Сақаниа: сынтәа еиԥш ҩ-напыкала анхара рымкыцт
"Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи астанциаҟны ҳахиоуп ацәаӷәаразы. Ашықәс ҳазҭалаз атәы ҳҳәозар, уажәшьҭа 23 шықәса ҵуеит сынтәа ара аус зуеижьҭеи, ас еиԥш исымбацызт ҩ-напыкала анхара-анҵыра ркуа. Иахьазы шә-гектарк инацны иаҳцәаӷәахьеит, иҵегьы иаҿуп ацәаӷәара. Ииашоуп ачымазара ҿкы ыҟоуп рҳәоит, аха анхаҩы илаиҵо, иааирыхуа ауп ирфо зегьы. Иахьырҭаху ацәаӷәара, алаҵара ҳазхиоуп, ҳтехника еиқәшәоуп, абылтәы ҳамоуп. Адгьылқәа уажәы иҩаанӡа ицәаӷәатәуп, даара сгәы иахәаны иҟоуп анхацәа русушьа", - иҳәеит Сақаниа.
Иара иазгәеиҭеит иахьазы гектарк адгьыл ацәаӷәара х-нызқь мааҭ рҟынӡа шартәо.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Хәарҵкьиа еиҭеиҳәеит Ҩада Ешыра анхацәа рыбзазашьа атәы
- Бигәаа Агәыбедиа анхацәа рзы: ақыҭа аанзыжьуа раасҭа ихынҳәуа еиҳауп