Германиа инхо аԥсуа ԥхәызба Хьыбла Амҷыԥҳа лҭоурых

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБерлин, архивтә фото
Берлин, архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахаҭарнакс аҟазаареи, ауниверситет аҿы аусуреи, аҭҵаарадырреи реилагӡара шымариамгьы, аки-аки еиԥырхагамхо еиҿылбаауеит, уахьыналыхәаԥшуа аҟәымшәышәреи ахаареи знубаауа ҳџьынџьуаҩ Хьыбла Амҷыԥҳа.

Sputnik, Нонна Тхәазԥҳа

Шәышықәсеи бжаки инарзынԥшуа изхылахьоу Кавказтәи ахҵәара иахҟьаны, атәым ҳәынҭқаррақәа ирылаԥсоу ҳауаажәлар, ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа аланхоит Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра ахи аҵыхәеи. Ҭырқәтәыла аҵкыс рхыԥхьаӡара маҷзаргьы егьырҭ амрагыларатәи аҳәынҭқаррақәа Шьамтәыла, Иорданиа, Мысра уҳәа инхоит ҳадиаспора.

© Фото : Хьыбла Амҷыԥҳа лархив аҟынтәХьыбла Амҷыԥҳа
Хьыбла Амҷыԥҳа - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Амҷыԥҳа

Кавказтәи ашьхарыуа жәларқәа рдиаспора ахыԥхьаӡара даараӡа ирацәоуп арҭ атәылақәа рҿы, аха реиҳараҩӡак ахьынхо аҭырқәа идгьыл аҿы ауп. Амала еиуеиԥшым аекономикатәи, аполитикатәи, ауаажәларратәи ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ирацәаҩны иагоит Европаҟа, еиҳарак Германиа, Голландиа, франциа, Англиа, Швецариа, автриа, Норвегиа, Еиду Америкатәи аштатқәа рахь.

Маврик Начҟьебиеи иҷкәыни. - Sputnik Аҧсны
Уи ихы ахтниҵеит ари адгьыл

Абасала, Европа иаҵанакуа аҳәынҭқаррақәа рҿы ишьақәгылеит аԥсуа диаспора. Уаҟа ишьақәгылаз ҳдиаспора реиҳараҩык ахьынтәицаз Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла уҳәа мрагыларантәи шакәугьы, европатәи ҳадиаспора даҽа ҟазшьак амоушәа иҟоуп. Избан акәзар, уатәи абзазашьа, акультура хазуп. Уи анырра ӷәӷәа ҟанаҵоит.

Ус шакәугьы, уа инхо ҳауаажәлар еиқәырханы ирымоуп руаажәларратә хдырра, рбызшәа, рлеишәа, рқьабз, аԥсуа цәаҩа. Аҳәынҭқаррақәа реиҳарак рҿы ирымоуп иахьеизо, иахьеибабо акультуратә ҭыԥқәа. Уаҟа имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аиԥыларақәа, ахәылԥазқәа, аныҳәақәа.

Аха ҳдиаспора Европатәи аҳәынҭқаррақәа ирацәаны ишрыланхогьы, макьаназы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ахьыҟоу Англиеи Германиеи рҟны ауп. Ҳҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны атәым ҳәынҭқарраҿы Аԥсны ахаҭарнакра аԥҳәыс лнапы ианҵоуп.

Уи аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хьыбла Амҷыԥҳа лоуп. Лара Германиа иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра ахаҭарнакраҿы аус луеит 2005 шықәска раахыс. Аратәи ахаҭарнакраҿы ишьҭырхуеит Аԥсны азхаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа. Женева имҩаԥысуа аиԥыларақәа есымша ирылахәуп. Амала, Германиа макьана даара иацәыхароуп Аԥсны азхаҵара. Уимоу, Аԥсны шыҟоу ззымдыруагьы рацәаҩуп ҳәа азгәалҭоит Хьыбла.

2008 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь, амассатә-информациа ахархәагақәа рҿы ишаадырԥшуаз Урыстәыла Қырҭтәыла иақәлеит ҳәа акәын. Нас хәыҷы-хәыҷла аиаша цәырҵуа иалагеит, аха азхаҵара азҵаара аӡбара иахыццакуам Еврпатәи аҳәынҭқаррақәа. Хьыбла лажәақәа рыла, германиатәи Аԥсны ахаҭарнакра ишьҭнахуа азҵаарақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, ԥхьаҟа ицацыԥхьаӡа ицәырҵуа апроблемақәа рацәахоит.

Уаҟа дара ирымаӡам официалла Аԥсны ахаҭарнакра аофис. Арахь иӡбатәуп авизатә зҵаарақәа, аҵара, аҽыхәшәтәра рганахь ала инеиуа рызҵаарақәа. Имҩаԥгалатәуп аусеицура зҭаху аинвесторцәеи Аԥснытәи ауааи реимадара. Аԥснытәи ахәаахәҭратә палатеи аимадарақәа рацәаны ирыбжьарҵахьеит. Аԥсны ахаҭарнакраҿы имҩаԥыргоит аконференциақәа. 2007 шықәсазы Германиа имҩаԥган Жәларбжьаратәи аԥсуа-база жәлар рконгресс анагӡком аилатәара.

2009 шықәсазы уаҟа имҩаԥыргеит аҭҵааратә политикатә конференциа: "Кавказтәи акризис 2009". Уи иалахәын аҵарауаа, азинхьчаҩцәа, Европа, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа убас аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи ажурналистцәа. ари аконференциа аинтерес ӷәӷәа рызцәырнагеит иалахәыз зегьы.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәаҿы иҿыцу ахырхарҭа - асоциолингвистика иахьа аҿиашьа

Ҳазну ашықәс азы Германиантәи Аԥсны ахаҭарнакцәа Гамбург ақалақь аҿы ргәы иҭоуп "Аԥсны мшқәа" ҳәа аконференциа амҩаԥгара – аетнологиа, аҭоурых, абызшәа, акультура атемақәа рыла. Абарҭ зегьы рхадараҿы игылоу Аԥсны Ахаҭарнакра азызуа Хьыбла Амҷԥҳа лоуп.

2002 шықәса раахыс Германиа инхо аԥсуа ԥҳәыс Хьыбла аус луеит ҩ-хырхарҭак рыла. Ганкахьала, аполитика даҽа ганкахьала – аҭҵаарадырра. Урҭ реилагӡара ахьанҭарақәа маҷымкәа иацуп. Аха аполитикатә усқәа рҿы ацхыраара лиҭоит, дарӷьажәҩаны длывагылоуп лыԥшәма, Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар анагӡком иалоу, Ҭырқәтәылантәи Европа иагаз ҳадиаспора ахаҭарнак Зеқьы Қапба. Хьыблеи Зеқьии рҭаацәараҿы илызҳауеит хышықәса зхыҵуа рыԥҳа Ринана-Сариа Қапԥҳа. Ринана хәыҷы аԥсышәала мацароуп дышцәажәо.

Дрыхәаԥшуеит аԥсуа мультфильмқәа. Лан Хьыбла абызшәақәа рацәаны илдыруеит, аха аҩны дызлацәажәо аԥсшәа ауп. Лара Германиа даннанагаз анемец бызшәа аганахь ала апроблема лымаӡамызт, аха аҭыԥантәи аменталитет, аԥҟаррақәа зегьы даҽакын, убарҭ зегьы ирышьцылатәын. Уи мариаӡамызт.

Хьыбла иеилалыгӡо аусхкқәа ирыхәҭакуп аԥсуа бызшәа арҵара. Европа инхо ҳдиаспора рыҩныҵҟа ирацәаҩуп аԥсуа бызшәа зҵар зҭаху. Раԥхьаӡа аԥсуа бызшәа арҵара иалагеит ақалақь Штутгарт аҟны. Анаҩс абызшәарҵара иацҵан Германиа егьырҭ ақалақьқәа Хагин, Франкфурт, Миунхен рыҟни, Голландиеи.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа рыхьыӡқәеи иахьа урҭ рҭагылазаашьеи

Уажәы маҷк ҳазхьаԥшып Хьыбла лыԥсҭазааратә мҩа. Лара далгахьеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет – германистикеи кавказҭҵаареи рыҟәша.

Анаҩс лҵара иацылҵеит Москва, дҭалеит аспирантура Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу абызшәадырратә институт аҿы аҵара лҵон. 1997 шықәса рзы академик Кумахов М.А. инапхгарала илыхьчеит адиссертациа "Аԥшшәырбагатә метафора", аԥсуа, агерман, англыз бызшәақәа рҟны аиҿырԥшратә-аиҿаргыларатә анализ азуны. Ари аусумҭа хазы шәҟәны иҭыҵит 2009 шықәсарзы Аҟәа. Ашәҟәы рхы иадырхәар рылшоит иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара зҵо астудентцәа, абызшәаҭҵааҩцәа, ус абызшәа иазҿлымҳау зегьы.

Ари аусумҭа раԥхьаӡа акәны аԥшшәы аазырԥшуа ажәақәа аԥсшәаҿы, анемец бызшәаҿы, англыз бызшәаҿы аиҿырԥшратә аиҿаргыларатә анализ рызуп. Уи инаваргыланы, Хьыбла лнапы иҵыҵхьеит еиуеиԥшым астатиақәа, аԥсуа-анемец-аурыс еицәажәага.

1998 шықәсазы Хьыбла Амҷԥҳа дҭалеит адоктарантура иара уи аинститут аҿы. Темас ишьҭылхит "Мраҭашәаратәи Европа иаланхо аԥсуа-абаза диаспора рбызшәа". Уи инаваргыланы, лара даҿуп Европатәи амузеиқәеи архивқәеи рҿы ишьҭоу Аԥсныи Кавкази ирызку аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа Дирр, Розен, Гильденштедт русумҭақәа реизгара, рыҭҵаара. Хьыбла арҭ лусурақәа илдырбеит иахьа макьанагьы имаҷны ишыҭҵаау Европатәи архивқәеи абиблиотекақәеи рҟны ишьҭоу кавказтәи абызшәақәеи аҭоурыхи ирызку аматериалқәа.

Хьыбла абызшәақәа рацәаны илдыруеит: аԥсшәа, аурыс бызшәа, анемец бызшәа, англыз бызшәа, аҭырқәшәа. Усугатә бызшәақәас илымоуп: аԥсшәа, аурыс бызшәа, анемец бызшәа, англыз бызшәа. Иахьа ақалақь Бонн азааигәара иҟоу Андернах ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны иҟоу Аҳәынҭқарратә жәлар руниверситет аҿы аҳәаанырцәтәи астудентцәа дырзаԥхьоит агерман бызшәақәа абызшәадырра аинтеграциатә курсқәа. Абас хкы рацәала Европатәи ҳдиаспора рҭоурых аҭҵаареи, рбызшәа дырҵареи рыдагьы уи аус адылулоит дара рҭоурых ԥсадгьыл Аԥсныҟа рхьарԥшра. Германиа иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра ахаҭарнак дызҿу лусқәа рҳәаа ҭбаауп.

Мрагыларатәи Аԥсны ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Иҿымцәаауа агәыӷра: Дали Ҵабали аԥсҭазаара ыҵхәраа идәықәлашт

Хьыбла Амҷԥа ааԥхьара лырҭоит еиуеиԥшым Европатәи аҳәынҭқаррақәа рҿы имҩаԥысуа аиԥыларақәа, ахәылԥызқәа рышҟа. Уажә ааигәа Германиа ақалақь Хехинген имҩаԥысуаз Романовааи Гогенцоллерновааи рхылҵшьҭрақәа реиҩызара 200 шықәса ахыҵра иазкыз ахәылԥаз ахь, Германиа иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа ааԥхьара лырҭеит Пруссиатәи апринц Гьаргь Фридрих Фон Гогенцоллерни Волоколамтәи амитрополит Илариони. Ахәылԥаз мҩаԥысуан Гогенцоллерноваа рбааш аҿы.

Ахәылԥаз иалахәыз асасцәа ирыдгалан аклассикатә музыка. Уи ашьҭахь Урыстәыла Германиа еицырдыруа арҭ ахылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәеи Урыстәыла аиашахаҵаратә уахәама ахаҭарнакцәеи адипломатцәеи аполитикцәеи наԥхьан ацәыргақәҵа аартрахь. Ари ацәыргақәҵа азкын зыӡбахә ҳамоу ахылҵшьҭра дуқәа рҭоурыхи асасцәа рыдкылареи. Ари аҩыза аиубилеитә еиԥылара ду аҿы Аԥсны ахьӡ ала алахәхара аҭакԥхықәра ҳарак ду лыднаҵон Хьыбла Амҷԥҳа.

Еизаз асасцәа хықәкыла дырҭааит аҳкәажә ду Мариа Владимир-иԥҳа Романова. Лара гәахәара дула илыдылкылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала Аԥсны аҭааразы илыҭаз ааԥхьара. Иара убас агәахәара дула ирыдыркылеит Пруссиатәи Апринц Георг Фридрих Фон Гогенцоллерни иԥшәма ԥҳәыс апринцесса Софи Фон Изенбурги Фон Ольденбург иҭаацәеи Аԥсныҟа ирыҭаз ааԥхьара. Арҭ уажәадагь Аԥсны иаҭаахьеит. Дара Аԥсны аҭоурых ҳаҭырла иазыҟоуп.

Европа иҟоу ҳреспублика ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа, ахәылԥаз аԥшәмацәагь асасцәагьы ҳамҭас ирылҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә символқәа зну асувенирқәа. Абас аҵак ду змаз абшьҭра дуқәа рыхәылԥазы аҿы Германиа иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак, ҳтәыла ахьӡ-аԥша адәныҟа ашьҭыхразы аус ду налыгӡеит уҳәар алшоит. Еиуеиԥшым ахәылԥазқәеи аофициалтә ҵакы змоу аиԥыларақәа рҿы Аԥсны ахьӡ ҭылгоит лара

Ажәабжьқәа зегьы
0