Кан Кәарҷиа аҳәамҭа ҟаиҵеит ахадарахьы акандидатцәа аӡәгьы адгылара шиимҭо

© Sputnik / Томас ТхайцукКан Кәарҷиа
Кан Кәарҷиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада иалхрақәа дышрылахәымхо азы.

АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада иалхрақәа раан акандидатцәа аӡәгьы адгылара шиимҭо.

"Сара иарбанзаалак командак адгылара асҭом. Иҟасҵаз аҳәамҭагьы уи аҵубаартә иҟан", - иҳәеит Кан Кәарҷиа.

Кәарҷиа иара убасгьы иахьа аҳәамҭа ҟаиҵеит кандидатк иҳасаб ала алхрақәа дышрылахәымхо азы. Иахьа атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа шаҳаҭра ауеит ажәлар рыбжьара аиҟәшара аҭыԥ шамоу. Дарбанызаалак Аԥсны иатәылауаҩу ихәҭоуп илшо зегь рыҟаҵара абри аиҟәшара аиааиразы, ианаму ма уи ԥхьаҟа аҿиара амоуртә аҟаҵаразы иҳәеит иара.

Кан Кәарҷиа  - Sputnik Аҧсны
Кан Кәарҷиа атәыла ахадарахьы икандидатура ақәыргылара мап ацәикит

"Аполитикатәи иара убасгьы ауаҩытәыҩсатәии еизыҟазаашьақәа анализ анырзызу ашьҭахь, сара исыӡбеит атәыла ахада иалхра сҽаласмырхәырц. Ари аҩыза аӡбара сыдыскылеит алхрақәа раан иҟоу аибарххарақәа срылахәымхарц азы", - иҳәеит Кәарҷиа.

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡара нап аиркит 2019 шықәса, жьҭаарамзазы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны иусушьа ақалақь ауааԥсыра ахәшьара ҳарак арҭеит.

Кан Кәарҷиа икандидатура ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны АКХ аҟны ашәҟәы иҭаҩын жәабран 1 азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0