Sputnik Aԥсны– иҿыцу аартрахеит сара сзы

© Sputnik / из личного архива Саиды ЖибаСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса раԥхьа аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik Аԥсны аҟны аусура дшалагаз лгәалалыршәоит Гагра араион аҟны Sputnik ҷыдалатәи акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

"Алло, Саида, Алина Жьиԥҳа соуп изҳәо, сыбгәалашәо!? Иаарласны, Аԥсны аусура иалагоит, аинформациатә амультимедиатә хаб Sputnik Apsny. Ибылшома, Гагрантәи ажәабжьқәа раашьҭра?" — ҳәа аҭел дысзасит, аԥсуа ҟәша аредактор.

Хымԥада, ари ааԥхьара сыдыскылеит. Мышқәак рашьҭахьгьы, ҿыц еидкылахаз аколлективи сареи ҳаибадырит.

Усҟантәи аамҭазы, 11 шықәса ҵуан Гагратәи араионтә газеҭ "Гагрский Вестник" аҟны корреспондентс аус зуоижьҭеи, иара убас жәышықәса араионтә телехәаԥшраҿы. Ажурналистикаҟны аԥышәа сшымазгьы, Sputnik Apsny сара сзы иҿыцу аартрахеит.

Sputnik Аԥсны. Шықәсык онл@ин - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны. Шықәсык онл@ин

Алина исзеиҭалҳәеит, Sputnik Aԥсны аԥҟарақәа, иаднакыло астатиақәа реиҿартәышьа, реиқәыршәашьа, аԥхьаҩцәа рызнагашьа аформақәа. Аиашазы, уи уаанӡатәи сматериалқәа акырӡа ирцәыхаран. Азнык-азы исылымшар ҳәагьы сшәеит. Аха, саҳәшьа хазына, ацхыраара сзаалырԥшит.

Аҟәанӡа ацара аара сусура иснаҭомызт, аҟнытә, интернетла Алина лахь аматериалқәа сшьҭуан, лара Sputnik Aԥсны ишанаало илырхион, анаҩс, сара исзаалышьҭуан, убас мацара, хымз рыҩнуҵҟа Алина Жьиԥҳа лыбзоурала, аԥҟарақәа сыҽрықәсыршәо салагеит.

Sputnik Aԥсны аҟны икьыԥхьыз раԥхьатәи сматериал акәхеит, аполитикатә репрессиақәа ирылаӡаз, ргәалашәара амш ахьӡала, Гагратәи, Абааҭатәи абахҭа аҿаԥхьа имҩаԥгаз амитинг иазкыз. Илахьеиқәҵагаз ажәабжь ала, Sputnik Aԥсны аҟны ажурналистикатә даҟьа ҿыц аасыртит, аха уи иашьҭанеит, угәы шьҭызхуаз аматериалқәагьы.

Гагратәи аҟазаратә школ - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Гьерзмаа Гагратәи аҟазаратә школ миллионки бжаки мааҭ алҭеит

Sputnik Aԥсны иснарҵаз даара ирацәоуп. Аӡәгьы изы имаӡаӡам, араионтә газеҭқәеи, ателехәаԥшрақәеи есыҽны акьыԥхьи аекрани рахь ишцәырымҵуа. Убри аҟнытә, саргьы сматериалқәа "иахьа, уаҵәы" ҳәа еиқәысҵалон.

Sputnik Aԥсны, уи зынӡа иалнаршомызт. Ахҭыс иаразнак, амацәыс еиԥш акьыԥхь аҟны ицәыргатәын.

Ииашоуп, Гагра араион аҟны, лассы-лассы ауаажәлар зыршанхо ахҭысқәеи, ажәабжьқәеи рацәам, аха уеизгьы, исылсыршо салагеит, ирццакны астатиақәа рырхиара.

2015 шықәсазы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны игаз Аиааира 70 шықәса ахыҵра инамаданы, Sputnik Аԥсны уаанӡатәи апродиусер Амина Лазԥҳа снапы ианылҵеит, аибашьра аветеранцәа срыҿцәажәарц. Убасҟан, ҩымчыбжь рыла, 14-ҩык ирызкыз аочеркқәа акьыԥхь иасырбеит. Иара убас, аҭоурыхтәи аиубилеитәи рыцхәақәа инрымаданы, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахази, зыԥсы ҭоу аветеранцәеи ирызкыу аочеркқәа.

Азеиԥш џьынџь ахьчара игәы азыҳәон

Сынтәа, жьҭаара 6 рзы иҵит 25 шықәса, Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеит. Гагра аҭарцәра иалахәыз аибашьцәа ргәалашәарагьы, аԥхьаҩцәа ирыдгалан Sputnik Aԥсны асаит аҟны. Имаҷым, ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи ирызку астатиақәа, азанааҭ азҟазаҵәа рыҿцәажәарақәа уҳәа, Sputnik Aԥсны иазсырхиарц исыднаҵаз.

Хышықәса рыла, Sputnik Apsny аколлектив аҽеиҭанакхьеит.

Ишысҳәахьоу еиԥш, Гагратәи сусура иалнаршом лассы-лассы Аҟәаҟа ацара. Убри аҟнытә, Sputnik Aԥсны ажурналистцәа реиҳараҩык злаздыруа, рыхьӡқәа зҵаҩу астатиақәа рыла ауп.

Абиԥарала еиқәырханы иаагоу ацаныҳәа - Sputnik Аҧсны
Ажәытә ҵасқәа иреиуоу ацуныҳәа иахьагьы еиқәырхоуп

Сара сзы игәахәара дууп, абас еиԥш зыҩаӡара ҳараку, адунеи атәылақәа жәпакы рҟны, аинформациатә саитқәа ирылукаауа, амультимедиатә хабқәа иреиуоу Sputnik Аԥсны аҟны сматериалқәа ахьцәырҵуа. Убри азы иҭабуп ҳәа расҳәоит, хышықәса раԥхьа, цәыббрамзазы аҭел иасны ааԥхьара сызҭаз Алина Жьиԥҳаи, Sputnik Apsny уаанӡатәи анапхгаҩы Инал Лазбеи.

"Саида, Ԥхынҷкәын 8 рзы, иҵуеит хышықәса Sputnik Aԥсны официалла аусура иалагеижьҭеи. Иаҳҭахын, бара араҟа аусура бшалагаз иазкны, бгәалашәарақәа зныԥшуа цәаҳәақәак азбырхиар" — лҳәеит, иахьа Sputnik Aԥсны аԥсуа ҟәша аредактор, цәыббрамза, 2014 шықәсазы, аинформациатә маҵзура аԥҟарақәа арабадырразы исыцны инеиз, уи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә телехәаԥшра аҟны аус зуоз Рада Ажьиԥҳа.

"Гәахәарала! – ҳәа аҭак налысҭеит! Абас, еиԥш сгәалашәараҟны инхеит, Sputnik Aԥсны ахь еихызгаз ашьаҿақәа.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны, аколлектив зегьы ирыдысныҳәалоит аинформациатә маҵзуреи арадиои хышықәса ахыҵра. Сколлегацәа, Аԥсны ахьӡ ҭызго, ауаажәлар ргәы шьҭызхуа ажәабжьқәа шәыгымзааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0