Џьон Аӡынбеи Есма Кара-Османи иҿырҧшыгоу рҭаацәара

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаЕсма Караосман
Есма Караосман - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьгьарда ақыҭаҿы инхо Џьон Аӡынбеи Есма Кара-Османи хҩык рыхшара ашкол ахь рышьҭра иазыҧшуп. Иахьынӡазыҟаҵоу еилаҳкаанӡа, ҳазааҭгылап маҷк ари аҭаацәара рҭоурых.

Сырма Ашәҧҳа, Sputnik

Џьон Аӡынба иаб, Ваниа Аӡынба, Урыстәыла арратә уалҧшьа анихигоз, Томскынтә урыс ҭыҧҳак дааигеит, Уваркина Мариа. Урҭ ирхылҵуеит ҧшьҩык ахшара, хҩык арҧарцәеи ҭыҧҳаки. Аҧсны Аџынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахоит агәыбжьанытә рыҷкәын Данаҟаи. Уи дахьҭахаз аҭыҧ аилкаараҿы дахьнеиз дҭахоит иашьеиҳаб Дима. Дима иҭынхеит хҩык арҧарцәа. Данаҟаи аҭаацәара даламлаӡацызт, раҳәшьа дҭаацәароуп. Ахшара реиҵбы Џьон аҭаацәара далалоит, дааигоит аҭырқәа ҭыҧҳа Кара-Осман Есма. Урҭ ирхылҵит хҩык ахшара. Иазгәаҭатәуп, Џьон иҭаацәараҿы аҳра зуаз аҧсшәеи, аҧсуареи иахьа хәыҷгьы-дугьы ишныҟәырго. Есма илыллыршеит лхәыҷқәа рхатәы бызшәала ицәажәо, ихәыцуа рыҟаҵара.

Иџьааби Агрба - Sputnik Аҧсны
Аҧсадгьыл ахьчаҩ Иџьааби Агрба игəалашəара аҳаҭыразы

Аӡӷаб аиҳабы сынтәа а-5-тәи акласс ахь диасит. Лара аҧсуа бызшәа бзианы илыцааиуеит, абызшәа иазкны ашколтә олимпиада анымҩаҧысуаз иланаршьеит аҳаҭыртә шәҟәы. Уи ҳәарада, игәадуроуп. Агәыбжьанытә аҩбатәи акласс ахь диасит, аҷкәын аиҵбы сынтәа азыҟаҵаратә класс ахь дцоит.

"Сыҧшәмагьы саргьы Џьгьардатәи абжьаратә школ ҳалгеит. Ҳахшарагьы ари ашкол аҿы аҵара ахьырҵо даара сеигәырӷьоит. Схәыҷқәа ашкол ахь азы еиқәыршәоуп шәҵатәыла, шәҟәыла-быӷьшәыла, ҧынгыла ҳазҭо ҳәа акгьы ыҟам", — ҳәа азгәалҭоит Есма.

Есма лыҧшәмеи лареи рхатә џьабаала инхоит-инҵуеит, адгьыл иқәаарыхуеит. Рырахә-рышәахә, ршьамаҟа, руҭра-сыҭра зегь нападкыланы иҟаҵоуп.

Есма лхаҭа дшаҭырқәа ҭыҧҳаугьы, лхатәы бызшәа еиҧшҵәҟьа илҳәоит аҧсуа бызшәа. Уи ала дцәажәоит, уи ала дхәыцуеит.

"Сара сангьы сабгьы аҭырқәцәоуп. Ашкол санҭаз сырҵаҩцәеи сҩызцәеи ирыбзоураны аҧсуа бызшәа сҵеит. Сыхшарагьы, хымҧада иаҧсацәоуп, рхатәы бызшәа рзымдырыр ҟалома?!" — дҳацәажәон Есма.

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаЕсма Кара-Осман лхәыҷқәа
Есма Кара-Осман лхәыҷқәа - Sputnik Аҧсны
Есма Кара-Осман лхәыҷқәа

Иазгәасҭарц сҭахуп, Есмеи сареи жәеиза шықәса класск аҿы аҵара шеицаҳҵоз. Ҟазшьала иҭынчыз, еснагь зхы-зҿы ачча ықәыхх иҟаз сҩыза, хҩык лхәыҷқәа ашкол ахь дрызгәыдууны иахьылышьҭуа даара гәахәарыла исыдыскылеит.

Ииашаҵәҟьаны, Меқьҭи Гамсараҭ-иҧа Амҷба ихьӡ зху Џьгьардатәи абжьаратә школ аҭоурых ду амоуп. Иахьа уи атрадициақәа ирыцҵо иааргоит ашкол анапхгареи, акыр шықәса аус зухьоу арҵаҩцәеи, еиҵагыло аҿари.

Џьгьардатәи абжьаратә школ иҭоуп 87-ҩык аҵаҩцәа. Аибашьра ҟалаанӡатәи ахыҧхьаӡарақәеи иареи узеидкылом хымҧада, хынтә рыла еиҵоуп. Классцыҧхьаӡа хәҩык, фҩык, быжьҩык, жәаҩык рҟынӡа итәоуп.

"Сынтәа азыҟаҵаратә класс ахь ицоит хәҩык аҵаҩцәа. Урҭ рҵаҩыс дрымоуп Агәхаа Милана Заур-иҧҳа. Актәи акласс ахь иааиуа напхгаҩыс дрымоуп акыр шықәса раахыс аус зухьоу Антонина Алеқсеи-иҧҳа Ашәба", — ҳәа азгәалҭоит ҳара ҳзыҿцәажәаз аиҵбыратәи акласс арҵаҩы Белла Ҵәыџьҧҳа.

© Фото : предоставлено Сырмой АшубаБелла Ҵәыџьҧҳа
Белла Ҵәыџьҧҳа - Sputnik Аҧсны
Белла Ҵәыџьҧҳа

Белла Ҵәыџьҧҳа, сынтәа аҩбатәи акласс аҵаҩцәа рҵаҩыс дрымоуп. Лара лыкласс аҿы итәоуп быжьҩык ахәыҷқәа. Аҵараҿы даара рхы бзианы иаадырҧшуеит, рырҵаҩы лгәы рыладууп. Есма лыҧҳа агәыбжьанытә лара лыкласс аҿоуп дахьтәоугьы.

"Сынтәа ахҧатәи акласс аҿы итәоуп хәҩык. Урҭ рҵаҩыс дрымоуп Наира Граф-иҧҳа Чқәан. Аҧшьбатәи акласс аҿы итәоу жәеизаҩык ахәыҷқәа ракәзар, рҵаҩыс дрымоуп зааҧсарақәа акырӡа ирацәоу, аҧышәа ду змоу Еҭери Ламшьаҵә-иҧҳа Бераиа", — ҳәа азгәалҭеит Белла Ҵәыџьҧҳа.

Џьгьардатәи абжьаратә школ аколлектив еиднакылоит 25-ҩык. Ашкол еиҳабыс дамоуп Кара-Осман Омер Ремзи-иҧа, аҵараҟәша напхгара азылуеит аматематика арҵаҩы Дбар Ева Константин-иҧҳа. Аҵара-ааӡара знапы алаку зегьы гәык-ҧсык ала русура иазыҟоуп, ашкол аҿы ишьақәырӷәӷәоуп алеишәа.

Школа. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион аҿы ашкол ҿыцқәа ҩба аадыртраны иҟоуп

Ашкол аҭагылазаашьа зеиҧшроу ҳаилзыркааз арҵаҩы Белла Сардиан-иҧҳа, сынтәа 25шықәса ҵуеит Џьгьардатәи ашкол аҟны аус луеижьҭеи.

"Сусура зегьы еидкыланы сахәаҧшуазар, уадаҩра ҳәа акагь сҧымлац. Ҟазшьала еиҧшым ахәыҷқәа, аха дареи сареи ҳаилибакаауеит", — лҳәеит арҵаҩы.

Ҳзыҿцәажәоз арҵаҩы иазгәалҭеит гәыҵхас илымаз атәгьы.

"Аҧсуаа зегьы рхатәы бызшәала ицәажәаларц сҭахәуп. Аҭырқәа ҭыҧҳа Есма Кара-Осман лҿырҧшы рбааит. Џьгьарда ақыҭа амилаҭ еилаҧса нхоит. Иҟоуп милаҭла иаҭырқәцәоу, збызшәада акагь ззымдыруа иаҳзааиуа. Аха, иҳалшоит аҧсышәала иҩуа, иаҧхьо, ихәыцуа рыҟаҵара. Академик Марр иҳәахьан: "Ардәына алаӷырӡ еиҧш ицәгьоуп Џьгьардаа злацәажәо абызшәа", — ҳәа. Ҳабацәа, ҳабдуцәа рхатәы бызшәа-аҧсшәа ҳ-Аҧсынра наӡаӡа иқәыҩлааит!" — абас лцәажәара хлыркәшеит Белла Ҵәыџьҧҳа.

Абасала, Џьгьардатәи абжьаратә школ цәыббрамза акы иазыхиоуп, уи ашәқәа ҟьаҟьаӡа иаартуп зҵара-дырра аизырҳара зҭаху аҵаҩцәа рзы. Арҵаҩцәа ракәзар, урҭ гәыблыла ирзыҧшуп. Мҩамш!

Ажәабжьқәа зегьы
0