Аргәынԥҳа: "Бернарда Альба лыҩны" аспектакль ахәыԥшҩы дархәыцуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМадина Аргәынԥҳа
Мадина Аргәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны, Март мзазы ахәаҧшцәа ирыдгалахоит аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипьеса "Бернарда Альба лыҩны" иалху аспектакль. Уи ақәыргылаҩ, арежиссиор Мадина Аргәынҧҳа Арадио Sputnik Аҧсны иазеиҭалҳәеит ари апьеса залылхыз атәы.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа.  

 — Мадина, избан ақәыргылараз аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипьеса "Бернарда Альба лыҩны" залыбхыз? Иахьатәи ҳаамҭазы актуалра абанӡамоу ишьҭыху атема?

— Дарбан режиссерзаалак, имоуп ихатәы, урысшәала иуҳәозар апартфолио, дзыԥхьо апьесақәа, мамзаргьы идыргало. Убас, саргьы еидкыланы исымоуп иқәсыргыларц исҭаху жәаба-рҟынӡа апьесақәа. Урҭ ирхыԥхьаӡалоуп аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипьеса "Бернарда Альба лыҩны". Апьесаҿы рыӡбахә ҳәоуп хацәада иаанхаз аҳәса. Раб дыԥсоит, аҩны иахагылоу ан лоуп, хә-ҩык аԥҳацәа лымоуп. Хаҵацара иамоу акәамаҵамарақәа ашьҭыхра ахьрыламшо аҟнытә, аҭаацәара реиҳабы хаҵа дызцаӡом. Амала, ран аԥара шлымам, ишлыламшо лыԥҳацәа ирыхәҭо аҟаҵара агәылацәа идлырбаӡом. Уҳәан-сҳәан дыкны дамоу, дԥагьаӡа дыҟоуп. Ари аҩымҭа камедиаӡам, ари драмоуп. Аԥсуаа ҳзын ари апьеса даара ҳархәыцратә иҟоуп. Ари апьеса иҩын испантәи ареволиуциа мызқәак шагыз, уи ашықәсқәа рзы аҳәса аполитикахь инарышьҭӡомызт. Сара, аҳәса рымацара рзыҳәан акәӡам изышьҭысхыз ари атема, апьеса иаанырԥшоит аҭаацәа реизыҟазаашьа. Сара исҭахыуп ахәаԥшҩы дархәыцырц, абзиабареи, агәрагареи ҳашцәмаҷу еилыркаарц. Апьесаҟны ишаарԥшу еиԥш аԥсҭазаараҿгьы, ауаа ирҳәо ҳәа ишԥшо, рыԥсҭазаара мҩасоит.

 — Бажәақәа рыла, апьеса акырӡа аԥсуаа иаҳзааигәоуп. Аԥҳәыс лроль акраҵанакуеит аԥсҭазаараҿы. Ароль анаҳҳәа, иназыгӡода арольқәа? Актиорцәа рҟынтә иадыԥхьалада?

— Ақәыргыламҭаҿы- ахаҿсахьақәа жәаба роуп иҟоу, дара зегьы ҳәсақәоуп. Зегь реиҳа ари ароль зықәҿио ҳәа сзыҳәаӡом. Избан акәзар, дара зегьы рхаҿсахьақәа ибзианы ирыдыркылеит, доусы рхатә хықәкы бзианы инарыгӡоит. Гарсиа Лорка иҩымҭаҿы аҩны амаҵ азызуа маҷк днаскьаганы дыҟоуп, аха сара аспектакль салагоит лара лҭоурых ала. Ахаҿсахьақәа зегьы иалкааны иаасырԥшырц сгәы иҭоуп. Аӡәы ихаҿсахьа алкааны иҟалаӡом аспектакль аҿы.

—  Уезгьы, ихадоу ароль, Бернарда Альба лроль назыгӡо дарбан?

— Бернарда Альба лроль налыгӡоит Изольда Арухаа. Аҩны ахылаԥшҩы Понсиа лхаҿсахьа налыгӡоит Ирина Коӷониаԥҳа, Бернарда лан Мариа Хосефа лроль налыгӡоит Тома Аҩӡԥҳа, аԥҳацәа рроль нарыгӡоит Циала Инаԥшьԥҳа, Кристина Цымцԥҳа, Гәында Ажьиԥҳа, Есма Кәыҵниаԥҳа, Ашьна Ҳагԥҳа. 

 — Аспектакль аҳәса роуп изызку. Ибҳәеит, ахацәа ыҟаӡам ҳәа. Ахацәа рмаҷра, адимографиа апроблема иахьатәи ҳаамҭазы  аԥсуаа иаҳзааигәоуп.

— Арҭ аҳәсақәа ахьынхо ақыҭаҿы ус еиԥш иаарԥшуп ахацәа зегьы арыжәтә иаганы иԥсхьеит ҳәа. Уи атема аԥсуаа апроблемас ишҳамоугьы, уи хадаратәла ишьҭысхӡом, сара сызхьаԥшуа еиҳарак аҭаацәа реизыҟазаашьа ауп. 

 — Арежиссер иқәыргыламҭеит, актиорцәа рыхәмарреи рнаҩсангьы, иарбан спектакльзаалакгьы иара ахәмарра ахьымҩаԥысуа аҭыԥ ахәаԥшҩы ихаҭа далагылазшәа ибаразы, адекорациа аиқәыршәаразы атеатр алшарақәа абанӡаҟоу?

— Иахьатәи аамҭазы, атеатр алшарақәа уаҳа назҭахымны иҟоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Акультура министррра аҟнытәи иҳадҵаалоит, иқәҳаргыларц ҳгәы иҭоу еилыркаауеит. 2017-тәи ашықәс азы ҳаплан иарбоуп ԥшьба-хәба спектакль, урҭ ақәыргыларазы аԥара ҳарҭахьеит. Ари аспектакль аҿы адекорациақәа иаанырпшуеит Бернарда Альба лыҩны. Асахьаҭыхҩы Витали Кацәбеи сареи ҳаидтәаланы иҳаӡбеит изықәныҟәо адашьма ирнааны, аныҟәара маншәаламкәа. Насгьы аԥенџьырқәа ашәқәеи кнаҳауп, ажәакала рыҩны аҩналареи аныҟәареи маншәалаӡам. Апьеса, абасала иааҳарԥшуеит, абас иаҳбоит. 

 — Актиорцәа ирыдыбгало атемаҿы шәара шәеиқәшаҳаҭра хадаратәу, мамзаргьы ихымԥадатәиу арежиссер ишьҭыихыз атема адкылара мацара  акәу?

— Хымԥада аиқәшаҳаҭра. Иҟоуп арежиссерцәа аиқәшаҳаҭра зҭахым, аха сара ус сыҟаӡам. Избанзар, актиоргьы саргьы ҳаиқәшаҳаҭымзар, усҟан аилыибакаара ҳацәмаҷхоит. Актиор иҟаиҵо аныизеилымкаа, уара иусуп ҳәа иаҳәаны, мчыла иуырҟаҵар ҟалоит. Аха, сара сҿаԥхьа иқәсыргылоит актиор гәыла ироль дазнеирц. Ажәакала, аилыибакаара хадаратәуп сара сзы. Арежиссери актиори еилыибакаароуп алҵшәа ҟаларц азы. 

 — Атеатр ахь инеиуа ахәаԥшцәа ҳарзааҭгылап. Ибҳәарц былшоума аҵыхәтәантәи аамҭазы ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡара еизҳаит ҳәа? Ирацәаҩума ҳтеатра иаҭаауа аҿар?

— Аҵыхәтәантәи аамҭазы, ахәаԥшцәа  еиҳа ирҭаххуп илахҿыху акы ахәаԥшра. Уи азы атеатр ахь ианымҩахыҵ, иааҳарԥшуа илахҿыху атема, ҳара иаваҳаргыларц ҳҭахуп узырхәыцша акы. Сара исызҳәаӡом, аҿар еиҳа ирацәахеит ҳәа. Атеатр иаҭаауеит зықәра неихьо абиԥара. Аибашьра ашьҭахь атеатр аԥсҭазаара маҷк ибеиамызт, уи аҟнытә, иахьа аҿари атеатри аимадара рыцәмаҷуп, аибадырра рымам уҳәарц алшоит. Аҿар атеатр иадҳаԥхьалырц азы ҳгәы иҭоуп акциа амҩаԥгара.  

 — Хәба-фба  спектакль ақәыргыларазы ҳаплан иарбоуп бҳәеит, ус акәзар атемақәа алыбкаахьеит.  "Бернарда Альба лыҩны" анаҩсан ахәаԥшцәа идшәырбои? 

— Уажәы иқәҳаргылоит "Бернарда Альба лыҩны" аспектакль. Уи ашьҭахь, ҳаҿуп апьеса аҩҩра, иахьӡуп "Сариа", илызкуп Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс.  Дареи анеибадыр инакрны, лҭахараҟынӡа иааҳарԥшырц ҳгәы иҭоуп. Аматериал даараӡа ирацәоуп, ашәҟәқәа срыԥхьоит, аҭоурыхдырыҩцәа срыҿцәажәуеит. Хықәкыла атеатр азы апьеса аҩра хықәкыс исымоуп. Иара убас,  Аристофан ҳәа дыҟан ашәҟәыҩҩы, уи иҩымҭа акомедиа "Лисистрата" ала, аспектакль ақәыргылара сгәы иҭоуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0