Шри-Ланка иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит

© AP Photo Eranga JayawardenaШри-Ланка иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит
Шри-Ланка иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шри-Ланка амчрақәа аҽа 18-ҩык ауааԥсыра ааныркылеит, атәылаҿ иҟаз атеррактқәа ирыдҳәалоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Уаанӡатәи адыррақәа рыла 40-ҩык ауаа ааныркылахьан.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Шри-Ланка иҭахаз рхыԥхьаӡара 359-ҩык рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости апортал Ada Derana адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Шри-Ланка - Sputnik Аҧсны
Шри-Ланка иҟалаз аԥжәарақәа ирхырҟьаны 40-ҩык рҟынӡа ауаа аанкылоуп

Уаанӡатәи адыррақәа рыла иҭахеит ҳәа иԥхьаӡан 321-ҩык.

Шри-Ланка амчрақәа аҽа 18-ҩык ауааԥсыра ааныркылеит, атәылаҿ иҟаз атеррактқәа ирыдҳәалоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Уаанӡатәи адыррақәа рыла 40-ҩык ауаа ааныркылахьан.

Амҽышаҽны, Амшаԥ амш азы Шри-Ланка инеиқәырццак-еиқәырццакны аԥжәарақәа ааба аҭыԥ рыман. Аԥхьатәи аԥжәарақәа ҟалеит акатоликцәа руахәамақәа рҿы, егьырҭ ахԥа – асасааирҭақәа рҿы, егьырҭ аԥжәарақәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы.

Аҭыԥантәи АИХ рдыррақәа рыла атерактқәа мҩаԥыргеит атеррорист-ҽшьыҩцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0