Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам

© AFP 2023 / STRАсанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам
Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусԥҟала хәажәкыра 1 инаркны аҳәаанырцә тәылауаа Аԥсныҟа ралалара ԥкуп.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик арадио Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус џьаргьы ишыҟам.

"Асанитар-карантинтә гәаҭарақәа рымҩаԥгара иалагеит хәажәкыра 6 рзы. Аӡәгьы авирус идбалам. Аҳәаа иахысыр иҟамло атәымтәылауаа усгьы аҳәаа иахрыжьуам. Акоронавирус ҳара ҳҟынӡа иааит ҳәа аӡәгьы имҳәааит. Ахабар ыҟаӡам", - лҳәеит Скорик.

Лара илҳәеит авирустә инфекциақәеи аимҳәа –"А", "Б" агәыԥқәеи змоу ранализқәа Урыстәылаҟа ирышьҭуеит ҳәа.

амедицинатә гуманитартә цхыраара
 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны амедицинатә гуманитартә цхыраара иаҳәеит

Ахьҭалалара змоу рацәаҩуп, аха уи зыҿҳәара кьаҿу чымазароуп лҳәеит асанитартә ҳақьым хада.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә штаб аԥҵаразы аусԥҟа.

Ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа рҿы иалагалоуп акарантин. Акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара. Дарбанзаалак акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц зҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: +7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Ахра Аџьба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аџьба акоронавирус аҽацәыхьчаразы ахәшәқәа рзы: гуманитартә цхыраараны ҳарзыԥшуп

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵоуп асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәааҿы аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәоуп.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Қырҭтәыла ачымазара ахылаԥшразы амилаҭтә Центр аиҳабы Амиран Гамкрелиӡе идыррақәа рыла, атәылаҿы ԥшьҩык ауаа ирыдбалоуп авирус ҿыц – акоронавирус.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0