Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шамба ацитрус шәырқәа рзы аҳазалхратә баџь иазкны: цхыраагӡа дуун абиуџьет азы

© Sputnik / Томас ТхайцукМсоуст Шамба
Мсоуст Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Мсаусҭ Шамба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа шаҟа ацитрустә шәырқәа аҳәаа иахыргаз, аҳазалхратә еизгақәа шаҟа дыртәо атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Шамба амандарина азы аҳазалхратә еизгақәа ирызкны

"Жьҭаарамза инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны иалганы игоуп 13 нызқь тонна хәыҷык инацны ацитрус шәырқәа, еиҳарак амандарина. Аҭагылазаашьа есышықәса еиԥшӡам, излаҳбо ала 3-4 шықәса рыҩныҵаҟа аҽаҩра аҽаԥсахуеит. Ашықәс аҩныҵаҟа 13-15 нызқь тонна атәыла иалганы ианырго, уи асезон кәадоуп ҳәа аанагоит, 30-38 нызқь тонна аныиарго, ибзианы имҩаԥысит. Жәышықәса ҵуеит шьҭа аҳазалхратә баџь аҟәырхыижьҭеи, ацитрус аныиаргоз усҟан мааҭки бжаки ршәон кьылак азы. Иахьазы аҳазалхратә шәахтә ҳәа абиуџьет иалаҳгало тоннак аҟынтәи 20 мааҭ роуп. Сгәаанагарала аҳазалхратә баџь усҟантәи аамҭазы изаҟәырхыз, еиҳарак ацитрус аҳәаа иахызгоз ҳанхацәа ахьракәыз, иаҳа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы ауп. Иахьа ацитрус шәырқәа анахырго аламала ҳауаажәлар ҳбаӡом. Уи аџьабаа, агәамҵрақәа ацуп, ашәҟәқәа еиқәыршәатәуп нырцә ҳколлегацәа рҟны, зегьы ирылшаӡом, иазҟазоу ауаа ыҟоуп. Аҳазалхыҩк иаҳасабала 30-40 миллион мааҭ ҳбиуџьет иаԥырхагахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ашықәс анынҵәо ауп ацитрус шәырқәа аныиарго, абиуџьет аҟны иаҳа ауадаҩрақәа, ашәарақәа аныҟоу. Уи иаланагалоз аԥара цхыраагӡа дуун ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Шамба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳәар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0