Гогьиа асоциалтә ҳақәа рҿы а́зҵаарақәа рзы: ринформациа АКХ адыррақәа ирықәшәом

© Sputnik / Томас Тхайцук Ҭамаз Гогьиа
 Ҭамаз Гогьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа ахҳәаа риҭеит аинтернет аҿы ицәырҵыз алхрақәа реихшьаалақәа.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аинтернет аҿы ицәырҵуа еxit-poll аинформациа ԥаршеиуп, Ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа акала ирыдҳәалам иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Асоциалтә ҳақәа рҿы асоцзҵаарақәа реихшьаалақәа цәырыргоит. Урҭ иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа иақәшәаӡом. Исҳәар сылшоит аинтернет аҿы ицәырҵуа еxit-poll аинформациа ԥаршеиуп, Алхратә комиссиа хада адыррақәа акала ирыдҳәалам ҳәа", - иҳәоит иара.

Черкесск аԥсуа паспортқәа рыҭара апроцесс иахьагьы имҩаԥысуеит ҳәа иҟоу адыррақәа рҭак ҟаиҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба:

"Ус еиԥш залшом. Черкесск иқәынхо ҳуааԥсыра рыхьӡала аҵыхәтәантәи ҩымш-хымш рзы атәылауаҩшәҟәа ылҩааӡамызт. Апаспорттә маҵзураҟынтәи уахь аӡәгьы даҳмышьҭӡеит. Ус еиԥш ҟалеит ҳәа рҳәаҵәҟьазар, аусҭҵаара ҳалагоит", - иҳәеит иара.

Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.

еиҭарго аурна  - Sputnik Аҧсны
Гогьиа: Баслаҭа ақыҭан еиҭарго аурна адәылгара иаԥырхагахеит

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0