара аҭыԥ амамзар ауп агалереиа аҿы. Ауаа иҩнало-иҩныҵуа иахьыҟоу ауадаҟны зыхә ҳараку, аҵакы змоу аусумҭақәа шьҭаҵаны иҟалаӡом, избан акәзар чмазарак ҩнаргалар алшоит, усҟан аусумҭа хәыҷы-хәыҷла аԥхасҭахара иалагоит.

- Амилаҭҭә галереиа аиҿкаара ианбалага? 

— Амилаҭҭә галереиа ақәра рацәаны иамоуп. Хәыжәкырамза 1964 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аԥсны амилаҭҭә галереиа ҳәа ашә аатит. Усҟан иаатыз агалереиа аетнографиатә музеи иадҵаны иҟаҵан, ихазны аҳәынҭқарратә галереианы иҟалеит 1994 шықәсазы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0