АҞӘА, жәабран 26— Sputnik. Индиа арра-ҳаиртә мчрақәа аҩаша ашьыжь, Индиеи Пакистани рҳәааҿ иҟоу Кашмир иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы атеррористцәа рлагер ҭанархеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура ANI адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Арратә ҳаирпланқәа 12–"Мираж" 2000 асааҭ 03:30 рзы ареид мҩаԥыргон. Аҳаирпланқәа тонна-тоннак иҟоу абомбақәа рыларыжьит агәыԥ "Джаиш-е-Мухаммад" аҽазыҟаҵаратә лагер аҿы. Кашмир Индиатәи ахәҭаҿы акәу Пакистантәи ахәҭаҿы акәу абомбақәа ахькажьыз макьаназ иалацәажәам.
Пакистан арратә мчрақәа реиҳабы Асиф Гафур аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳаирпланқәа Кашмир иаԥҵоу "ахылаԥшратә цәаҳәа" иахысит ҳәа.
"Индиа аҳаирпланқәа "ахылаԥшратә цәаҳәа" еиларгеит. Пакистантәи аҳаиртә мчрақәа иаразнакы агәҽанҵара ҟарҵеит. Индиатәи аҳаирпланқәа шьҭахьҟа игьыжьит" ҳәа иҩуеит Гафур Twitter аҿы.
Джаммуи Кашмири аштатқәа рҿы ирацәоуп атеррористтә гәыԥқәа аштатқәа рхьыԥшымра ма Пакистан радҵара иадгыло. Убри аан абри аҭыԥ аҿы Индиеи Пакистани рыбжьара аофициалтә ҳәаа ыҟам. Ар еиҟәызшо "ахылаԥшратә цәаҳәоуп".