Роза Чамагәуаԥҳа: уус гәыкала уаназыҟоу, иумыцааир, иумықәҿиар ҟалаӡом

© SputnikРоза Чамагуа
Роза Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа ҳдиаспора рахь лгәазыҳәарақәеи, Ҭырқәтәыла даныҟаз имҩаԥылгаз лусрақәеи ирызку аматериал шәаԥхьарц ишәыдаагалоит артистка лымшира аҽны.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа жәлар рмилаҭтә культура зылша ду аду, ҳаԥсуа музыкатә фольклор аӡыргара шьахәла изылзыршаз, уи зқьышықәсала имырӡкәа еихаҳауа абиԥара ҿа рылааӡара еснагь иашьҭоу Роза Чамагәуаԥҳа, Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы акыр лџьабаа рацәоуп. Аҟәатәи акультҵаралашаратә ҵараиурҭа аоркестртә ҟәшаҿы аҵара лҵон, иара убраҟа ихаҭәааны илыцааит аԥсуа жәлар ринструментқәа рҿы ахәмаршьа. Ԥсабарала илылаз абаҩхатәра иара атәы ҟанамҵар ҟалозма?! Иахьа дыхьӡырҳәаганы, аҿар еиҵааӡауа ҳаԥсуа жәлар рмилаҭтә культура дахаҿраны дыҟоуп. Акыр шықәса раахыс лара напхгара алҭоит аҭыԥҳацәа рвокалтә-инструменталтә ансамбль "Гәында".

Роза Чамагуа. - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа: "Гәында" иабзоураны аԥсуа ашәақәа ҳҵеит

Ганрацәала еиларсу Аԥсны Жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа лнысымҩа акырӡа ишхаҭәааугьы, ҷыдала ҳазааҭгылап Ҭырқәтәыла, ҳдиаспора рыҩныҵҟа аԥсуа жәлар рашәаҳәареи, жәлар ринструментқәа рҟны ахәмарреи, аԥсуа литература абзиабареи злырҵаз ҳџьынџьуаа рҟны иаалырԥшыз алҵшәа.

"Ҭырқәтәыла, аԥсуаа еиҳа ирацәаҩны иахьынхо Адаԥазар акәын сахьыҟаз, иара убас Сҭампылгьы сыҟан. Ақыҭақәа рыӡбахә ҳҳәозар: Балбалы, Бычкыдара, Бычка, Ҳендеқь, убас ирацәаӡоуп сызҭааз аԥсуа қыҭақәа. Раԥхьа саннеи ашәара сызцәырҵит, избанзар абызшәа рыздырӡомызт ахәыҷқәа. Ҭырқәтәыла иаланхо ҳажәлар, аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ирџьушьаратәы иҟоуп рбызшәа мырӡӡакәа иахьааргаз, уи агәахәа унаҭоит", — лцәажәара нхацлыркит Роза Чамагәуаԥҳа.

Роза Чамагәуаԥҳа аусура нап алыркит аԥсуа шәақәа дырҵара, аԥсышәала ацәажәара, иара убас аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа дырҵара ала.

"Сара уахь сцара Оқтаи Ҷкотуа ибзоуралоуп ишыҟалаз. Нас, аҳәынҭқарра анапхгарагьы мап ацәырымкит. Арепатриациазы усҟан аҳәынҭқарратә еилакы Анзор Мықәба еиҳабыс даман, аԥыза-министрс Алеқсандр Анқәаб дыҟан, акультура аминистрс Нугзар Логәуа аус иуан. Еицҿакны сцара иадгылеит", — лҳеит Чамагәуаԥҳа.

Роза Чамагәуаԥҳа ахааназы илхашҭуам, дахьнеиуазаалакгьы шаҟа иԥханы, ҳаҭыр лықәҵаны дрыдыркылоз. Реицәажәароума, рхымҩаԥгашьоума, аԥсуаа жәытә-натә аахыс имырӡӡакәа иааргоз ауаҩреи аԥсуареи роума, шаҟа ҳаҭырла иныҟәыргоз акырӡа дыхнахит.

Роза Чамагәуаԥҳа Ахьӡ-аԥша аорден ланашьоуп - Sputnik Аҧсны
Роза Чамагәуаԥҳа "Ахьӡ-аԥша" аорден ланашьоуп

"Ахәыҷқәеи сареи еиҳа ҳаилибакаап сҳәан, исҭахыз ажәақәа алҩааны иҟасҵеит. Аусура хәыҷ-хәыҷы саналага, амузыка абызшәа акәын иҟаз усгьы, ахәыҷкәа ргәы ацԥыҳәаны ирҵо иалагеит. Аԥсуаа рхәыҷқәа рымацара ракәымкәа, аҭырқәцәа рхәыҷқәагьы неиуа иалагеит", — лҳәеит Аԥсны жәлар рартист.

Хымԥада, акырӡа ауадаҩрақәа ацуп абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рҿы ишахәҭоу еиԥш арҿиара радыԥхьалара. Аха, угәы иаҭахны иҟауҵо аус умыцааир, иумықәҿиарц залшом ҳәа лыԥхьаӡоит арҵаҩ ду.

"Хаԥсуа бызшәаҿы, ишыжәдыруа еиԥш, ашьҭыбжьқәа, анбанқәа рацәоуп. Аҭырқәцәа 29 нбан роуп ирымоу. Убри азы исцәыцәгьан, аха ицқьаны ицәажәарц азы даара аус рыдызулеит, хәыҷ-хәыҷы егьалашьцылеит", — лҳәоит арҵаҩы.

Имариаз ашәақәа рыла далагеит дырҵара, нас ажәеинраалақәа рҵакқәа рзеиҭалҳәон. Бзиа еибабаны, рҳәоу еиқәшәаны аус еицыруан. Ақыҭақәеи, ақалақьқәеи зегьы рҟны аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуаз, Роза Чамагәуаԥҳа лнеира даара иазыԥшын.

"Сусраҿы даараӡа сдырманшәалеит, адгылара сырҭеит Сельчуқ Сым-сым, Кадыр Ерқаиа, Али Инаԥҳа, Аԥснынтә уахь аҩнра ицаз Марина Анқәабԥҳа, лхыҷқәагьы сара сҟны ашәа рҳәон. Гәык-ԥсык ала, аџьабаа смырбаӡакәа исыцхрааит, ҭабуп ҳәагьы расҳәарц сҭахуп. Хәымз иназынаԥшуа убра сыҟан", — лҳәоит Чамагәуаԥҳа.

Роза Чамагәуаԥҳа, имҩаԥылгоз арҵаратә ус аҟны илыман лара лхатә азнеишьа, ахәыҷкәа еиҳа ирласны излашьҭыркаашаз аметодқәа.

"Аԥсуа жәлар рашәақәа, насгьы дара бзиа ирбоз ашәақәа иазсырӡырҩуан. Арантә санцоз акассетақәа згеит. Иара убас, ҳаԥсуа поетцәа: Кьыршьал Чачхалиа, Иван Ҭарба, Баграт Шьынқәба, Дырмит Гәлиа уҳәа ражәеинраалақәа аԥсадгьыл иазкыз, абзиабара иазкыз згеит. Ахәыҷқәа срыдтәаланы идсырҵеит, аҵакы реилсыркааит", — ҳәа азгәалҭоит Чамагәуаԥҳа.

Ашәақәа ракәзар еиуеиԥшымызт: Аҽцәа рашәа, Нарҭаа рашәа, ҳкомпозиторцәа рашәақәа, Кәасҭа Ченгьелиа иашәа, Оҭар Хәынҵариа иашәа, Гиви Уанаҿа иашәа, Риҵа иазку ашәа уҳәа ирацәаӡоуп бзиа ибаны ирыдыркылаз. Убас еиԥш иааидкыланы 20 инарзынаԥшуа ашәа длырҵеит.

Дали Сандзаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Санӡааԥҳа: ҳџьынџьуаа рбызшәа иацәыԥхашьаӡом, дара-дара еицхыраауеит

"Аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рахьтә ахымааи ачамгәыри згеит сахьцоз. Нас уа иаҿыԥшны иҟарҵеит, иҟан аинструментқәа ирызҿлымҳаз, знапы бзиаз ауасҭацәа. Ахәыҷқәагьы иадырҳәо аҟынӡа иназгеит, аха зегь реилагӡара уадаҩуп. Убых ҷкәынак дыҟан Ҭаҳа Ебжьын ҳәа, 21 шықәса ихыҵуан, уи сирманшәалеит. Акаррдеон аҟны исырбеит аккордқәа, анотақәа реишьҭагылашьа, сара исҳәон, иара иаирҳәон", — лҳәеит Роза Чамагәуаԥҳа.

Ҭырқәтәыла ас еиԥш аусурақәа анымҩаԥысуаз, Аԥснынтә уахь инеины иҟаз агәыԥ аилазаара сацын журналистк лаҳасаб ала. Аиашазы, ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт ахәыҷқәа рышәаҳәашьеи, ражәеинраала аԥхьашьеи ҳанырзыӡырҩы, иахьагьы сыбла ихгылоуп урҭ ахаҿсахьа лашақәа.

"Аԥсныҟа санауааз, ҳашҵәыуоз ҳаиԥырҵит схәыҷқәагьы саргьы, даара сгәы ԥшаауан. Аҭаацәа анааилак, "идбырбеи ҳхәыҷқәа?" — ҳәа исазҵаауан. Ибзианы иҟасҵаз ҳәа исыԥхьаӡо, адискқәа, насгьы абжьы зныз акассетақәа ахьызгаз ауп, даара бзиа ибаны иазыӡырҩуан. Нас иргәаԥхоз ашәақәа алԥшааны идсырҵон", — ҳәа азгәалҭеит арҵаҩы.

Ҳажәлар рмилаҭтә хдырра зырҿыхо, измырӡуа ауаа нагақәа ирыбзоураны, иахьа иҳамоуп даҽа милаҭк ҳрыламҩашьо ҳҟазҵо ҳкультура адоуҳа абеиарақәа. Урҭ, хымԥада аԥхьаҟагьы еихаҳалатәуп.

"Ас еиԥш иҟоу аус аныбжьаужь, ихьшәашәахоит. Ус иҟамларц азы иацуҵароуп, усҟаноуп анҵыра анаиуа. Иахьа, сара срызгәыдууп схәыҷқәа, сҵаҩцәа, сџьабаа маҷк иадымхаргьы изду. Уус гәыкала уаназыҟоу алҵшәа маиурц залшом", — ҳәа азгәалҭоит ахӡыргара злам, зус иазҟазоу Роза Чамагәуаԥҳа.

Иҟауҵаз, иулуршаз аус уара ахҳәаа аназыҟауҵо иашам, уи ажәлар ирҳәозароуп, ирбозаруп, ирыдыркылозар ауп ҳәа азылыԥхьаӡоит Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа.

"Амшын нырцәи-аарцәи иҟоу ҳауаажәлар, Анцәа ду сиҳәоит, иҭышәынтәаланы иҟаларц. Ҳтәыла иамоу Ахьыԥшымра ԥхасҭаҳамтәуа, гәык-ԥсык ала ҳажәлар ҳаԥсадгьыл иазыҟалар, уаҳа адунеи аҿы сара сзы еиҳау акгьы ыҟаӡам. Аибашьра анцоз Аԥсынтәыла адунеи ишадырыз еиԥш, ахьӡ ахара ицо, ҳаԥсадгьыл шәҭыкакаҷуа ҳазшаз иҟаиҵааит. Ҽааныбзиала шәнеиааит зегьы!" — абас лгәалаҟазаара ҳәаак амамкәа дҳацәажәеит Аԥсныи уи анҭыҵи зыхьӡ неҩхьоу, ҳаҭыр ду зқәу, иахьа зирамшы ыҟоу Роза Чамагәуаԥҳа.

Агәабзиареи имеицакуа арҿиаратә гәацԥыҳәареи лзеиӷьаҳшьоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0