Цифрала: Аԥсны ахада иалхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа

Анапаҵаҩра
Заатәи адыррақәа рыла, Аԥсны ахада иалхрақәа раан рыбжьы арҭеит 86 нызқьи 138-ҩык алхыҩцәа, азеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи уи иартәеит 66,55%.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Актәи атур ала ахада дырзалымхит, акандидатцәа рахьтә аӡәгьы иаҭахыз 50%-и бжьыки рыдамхаргьы имоуит.

Аԥсны АКХ иҟанаҵаз заанаҵтәи адыррақәа рыла, аҩбатәи атур ахь инеит Рауль Ҳаџьымбеи (23,85%) Алхас Кәыҵниеи (21,97%).

Алхыҩцәа рыбжьқәа еихшахеит абас: Олег Аршба - 21,60%, Асҭамыр Ҭарба - 6,60%, Леонид Ӡаԥшьба - 5,70%, Шамиль Аӡынба - 4,14%, Алмас Џьапуа - 2%, Артур Анқәаб - 1,60%, Асҭамыр Какалиа - 0,97%.

Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу алхрақәа аҩбатәи ртур.

Ажәабжьқәа зегьы
0