Аргәынԥҳа: лацарамза 21 рзы Қьефқьен идҳарбоит "Семреи" "Амҳаџьыри"

© Sputnik Илона ХварцкияРушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Семра" иалху аспектакль
Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема Семра иалху аспектакль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 18 рзы Ҭырқәтәылаҟа ицараны иҟоуп Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр атруппа, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа Sputnik арадиостудиаҿы еиҭалҳәеит уахь ирго аспектакльқәа ртәы.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

- Уажәы Ҭырқәтәылаҟа шәцара здышәҳәалоу амҳаџьыраа ргәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа роума?

— Ааи, Ҭырқәтәылаҟа ҳцара лаҵарамза 21 арыцхә иадҳәалоуп. Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Семра" иалхны иқәыргылаз Аԥсны ахәаԥшцәа ирбахьоу атеатралтә композициа адагьы иаҳгоит Самсон Ҷанба иҩымҭала аспектакль "Амҳаџьыр".

Самсон Ҷанба ихьӡ заху ҳара ҳаԥсуа драматә театр абри аҩымҭа абзоуралоуп. Ари  раԥхьтәи ипрофессионалтәу пиесоуп аԥсуа драматург иҩихьоу. 

Оқтаи Чкотуа раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа дреиоуоуп - Sputnik Аҧсны
Оқҭаи Чкотуа: знык сџьынџь дгьылахь саныхынҳә Ҭырқәтәылаҟа сышԥацоз

Атеатр иаман аиубилеи, 80-шықәса анахыҵыз Алхас Шамба иӡбеит абри апиеса ықәиргыларц. Апиеса "Амҳаџьыр" анахьӡха изызкугьы еилкаауп, ҳашьцәа амҳаџьырра иагаз. Аҩымҭа иахьагьы иаҳәаша рацәоуп. 

"Семра" акәзар уи ақәыргылара шыҟалаз абас ауп, ҩы-шықәса раԥхьа Рушьбеи Смыр 65-шықәса ихыҵра иадҳәаланы акультура аминистрра исыднагалеит иубилеитә хәылԥазы аиҿкаара. Апоет снаиԥхьан исеиҳәеит, мызкгьы ҵӡом, поемак салгеит, ҳәа. 

Ҩы-шықәса раԥхьуоп ианиҩыз апоема "Семра", убри ашықәсангьы иқәҳаргылеит. Ашәҟәҭыжьрҭақәа рҿгьы ицәырымҵӡацызт, џьаргьы икьыԥхьӡамызт. Раԥхьатәи аԥхьаҩ дамаӡамызт, иаразнак даиуит раԥхьатәи ахәаԥшҩы. Нас ауп ашәҟәқәа аҭыҵра ианалага. 

- Иабанӡаманшәалаз апоема атеатр аҿы ақәыргылара?

— Имариоу ицәгьоу ҳәа иҟаӡам, аҵакы анеилукаа, иуҭаху анудыруа, зегь мариахоит. Аха ицәгьоу аилкаара ауп. Сара "Семра" даара абызшәа сцәыцәгьан. Избанзар ари иҳараку поезиоуп. Саԥсшәагьы маҷк иӷарзар ҟалап, исзеилымкаауаз ажәақәагьы ыҟан. Ирацәоуп иалагалоу ажәытә хьыӡқәа, аҭыԥхьыӡқәа. Сара исыздырӡомызт. Сизцалон нас Рушьбеи абри иаҵанакуа сеилшәыркаа ҳәа. Иара ицхыраарала апоемагьы сгәаҵаҟынӡа инаӡо иҟалеит. 

Апоема ақәыргылараҿы исыӡбеит, аӡәы даԥхьалароуп ҳәа. Аӡәы ибжьоуп иго асцена аҟынтә – артист Даур Арухаа иоуп иаԥхьо апоема. Сара сгәанала, зегь реиҳа ахәаԥшыҩгьы иазгәеиҭаз, лара "Семра" зыхьӡынҩылоу апоема аҭыԥҳа лхаҿсахьа аарԥшуп ибзианы, иналыгӡоит Хьыбла Мықәԥҳа. 

- Апоема зызку маҷк иаҳгәалабыршәарц сҭахын, иқәӡааз аублаа жәлар рами?

— Апоема "Семраҿы" иаарԥшуп иалкаау аҭаацәарақәа рҭоурых, урҭ шықәыӡӡааз, ишықәҵыз, ишгәырҩоз, нас иаанхаз ирқәашьхаз. Абас хәба-фба ҭаацәара ааганы ажәлар зегьы рлахьынҵа аарԥшуп. 

- Агха смыхьуазар 207 куплет инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылоуп апоема? 

— Ааи, ииашоуп. Аха ҳақәыргылара анаҩс Рушьбеи Смыр даҽа ҩ-куплетк ациҵеит аҿыц кьыԥхь аҿы. Сиужетк хәыҷык иԥсахит. Хымԥада, имԥсахыргьы ҟалон, аха иахьиԥсахыз иаҳагьы иарӷәӷәеит аҩымҭа. Акьыԥхь ахь ицәырҵыз, иҿыцу вариантуп.

Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 65 шықәса ихыҵит

- Лара Семра лхаҭа лыԥсы ҭоума, насгьы далахәызма акомпозициа анықәшәыргылоз?

— Семра дыҟоуп, даублаа дыԥҳауп. Лан д-Аҩӡԥҳауп. Дынхоит Анкара. Аҵара-дырра аминистрраҿы аус луеит. Илыхьӡуп Семра Апиш. Даҳзааит "Семра" апремиера аныҟаз, раԥхьаӡакәны убасҟан Аԥсныҟа дааит. Апоема аханы иануп изыхьӡынҩылаз изылзикыз. Лара дҭарџьманын аибашьра анеилга ашьҭахь Рушьбеи Смыр Ҭырқәтәыла даныҟаз. Азҵаарақәа рацәаны илҭон саублаа ҭыԥҳауп, убарҭ рыԥсҭазааразы иудыруеи ҳәа. Ҩажәа шықәса Рушьбеи игәы иҵхон урҭ реицәажәара, ҩы-шықәса раԥхьа ақьаад ахь ииаигаанӡа. Сара сзы, сацәшәом уи аҳәара, апоема "Семра" игениалтәу ҩымҭоуп.

- Излеилыскааз "Семра" ақәыргыламҭаҿы ирацәаны актиорцәа алахәӡам, ҩыџьа роуп Даур Арухааи Хьыбла Мықәԥҳаи?  

— Мап, иалахәуп ҳаԥсуа драматә театр актиорцәа, етиудла инарыгӡоит. Ауаа анықәҵуа аума, ан ахәыҷы дызцәыԥсыз лоума убарҭ зегьы аарԥшуп етиудла. Акомпозициа иалахәуп 15-ҩык ауаа. 

Мадина Аргәынԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтевиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

- Ақәыргыламҭа асценахь ацәыргыразы, заҟа аамҭа бадхалеи актиорцәа разыҟаҵара? 

— Зегьы раасҭа аамҭа згаз аԥхьаҩ Даур Арухаа иазыҟаҵара ауп. Ашьыжь ҳалагон ахәылбыҽха ҳалгон. Џьара иҭацәу аамҭак ҳаур уахь ҳгьежьуан. Мызкы ҳҽазыҟаҳҵон иааидкыланы.

- Раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәыла аублаа жәлар рҭоурых атәы зҳәо ақәыргыламҭа дшәырбоит. Ишәзыԥшуп имаҷымкәа ахәаԥшцәа амҳаџьыраа рхылҵшьҭра. Уахь шәцара шԥаҟалеи, дара роума ааԥхьара шәызҭаз, мамзаргьы шәара шәидеиа ала аку ишеиҿкаау?

— Аԥсны акультура аминистрра апроектоуп. Хымԥада, "Семра" ҳгәы иҭан Ҭырқәтәыла дырбара. Аха ари аҩыза аҭагылазаашьа аныҟала, лаҵарамза 21 рзы ишыжәдыруа, Ҭырқәтәыла иазгәарҭоит амҳаџьырцәа ргәалашәара амш. Ельвира Арсалиаԥха иҳадылгалеит, ҩ-спектакльк шәымоуп ари атема иазку, шәааи иаҳгап лҳәеит. Лаҵарамза 21 рзы Қьефқьен аҭыԥаҿ идҳарбоит атеатралтә композициа "Семреи", аспекталь "Амҳаџьыри". 

Ажәабжьқәа зегьы
0