Гәамҵрада имҩаԥысит: Бабурин Аԥсны ахада иалхрақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие международного пресс-центра ЦИК Абхазии
Открытие международного пресс-центра ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхраан еилагара ҳәа акгьы ыҟаны ирбом Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа. Асааҭ 18:00 рзы 48 % алхыҩцәа рыбжьы рҭихьан.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik. 2019 шықәса рзы Аԥсны ахада иалхрақәа гәамҵрада имҩаԥысуеит ҳәа иҳәоит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Жәларбжьаратәи аславианцәа рхеилак ахантәаҩы, апрофессор Сергеи Бабурин.

"Сара даара агәахәара снаҭеит ҭынчеиҿкаарала имҩаԥысуа алхрақәа. Ауаа "ҳабжьы аҳҭоит, иҟало аабап" ҳәа агәыӷра рыманы ицәажәоит. Иалкаан кандидатк изы далҳамхыр ҟалом ҳәа рҳәоны исмаҳаит. Ихадароу аҭынчроуп. Уаанӡеиԥш агәҭынчымра аӡәы иааирԥшуа дсымбеит", - азгәеиҭеит Бабурин.

Иара убри аан иҳәеит уаанӡеиԥш ԥхьагылаҩык дшыҟам.

Наблюдатели от Совета Федерации России  - Sputnik Аҧсны
Еилагарада: Урыстәыла Афедерациа ахеилак анаԥшцәа алхрақәа ирыхцәажәеит

"Уаанӡатәи алхрақәа раан аԥхьагыла далкаан. Уажәы жәҩык акандидатцәа ыҟоуп. Ари иаанаго аԥхьагылаҩцәа рацәаҩуп ауп. Алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ҳҳәар ауеит, тәылақәак рзы 48% алхыҩцәа роура – зеиԥшыҟам ауп. Иҟоуп атәылақәа 17-20 % алхыҩцәа ахьнеиуа абжьыҭаразы. Аԥсны уажәы 50 % иазааигәахахьеит", – иҳәоит иара.

Бабурин иҳәеит алхрақәа рымши азхаҵара амши ара ныҳәак ишырзаҩызоу.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Наблюдатели из Германии - Sputnik Аҧсны
Германиеи Австриеи рынаԥшыҩцәа Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысуа ахәшьара арҭеит

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Ажәабжьқәа зегьы
0