Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазское село
Абхазское село  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачымазара ҿкы Аԥсны иалаҵәоит ҳәа иҟоу ашәарҭара ҳасаб азуны аиҳабыра иаларгалаз акарантин инамаданы ирацәаҩхеит зқыҭақәа рахь ицаны, уажәы ааԥынра злаҟоу ала, зҵакырақәа рҟны ихандеиуа ауаа. Убас, Sputnik аколумнист Сырма Ашәԥҳа адгьылқәаарыхра ҩаԥхьа лнапы алалкит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Адунеи иалаҵәаз аҿкы чымазара иахҟьаны, ҳреспубликаҿы иҷыдоу аҭагылазаашьа аԥҵоуп атәылауаа ргәабзиара ахьчаразы. Убри аҟынтә абжьааԥнытәи аԥсҭазаара иеиԥшым ҳазҭагылоу аамҭазы ауаатәыҩса рҭагылазаашьа. Хымԥада, акыр иуадаҩуп уи ачҳара, аҩны удәылымҵӡакәа ахныҟәгара, ахыхьчара. Аха, ишьақәыргылоу аԥҟарақәа жәаҳәарада ирықәныҟәалатәуп.

Абар, уажәшьҭа ҩымчыбжьа инареиҳауп сара сқыҭа гәакьа Џьгьарда сыҟоуижьҭеи. Иааидкыланы ақыҭауаа, егьырҭ ауаажәларра аӡәырҩы реиԥш, рыҩнқәа ирдәылҵӡом, шамахамзар еиҭанеиааиӡом, зда ԥсыхәа ыҟам афатә-ажәтә, абзазаратә хархәагақәа рзы ақыҭаҿы аус зуа адәқьан ахь илбаауеит акәымзар.

Аџьымшьы - Sputnik Аҧсны
Аметодқәа зегь бзиоуп, мамзаргьы COVID-19 ҳшаҿагыло

Зегьы ҟазшьала ишеиԥшым еиԥш, аҭыԥ змоу аҿкы чымазара аламырҵәара аусхкы доусы иара итәала дазнеиуеит. Иҟоуп асабрадақәа зҿаҵаны иуԥыло, иҟоуп анапҭарԥақәагьы зымӷоу. Уи ус шакәу лабҿаба избарҭахеит ааигәа ақыҭа агәахьы санылбааз амш азы. Ақыҭауаа ргәалаҟазаара ҭышәынтәалоуп, ашәара рымазаргьы, уи хызҽуа анхамҩатә усқәа акыр ирацәоуп.

Адәахьы ааԥынра амшқәа мҩасуеит, анхаҩы имахәар еилҳәаны аус имур ада ԥсыхәа имам. Амацәаз иҭакхаз ҳауаажәлар Анцәа иҳәоит лыԥхала аамҭа уадаҩ иалҵырц, абжьааԥынтәи аԥсҭазаара ашҟа ихынҳәырц.

Хәажәкыра 28 рзы Аҟәантәи сара сааит Џьгьардаҟа. Усҟан еилкааҵәҟьаны исыздыруамызт ариаҟраамҭа ара "сҭанасып" ҳәа. Аха, аусқәа рыҿиашьа ижәбо ауп. Лассы-лассы ҭелла сыҽрымаздоит Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы аус зуа сҩызцәа, иҟоуп аефир ахь иҭымҵуа адырраҭарақәа, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҷыдала сара аус ахьызуа аҳәаанырцә инхо ҳхылҵшьҭрақәа ирызку арадиодырраҭара "Аԥсадгьыл абжьы".

Аԥсуа радио аинформациатә ҭыжьымҭа аусура аанкылам, сколлегацәа рҽеиҭныԥсахланы ҳрадиозыӡырҩцәа ҳтәылаҿы, иара убас Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа ажәабжьқәа рызнаргоит. Ииашаҵәҟьаны, акыр ихьаазгоит арҿиаратә усура аамҭала сахьалыхәдаахаз, аха аҩны зымала иҟоу сан лхала дысзаанмыжьит, иахьамзар уаҵәы аҭагылазаашьа аҽшԥамыԥсахри ҳәа сышгәыӷуаз акыраамҭа цеит. Ишԥамҩаԥысуеи ақыҭаҿы сыԥсҭазаара, ишԥахаҭәаау гәыӷрала иҭәу сымшқәа?

© Foto / Сырма АшубаЏьгьарда ақыҭа
Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго - Sputnik Аҧсны
Џьгьарда ақыҭа

Сара схәыҷаахыс аҩны аҩнуҵҟатәи аусқәа раасҭа бзиа избоит адәынтәи аусқәа, еиҳаракгьы адгьыл ақәаарыхра. Саб рыцҳа, идунеи иԥсахаанӡа, дахьыхандеиуаз изласылшоз ала сицхраауан, аҵеи дахьимамыз гәнигар сҭахымызт, убри аҟынтә иара иҿысҵааз рацәоуп, адәынтәи аусқәа еиҳа исыцааиуазшәа збоит иахьа уажәраанӡа.

© Foto / Сырма АшубаСырма Ашәԥҳа ацәаӷәатәгьы лымоуп
Сырма Ашәԥҳа ацәаӷәатәгьы лымоуп - Sputnik Аҧсны
1/3
Сырма Ашәԥҳа ацәаӷәатәгьы лымоуп
© Foto / Сырма АшубаДахьынхо адгьылҵакыраҿы аҟаҵатә маҷым
Дахьынхо адгьылҵакыраҿы аҟаҵатә маҷым - Sputnik Аҧсны
2/3
Дахьынхо адгьылҵакыраҿы аҟаҵатә маҷым
© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАдгьыл арыцқьара аҭахуп, ибаҳатәуп, ашәыр еилыхтәуп
Адгьыл арыцқьара аҭахуп, ибаҳатәуп, ашәыр еилыхтәуп - Sputnik Аҧсны
3/3
Адгьыл арыцқьара аҭахуп, ибаҳатәуп, ашәыр еилыхтәуп
1/3
Сырма Ашәԥҳа ацәаӷәатәгьы лымоуп
2/3
Дахьынхо адгьылҵакыраҿы аҟаҵатә маҷым
3/3
Адгьыл арыцқьара аҭахуп, ибаҳатәуп, ашәыр еилыхтәуп

Ҳазқәынхо адгьылҵакыра акырӡа идууп, абаҳчара амоуп. Урҭ зегьы анапы рҭахуп, ирыцқьатәуп, ибаҳатәуп, ашәыр еилыхтәуп, ицәаӷәатәуп зҳәаз иеиԥш. Абарҭ еиқәсыԥхьаӡаз аусхкқәа зегьы снапаҟынтә излааиуа ала маҷ-маҷ иҟасҵоит. Иҟоуп ахәлара иаасымнахаанӡа адәы санықәымҵуа, аԥсабара уамашәа бзиа избоит, насгьы уажәтәи аамҭазы, зегьы шәаԥыџьаԥ иаҵәала ианҭалаҳау, зегьы анышәҭуа.

© Foto / Сырма АшубаСырма Ашәԥҳа есышьыжь игәалҭоит аџьабаа здылбалаз леиҭаҳатәқәа шаднакылаз
Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго - Sputnik Аҧсны
Сырма Ашәԥҳа есышьыжь игәалҭоит аџьабаа здылбалаз леиҭаҳатәқәа шаднакылаз

Ашьыжь агылара бзиа избоит, уџьабаа зду зегьы узгьамами, раԥхьа еиҭасҳаз сышәҭқәа адгьыл иаднакылоу иаднамкылоу гәасҭоит, иацтәи амш иалагӡаны иҟасҵаз хылаԥшра наҭаны, анаҩстәиқәа сҽырзыскуеит. Сан длафны "акарантин нымҵәар, адәы бысзықәгом" ҳәа салҳәалоит зны-зынла.

© Foto / Сырма АшубаАбаҳчара илзыҵагылоу ашәырқәа зегьы шәҭышха еилагылоуп
Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго - Sputnik Аҧсны
Абаҳчара илзыҵагылоу ашәырқәа зегьы шәҭышха еилагылоуп

Сара агәкажьра акыр исыцәтәыму ҟазшьоуп, уаҵәтәи амш еснагь агәра згоит, агәра згоит аҭагылазаашьа егьа иуадаҩзаргьы, уи алҵшьа амҩақәа шыҟоу, иара аус ахаҭа иашарыла уазнеир. Адгьыл ақәаарыхра бзиа избозаргьы, аҩны адәылымҵрагьы сара исҟазшьам. Анцәа иџьшьаны аҭелтә еимадара ыҟоуп, аха лабҿаба ауаа рацәажәара бзиа избоит, насгьы интересс исыман ауаа рхымҩаԥгареи ргәалаҟазаареи зеиԥшраз аилкаара.

Убри аҟынтә исыӡбеит, сқыҭа агәы сналаԥшырц. Ашҭа сынҭыҵын, ҳаҩны аԥхьа ииасуа Дӷамшь аӡиас иху ацҳа снықәсын, ауаа рынхарҭа ҩнқәа еиҳа еизааигәаны иахьгылаз снарыдгылеит.

© Foto / Сырма АшубаЏьгьарда иалсуа аӡиас Дӷамшь
Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго - Sputnik Аҧсны
Џьгьарда иалсуа аӡиас Дӷамшь

Амра каххаа иԥхон, зегьы уаха-саха ҳәа руҭрақәа ирҭан, џьоукы раандақәа дырӷәӷәон, даҽа џьоукгьы рымхурсҭақәа ацәаӷәара иазыҟарҵон. Сыбла иабаз асахьа даара гәахәала исыдыскылеит, сымдәылҵыргьы срыцҳамхоз аасгәахәит.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаСырма Ашәԥҳа лқыҭауаа дрылсны ишыҟақәоу еилылкааит, аха акарантин карантинуп, ааԥхьара шлырҭозгьы, дымҩахымҵит
Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго - Sputnik Аҧсны
Сырма Ашәԥҳа лқыҭауаа дрылсны ишыҟақәоу еилылкааит, аха акарантин карантинуп, ааԥхьара шлырҭозгьы, дымҩахымҵит

Сқыҭауааи сареи аԥсшәақәа ааибаҳҳәеит, иҟаз ачымазара аӡбахә зымҩа ҳаҩсуамызт, уи ажәабжьгьы нцәыраҳгеит, аха ҳнапаҟынтә иааиуаз акгьы ыҟамызт ари ахырхарҭала, ахыхьчара ада. Аҩныҟа ааԥхьара шсырҭозгьы, снеиуа сыҟазма, "аԥҟарақәа ҳзеилагом, абзиарақәа неилааит шәыҩнаҭақәа рҿы, даҽазны" ҳәа нараҳәаны, снарыдҵуан. Абас, уи аҽны сымш хаҭәаан егьырҭ амшқәа ирыламҩашьоз ахҭысқәа рыла.

Мужчина за ноутбуком  - Sputnik Аҧсны
Акарантин аамҭа

Иара убас, иазгәасҭарц сҭахуп, арҭ амшқәа рзы аҿиара аныгәхьаазгаҵәҟьо аамҭазы уи злахысҽуа атәы. "Сабџьар сахьцалак исыцуп", уи сара санҵамҭақәа зласкьыԥхьуа амаҭәар ауп. Аинформациатә маҵзура Sputnik ашҟа материалқәак азырхианы иандәықәысҵо ыҟоуп. Уажәтәи санҵамҭагьы зхылҿиааз, уа аус зуа сҩызцәа "темак насабжьыжәгар изыҩрын" ҳәа анрасҳәа, "ақыҭаҿы бымшқәа шымҩасуа аныбҵар зеиӷьыҟам ауп" рҳәеит. Азныказы ақәҿысымҭит, аха зегь акоуп сазааит...

Ҳтәылауаа ирзеиӷьасшьарц сҭахуп зегь раԥхьа иргыланы агәабзиара, ачҳара, аизыӡырыҩра, аихаҵгылара. Ирацәоуп арҭ амшқәа исызцәырыргаз агәалашәарақәа, Аԥсны ҳџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалаз ахҭысқәа инадыркны... Ҳажәлар шаҟа аамҭа еиҭасрақәа ирхаанузеи, аха лыԥхала алҵра еснагь ирқәашьын. Уажәтәи ҳҭагылазаашьаҿгьы ҳазшаз илԥха ҳамазааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0