Аҩбатәи акиберцәгьоуҩгьы ашьауӷа иқәҵоуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла атәылауаҩ Владимир Трифонов ашьауӷа иқәҵоуп
Урыстәыла атәылауаҩ Владимир Трифонов ашьауӷа иқәҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсык инацны амҩаԥысра иаҿыз IP-технологиақәа русхк аҟны ацәгьоуразы аӡбра хыркәшахеит.

АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik, Владимир Бегунов. Хышықәсеи хәымзи аколониаҿ аҟазаареи ҩеижәижәаба нызқь ахараԥсеи– абри аҩыза ашьауӷа иқәҵоуп Урыстәыла атәылауаҩ Владимир Трифонов.

Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аколониаҟны мышкы хымш иаҩсуеит. Урыстәыла атәылауаа ҩыџьа рганахьала хараԥсак шакәугьы ишьақәыргыло аӡбара усқәа еихшан ҩбаны. Жьҭаара 19 рзы Сергеи Сигов ашьауӷа иқәҵан.

Владимир Трифонов иакәзар, ишьауӷа алыркааит жьҭаара 20 рзы. Аԥсны Апрокуратура хада асаит аҟны иарбоуп Сигови Трифонови Аԥсныҟа хаз-хазы ишааз. Урҭ ишааргаз IP-хархәагақәа. Аинтернет рҽамаданы жәларбжьаратәи иалҵуа аҭеласрақәа аҳаҩныҵҟатә ахь ииаргон. Трифонов аҳатә еилахәыра "А-Мобайл" 250 нызқьмааҭ рҟынӡа аԥхасҭа аиҭеит, Сигов — 600 нызқь рҟынӡа.

"Иалалоу аҭеласрақәа абонент изы ихәыда-ԥсадоуп, убри аан аҳатә еилахәырақәа ироуеит апроцентқәа. Еиуеиԥшым аилахәырақәа рыбжьара ибжьаҵоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны урҭ апроцентқәа ршәоит. Трифонов аҭеласрақәа исим-картахь ииаган, операторк иаҳасабала урҭ аԥарақәа "А-мобайл" ацынхәрас иара игон", — иҳәоит аҳатә еилахәыра ахаҭарнак.

Ахара здырҵо иакәзар, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҟны аҭакқәа аныҟиҵоз иазгәеиҭеит амыруга аинтернет-дәқьан аҿы 80 нызқь мааҭ ҳәа иаасхәеит ҳәа. Иара ипланшет аҟны ирбаз ашәҟәеимдара иаанарԥшит Трифонов асеиԥш ацәгьоура уаанӡагьы ишыҟаиҵақәахьаз Ермантәыла, Таджикисҭан, Украина, Қырҭтәыла.

Аӡбара шьауӷаны иалнакааз ахәҭаҷ ала ахараԥса 30 нызқь мааҭ ыҟоуп. Трифонов ахара идуп ҳәа ихы иԥхьаӡом, аха ирласны дахьоурыжьуа деигәырӷьоит. Владимир Трифонов иажәақәа рыла гәҭакны имоуп автомобиль "Тойота Витс" ҭины ахараԥса ишәарц.

Ԥшьышықәса аколониаҿ аҟазаареи ҩеижәижәаба нызқь ахараԥсеи автомобиль "Фольксваген Пассат" аилахәыра "А-Мобайл" аҭареи – абри аҩыза ашьауӷа иқәҵоуп Урыстәыла егьи атәылауаҩ Сергеи Сиговгьы.

Сигов аҽа ҩымз дҭакхоит ашьауӷа ихгаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0