Sputnik адонортә акциа иалахәуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсероссийская акция "День донорского совершеннолетия"
Всероссийская акция День донорского совершеннолетия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ астудентцәа раԥшьгарала жәабран 15-25 рзы имҩаԥысуеит агәыҳалалратә акциа, адонортә шьа аизгаразы.

АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Агәыҳалалратә донартә акциа "Иаарту анапсыргәыҵа" мҩаԥысуеит Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы еиҿкаау ашьа ацентртә Банк аҟны. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥшьгаратә гәыԥ ашьаҭаркҩы Константин Васильев.

Васильев иеиҭеиҳәеит акциа аԥшьгара ихаҿы ишааиз аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсни Агәабзиарахьчара аминистрреи Адунеизегьтәи адонор имш аҽны еицымҩаԥыргаз акциа ашьҭахь.

"Аидеиа иавторцәоу шәара шәоуп, Sputnik Аԥсны. Ҳара иҳаӡбеит жәамштәи акциа амҩаԥгара. Ашьа ацентртә банк аҟны ҳара иҳарҳәеит ашьазымхара апроблема еснагьгьы иҟоуп ҳәа. Аиҳаракгьы уи убарҭоуп амҩатә машәырқәа рышьҭахь", — иҳәеит Васильев.

Жәабран 15-25 рзы имҩаԥысуеит агәыҳалалратә акциа, адонортә шьа аизгаразы.

Адонор имш. - Sputnik Аҧсны
Адонор имш аҽны "ашьа ҳамҭас"

"Апроцедура зегьы ҩажәаҟа минуҭ роуп уахьаго. Сгәы иаанагоит дарбанызаалак ауаҩы илшоит ҳәа абриаҟара аамҭа агәыҳалалра ақәырӡра. Акциа мҩаԥысуеит жәамш. Изҭаху зегьы ирылшоит абрихь иааины ршьа рырҭарц", — иҳәеит Константин Васильев.

Иара иажәақәа рыла жәаҩык ААУ астудентцәа злахәыз аԥшьгаратә гәыԥ ҵыԥх, ԥхынҷкәынмзазгьы абасеиԥш акциа мҩаԥыргахьан.

"40-ҩык рҟынӡа ашьа рырҭарц иааит. Иҟоуп мап зыцәкызгьы, еиуеиԥшым ачымазарақәа ирыхҟьаны. Иҟан излымшозгьы: зшьақәыӷәӷәара лаҟәыз, аоперациа ааигәа изхызгаз. Иҟан абри акциа ашьҭахь аҭел иасны изҳәоз аҽазныкгьы уи ахалархәра ҳҭахуп ҳәа", — иҳәоит Васильев.

Ашьагара мҩаԥыргаанӡа аҳақьымцәа адонор ишьақәыӷәӷәара гәарҭоит, ишьа аекспресс-анализ ҟарҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0