Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь ахь алхрақәа мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҟны: Кындыӷтәи №31, Гәдоуҭатәи №18, Бзыԥтәи №10, Оҭҳаратәи №14 рҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аԥсны Апарламент ахь аиҭалхрақәа ирылагеит ԥхынгәы 12, асааҭ 8:00 рзы. Алхратә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. 

Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп: Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала – Ҭамаз Леибеи, Ҭемыр Беиеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

Иалхуп ҳәа иԥхьаӡоуп абжьыҭара иалахәыз алхыҩцәа рыбжьқәа рыбжеиҳарак зауз адепутатрахь акандидатцәа. Алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа иԥхьаӡахоит асиақәа ирну алхыҩцәа рахьтә 25% иреиҵаны абжьыҭара рхы аладырхәыр.

Алхратә ҭыԥ хадаҟны ҩыџьа инареиҳаны кандидатцәа инареиҳаны иқәгыланы аӡәгьы далрымхкәа иҟалазар, аҭыԥтә алхратә комиссиа алхратә ҭыԥ хадаҟны аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбара аднакылоит, абжьқәа реиҳарак згаз ҩыџьа акандидатцәа алархәны. Аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аиҭалхрақәа раан далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьқәа реиҳарак зауз акандидат, зыбжьы азҭаз рхыԥхьаӡара иаҿмырԥшкәа.

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент афбатәи ааԥхьарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12, 2017 шықәсазы. Адепутатцәа алырхуеит хәышықәса ҳәа аҿҳәара рыманы.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0