Аԥснытәи аспортсменцәа Москва амҵатәи ақалақь Чехов еиқәшәеит

© Фото : Элизбар ДжологуаАбхазские борцы и боксеры на спортивных сборах в подмосковном Чехове
Абхазские борцы и боксеры на спортивных сборах в подмосковном Чехове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ақәԥаҩцәеи аспортсменцәеи Москва амҵатәи ақалақь Чехов еиқәшәеит жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рылахәхаразы рҽахьазыҟарҵо аҭыԥ аҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥснытәи абоксер Герман Арџьениеи иазыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуеи Чехов ақалақь аҽы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Абраҟа дара ирықәшәеит Ҭимур Џьопуа, Инар Кетиа, Даниель Гәынба, Асланбек Гәарамиа, Адгур Адлеиба.

Гонщик Тимур Соломко на ралли на кубок России - Sputnik Аҧсны
Ҭимур Соломко Аралли азы Афедералтә округ Ахраҿа афинал аҟны аиааира игеит

Герман Арџьениа ԥхынгәы 19 рзы Тиумен ақалақь аҿы ԥхынгәы 22-29 рзы имҩаԥысуа абокс азы аиндаҭлара далахәхараны дыҟоуп. Иареи иазыҟаҵаҩи амҩа иқәлахьан машәыршәа аԥснытәи аспортсменцәа ианрықәшәаз.

"Аԥснытәи ҳҩызцәеи ҳареи ҳаиқәшәара агәахәа ҳнаҭеит. Ҳфотосахьа еицҭаҳхит. Уҩызцәа, удырцәа анубо еснагь агәахәара уоуеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Џьологәуа.

Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Ҭимур Џьопуа, Инар Кетиа, Даниель Гәынба, Асланбек Гәарамиа, Адгур Адлеиба ракәзар адунеитә чемпионатқәа рзы аҽазыҟаҵаразы ари абазахь инеиит.

Гәынбеи Адлеибеи ықәгылараны иҟоуп Италиа имҩаԥысраны иҟоу зых иақәиҭу ақәԥаразы аиндаҭлараҿы.

Асланбек Гәарамиа Словакиаҟа имҩа хоуп. Иара далахәхоит аҿар рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы адунеи ачемпионат.

Дара рыхҩыкгьы зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла еизгоу аҿартә команда иалахәуп. Азыҟаҵаҩ Џьарназ Бениа иажәақәа рыла дара акыр узықәгәыӷша спортсменцәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0