АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла авирус рыдырбалеит 6411-ҩык 83 регион рҿы. Абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Аоперативтә штаб.
Рыԥсҭазаара иалҵит 72-ҩык, 40,7% раан ачымазара аклиникатә ҟазшьа аанарԥшуамызт.
Убри аан Москва иахьаҵанакуа авирус аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рзы ирымоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп 2548-ҩык. Зынӡа аҳҭнықалақь аҿы авирус рымоуп 48426-ҩык, 413-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 479-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Зынӡа Урыстәыла ачымазара ҿкы рымоуп 93558-ҩык, урҭ рҟынтәи ргәабзиара шьақәгылеит 8456-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит – 867-ҩык.
COVID-19 аларҵәара алмыршаразы Урыстәыла мшаԥымза зегьы аус руам, арегионқәа рҿы аҽыԥхьакратә режим аус ауеит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>