Аиааира асимвол: раԥхьатәи аибашьратә трофеи аҭоурыхи аҭагылазаашьеи

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсуа ар раԥхьатәи аибашьратә трофеи
Аԥсуа ар раԥхьатәи аибашьратә трофеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Ацҳа ҟаԥшь аҟны аԥсуа еибашьцәа аӷа импыҵырҟьеит атанк Т55-М. Шықәсыки бжаки раԥхьа атанк еиҭашьақәдыргыларц рыӡбеит гәыԥҩык аtнтузиастцәа.

Аӷа импыҵырхыз раԥхьатәи атрофеитә машьына "01" ҳәа ахьыӡҵан. Т55-М анасыԥ ахьыԥшын ҳәа ишьоуп, избанзар иара аекипаж аҟынтәи аӡәгьы дҭамхеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

"01" аԥхьанатәтәи аҭагылазаашьа аиуразы иаҭаххеит шықәсыбжак аамҭа. Алхас Ҭаниа зхадараҿы дыҟаз агәыԥ ирыӡбеит атанк аиҭашьақәыргылара. Иахәҭаз ахархәагақәа, амаҭәахәқәа Аԥсны ахы-аҵыхәа еизыргон, ирыԥшаауан.

"Атанк ахьгылаз иамырхқәаз рацәахеит, аамҭагьы иара атәы ҟанаҵеит. Ҳахьцалакгьы аҷкәынцәеи сареи убри ҳазхәыцуан, иагу-иабзоу аҟаҵаразы ҳахьыҟазаалакгьы амаҭәахәқәа ааҳгон. Ирацәаҩуп уи ашьақәыргылараҿы иҳацхрааз. Иҟоуп атәым ҳәынҭқаррантәи иааргаз амаҭәахәқәагьы. Уажәы иара еиҭашьақәыргылоуп, иныҟәартә иҟоуп, уимоу, иагьхысуеит. Ари атанк аиҭашьақәыргылара ҳара иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит, ҳаибашьцәа иргаз раԥхьатәи аӷа иеибашьыгатә машьына аибашьра иасимволны иԥхьаӡоуп", - иҳәеит Алхас Ҭаниа.

Аиҳарак атанк аиҭашьақәыргылара рыгәҭаркит Аиааира 25 шықәса ахыҵраз апарад алархәразы. Уи адагьы, раԥхьатәи атрофеи зегьы ирбартә-ираҳартә иара Ацҳа ҟаԥшь ааигәара игылазар рҭахын.

Актәи ргәаҳәара нагӡахазар (атанк Ахақәиҭра ашҭа иқәсит 2018 шықәса рзы имҩаԥысуаз апарад аҽны – аред.), аҩбатәи ауадаҩрақәа ацлеит.

ахәыҷи атанки - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷи атанки - мап, ахәыҷреи аҭынчреи - ааи

"01" алахьынҵа аилкаара ҳҭахны ҳара аҭел ҳаизасит аиҭашьақәыргылара аидеиа авторцәа ируаӡәкыз Алхас Ҭаниа. Иара иҳаиҳәеит атанк иахьазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра акомандаҟаҵара-ԥшыхәратә центр ашҭаҿы игылоуп ҳәа.

Апарад иалахәны Ахақәиҭра ашҭа ианықәс инаркны иахьанӡа атанк абри аҭыԥ аҿы игылоуп.

Раԥхьатәи атрофеи егьырҭ аибашьыга машьынақәа зегь реиԥш ажәҩан хты иаҵагылоуп, адәы иқәгылоуп. Сара схаҭа зҭоурых аилкаара сашьҭаз атанкгьы ианыз аномерқәа ракәымзар, исцәеилагар алшон, избанзар апарад ашьҭахь ақәеи амреи ирыцәгылоу амашьына акыр аԥшра еицанакхьеит.

Алхас Ҭаниа ишиҳәо ала, ус шакәугьы амашьына аусура алшоит.

"Атанк аиҭашьақәыргылара иахыжьны апарад алархәраз аџьабаа ду рбеит: Аслан Анқәаб, Беслан Наҟоԥиа, Алиас Уанаҿа, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра акомандаҟаҵара-ԥшыхәратә центр аҟынтәи аҷкәынцәа", - иҳәоит Ҭаниа.

Аҟәа ақалақь ахы ақәиҭтәра амш. - Sputnik Аҧсны
Аиааира хымш шагыз

Иара ишиҳәо ала, атанк Ацҳа ҟаԥшь аганаҿ аргылара азҵаара макьаназ иӡбам, аха аентузиастцәа рыгәҭакы иацәхьаҵырц рҭахым.

"Атанк иахьа иахьгылоу аӡәгьы ибарҭам. Иара аҭоурых ду амоуп. Аӡбахәгьы зегьы ирдыруазар ауп. Атанк аӷа иахьимпыҵаҳхыз игылазароуп, избанзар иара аиааира иасимволны исыԥхьаӡоит. Сара сзы ари танк-фырхаҵоуп, аибашьра зегь иагәылсны иахьанӡагьы иҟоуп", - иҳәоит Ҭаниа.

Алхас Ҭаниа иазгәеиҭеит Т55-М ақәра шмаҷымгьы, иаҭахханы иҟалар, аибашьра ишазыхиоу, уи аиԥш анцәа иумҳәан аха…

Атанк алахьынҵазы згәы былуа иахьагьы иара аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит ҳәа азгәеиҭоит Алхас Ҭаниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0