Искандер ифонд Аурыс театр Фазиль ихьӡ ахҵазарц ажәалагала ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәларбжьаратәи акультуратә фонд "Ауаҩы игыларҭа" аӡыргара мҩаԥысит
Жәларбжьаратәи акультуратә фонд Ауаҩы игыларҭа аӡыргара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша Аминистрцәа Реилазаараҟны имҩаԥысит Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультуратә фонд "Ауаҩы игыларҭа" аӡыргара.

АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥшьаша Аминистрцәа Реилазаараҟны имҩаԥысит Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультуратә фонд "Ауаҩы игыларҭа" аӡыргара иазкыз астол гьыжь. Уаҟа Аурыс театр Фазиль ихьӡ ахҵазарц ажәалагала ҟалҵеит Афонд адиректор Шьазина Агрԥҳа. Абри атәы ааицҳаит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба ари аидеиа адгылара аиҭеит.

"Сара даара исгәаԥхеит ицәырҵыз аидеиа. Адунеи аҟны иҟаӡам Искандер ихьӡ зху атеатр, аха уи азы аӡбра рыдыркылароуп атәыла Ахада ма Акультура аминистрра", — иҳәеит Хынҭәба.

Аԥсны Ахадагьы ари аидеиа иаразнакы дадгылеит:

"Уи сара исҭахижьҭеи акырҵуан, аха ауаажәларра рҟынтәи ажәалагала ыҟазарц сҭахын", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Жәларбжьаратәи акультура Афонд Ауаҩы игыларҭа аартра иазкын аԥшьаша, жәабран 9 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иаатуеит Фазиль ихьӡ иадҳәалоу атуристтә маршрут ҿыц

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса". Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Ажәабжьқәа зегьы
0