Геннади Смыр: Аԥсны атанкист имш азгәаҭара аҭоурых ӷәӷәа амоуп

© Фото : из личного архиваГеннадий Смыр
Геннадий Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атанкситцәа рымш аҽны ишәыдаагалоит Мрҭашәаратәи афронт аибашьҩы, атанкист, Аԥсны Афырхаҵа Геннади Смыр иҿцәажәара.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Ҳаҭыр зқәу Геннади, ишԥашьақәгылеи Аԥснытәи атанкистцәа рбаталион, насгьы ҳаӷа раԥхьатәи атанк анбаицәгаз?

— Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, раԥхьатәи атанк аӷа ианимаҳх аҽны инамадан ауп атанкистцәа рымш шышьақәҳаргылаз. Аҟәа ақалақь, Ацҳа ҟаԥшь аҿы аӷа раԥхьатәи атанк анимхыз аамҭазоуп, Беслан Џьелиа агранатамиот ала деихсны ианааникылеит, Вианор Ашба, Валери Мхонџьиа, Валери Казанџьи-оглы уҳәа аҷкәынцәа еицын. Убри аҽны инаркноуп Аԥснытәи атанктә баталион ашьақәгылара ианалага. Ишыжәдыруа еиԥш, аибашьра ианалага, ҳхатә танк ҳамаӡамызт, ахыԥхьаӡара аныҟала, баталионк еиҿкаазар алшоит анырҳәа, аиҳабыра ус анырыԥхьаӡа, иалыршахеит атанктә баталион ашьақәыргылара.

Акәымжәы – кәылӡҵас, ахҭырԥа – хыхьчагас

- Шәара хаҭала напхгара зышәҭоз иарбан баталионыз?

— Атанктә баталион анышьақәдыргылазҵәҟьа акомандир ихаҭыԥуаҩыс сыҟан, анаҩс атанктә баталион актәи абригада командирс саман. Раԥхьаӡа абаталион командирс иамаз Валери Мхонџьиа иакәын. Усҟан хаз игоу абронетанктә баталион ҳәа иԥхьаӡан, уи аамҭазы атанкқәа ҩба ракәын иҳамаз, акәылӡтәы техника иадҳәалаз зегьы еилаҵаны ОБТБ ҳәа иҟаҵан. Нас ишааиуаз абаталион иҵегьы еиҵыҵуа ианалага, атәылахьчара аминистрра адҵа аныҟанаҵа, сыԥсымзар ԥхынгәымзазоуп, Фазылбеи Аҩӡба командирс дҟарҵеит, Валерии сареи ихаҭыԥуаас ҳаҟан. Гагра ақалақь анҭаҳарцәуаз даҽа ҩ-танкк ацаҳҵеит. Гәмысҭантәи раԥхьа атанк анҭаҳга анаҩс, ацҳа аҵаҟантә сара аҩбатәи атанк ҭызгеит. Атанк шьақәыргыланы Гаграҟа ҳцеит, уа даҽа ҩ-танкк ҳгеит. Ԥшь-танкк рҟынӡа ахыԥхьаӡара неит, Гагра БМП-қәа рацәаны иаҳгеит, 17, 18 рҟынӡа. Убарҭ рызегьы еицҵаны актәи абригада актәи абаталион анапхгаҩыс Валерии сареи ҳҟаҵан. Аҩбатәи абаталион аҩбатәи агәыԥ еиҳабацәас иҟаҵан Валери Мхонџьиеи Фазылбеи Аҩӡбеи. Аҩбатәи абаталион аҩбатәи абригада Шрома ала ицон, Гәымысҭа аҵаҟа ажәылара анцоз актәи абаталион актәи абригада Цкәуа Валерии сареи ҳаҟан. Абаталион аштаб еиҳабыс раԥхьа дҳаман Иури Столец, цхырааҩыс диман Валери Мхонџьиа иҷкәын. Иури Украина деиуан, ҳара дҳадгыланы деибашьуан. Аҭоурых рацәоуп, иаԥсахқәаз рацәоуп, аӡә даныбжьахалак ԥшӡам, зегьы схаҿы имааиргьы ҟалоит.

- Иааидкыланы акәылӡтәы техника ҳалацәажәозар, иҭашәырхаз, шәнапаҿы иаажәгаз рхыԥхьаӡара абанӡанаӡоз?

Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Лили Ҳагҧҳа: урҭ ршьа-рда аус ауит, рыуаҩра аус ауит, рааӡара аус ауит

— Атанк хаҭақәа ракзәар, цәыбррамзазы аҵыхәтәантәи ажәыларахь ҳандәықәлоз, ԥшь-танкк ҳаман мраҭашәаратәи аган аҿы. Убарҭ аԥшь-танкк ҩба-ҩбала ишан. Ҩба Шроматәи ажәыларала, ҩба Гәымысҭатәи ажәыларала. Аӡы ҳаныр иган ахәбатәи атанк ареспубликатә хәышәтәырҭа ахаҿы. Аҳәаа ҳахыҵны абжьыуааи ҳареи ҳанеиԥыла хәтанк ҳаман, БМП-қәа рхыԥхьаӡара 24 рҟынӡа инаӡон. Иаҳцәыӡыз ҟалеит, иҭахаз ҟалеит, иблыз ҟалеит. Ҳтанкқәа руакы Шромала иаауаз, рызегьы Аԥсны Афырхацәа Иашҭхәа агараҟны иҭахеит, рбаҟа убра иқәгылоуп. Ацҳа аҵаҟа иблит БМП, ихәны иааргоз рацәаҩӡаны иҟан, изусҭцәаз ҳзышьақәыргыломызт, џьоукы рабџьаргьы даргьы уа иҭаблит ашә рзаамыртӡакәа. Уи ашьҭахь узыҿцәажәоз ыҟаӡамкәа ахеилаԥсараҟынӡа инеит. Абас аҭоурых ӷәӷәа амоуп.

- Ишԥазгәашәҭои, иабазгәашәҭои аԥсуа танкист имш?

— Аибашьра еилгеижьҭеи шықәсык бжьамырхакәа иазгәаҳҭоит, х-раионк еимаҳдоит. Шықәсык Гагра, шықәсык Гәдоуҭа, шықәсык Аҟәа иҟаҳҵоит. Нанҳәа 15 рзы ҳтанк ахьықәгылоу Иашхәа ақыҭаҿы ҳҩеины ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҳҵоит, ачеиџьыка ҳархиоит. Абри амш убас иалагоит ҳарҭ атанкистцәа ҳзы, нас Аҟәа ахьӡ-Аԥша абаҳчахь ҳаибашьцәа рҳаҭгәынқәа рахь ҳалбаауеит. Ҳарҭ ҳаибабоит, ҳацәгьа-ҳабзиа ҳаилоуп.

Ҳажәлар ирхыргаз рацәоуп, аҿар рыхдырра ыҟазароуп абри аганахь ала. Аамҭа маҷымкәа ицахьеит аибашьра ашьҭахь, аиаша мҩа ҳанызар сҭахуп. Абриаҟара зыхҭызгаз аԥсуа жәлар иҵегьы ҳаиӷьзарц сҭахуп.

- Иахьа, иара убас хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирымшуп. Иаҳдыруеит дареи шәареи шәшеимадаз. Убри атәы шәаҳзалацәажәарц ҳҭахуп.

— Сара раԥхьа аибашьра сахьалагаз, абџьар ахыгареи, хатәгәаԥхарала иаауаз аибашьцәеи рԥыларалоуп. Сара сшәарыцаҩын, ашьха сыҟан, убра сшыҟаз ауп аибашьра шсыхьӡаз. 15 мшы рҟынӡа ҳашьцәа ашьхараҟынтә иахыганы, акы рмыхьырц азы Ауадҳара икылганы, уантә аҩада игатәыз ҽыла ибжьызгон, еимадаҩыс срыцын. Ашьхоуп сахьырԥылаз хатәгәаԥхарала иаауаз ҳашьцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0