Ф-нызқь тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа аҳәаа иахыргахьеит

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФ-нызқь тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа аҳәаа иахыргахьеит
Ф-нызқь тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа аҳәаа иахыргахьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса жьҭаарамзазы иалагеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрустә шәырқәа риагара. Ԥхынҷкәын амандаринақәа еиҳа ианраамҭоу ҳәа иԥхьаӡоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Ф-нызқь тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа аҳәаа иахыргахьеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзураҿы.

Уахыки-ҽнаки рыла 200 тонна рҟынӡа ацитрусқәа аҳәаа иахыргоит.

"Ацитрусқәа ирласны иԥхасҭахо ашәырқәа рахь иахьаҵанакуа азы аҳазалхратә еиҿкаара ҿҳәара меиҵыхкәа имҩаԥысуеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Ԥхынҷкәын амандаринақәа еиҳа ианраамҭоу ҳәа иршьоит, аха аҳәаахьчаҩцәа ишазгәарҭаз ала, сынтәа ациртусқәа рекспорт еиҳа еиҵахеит. 2018 шықәсеи 2019 шықәсеи рырбагақәа реиҿырԥшрала амандаринақәа рекспорт ҩынтә еиҵахеит. Ԥхынҷкәын алагамҭазы аҳәаа иахыргахьоу 4 000 тонна заҵәык роуп (ииасыз ашықәс аан ари арбага ишьақәнартәон 8 000 тоннак).

Ацитрусқәа рекспорт ԥхынҷкәынмзазы еиҳа ишеиҳаугьы, 2018 шықәса рзы мышкала 500 кьыла амандарина ииаргозар, сынтәа – 200 кьыла иреиҳам.

Алиас Хышба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хышба ацитрустә шәырқәа аҳәаа рахыгаразы: сынтәатәи арбагақәа даара имаҷуп

Ԥхынҷкәын алагамҭазынӡа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыргахьеит 180 тонна афеихоа, 105 тонна ахәырма, 4 000 тонна амандарина.

Уаанӡа Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала, ԥхынҷкәынмзазы ахәырмеи афеихоаи аҳәаа рахыгара, ииасыз ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар, акыр еиҳауп.

2018 шықәса ԥхынҷкәынмза алагамҭазы 5 тоннак ахәырма аҳәаа иахыгазар, 2019 шықәса иара абри аамҭазы 105 тонна аҳәаа иахыргеит. Амза раԥхьатәи амшқәа рзы 180 тонна афеихоа иара убасгьы аҳәаа иахыган. Уигьы ҵыԥхтәи абри аамҭахҵәа иаҿурԥшуазар, хынтә еиҳауп.

Ахазхаҿы знык ала аҳәаа 25 кьыла ахыгара азин имоуп. Еиҳау апартиа ахыгараан аалыҵ аҳәаанырцә иаазхәо ауаҩи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьазароуп. Иҟазароуп ахәԥса-фактура, атранспорттә шәҟәқәа, Аҳәынҭстандарти акарантинтә хылаԥшреи рсертификат.

Партиа дула амандаринақәа рахыгараан Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа атауар ахәԥсаҟынтәи 0,1 % ахнахуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0