Ахәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахаз: Софа Агәмааԥҳа лыстудиа "Аамҭа" иазкны

© Foto / из архива Софы АгумааСтоп-кадр из фильма "Татчкеи Қьышьаурди"
Стоп-кадр из фильма Татчкеи Қьышьаурди - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа лыстудиа "Аамҭа" аԥҵара шыҟалаз аҭоурыхи лысценари ала иҭылххьоу афильмқәеи дырзааҭгылоит Шьарида Торчуаԥҳа.

Шьарида Торчуаԥҳа, Sputnik

Иҟоуп ауаа, ирымоу рзанааҭ бзиа ирбом ҳәа акәым, аха уи ааныжьны даҽа усурҭа ҭыԥк анырыԥшаауа. Урҭ гәыбӷан узрыҭаӡом, ауаҩы иԥсҭазаара данақәыԥшлак, иҭаацәа ныҟәгатәыс ианиоулак, изанааҭ ааныжьны, еиҳа ихы зланыҟәигаша ауалафахәы ахьиоуа аҭыԥ ашҟа диасуеит.

Пресс-конференция молодежного театра - Sputnik Аҧсны
Арадио
Софа Агәмааԥҳа: насыԥ сымоуп сыжәлар рныҳәаԥхьыӡ ахьсыцу

Аха иҟоуп убасеиԥш ауааԥсыра, ззанааҭ ада ԥсҭазаара змам, уи ада аҳауаҵәҟьа алагаҩагара зцәыуадаҩу. Убарҭ дыруаӡәкуп иахьа зыӡбахә цәыраҳгараны иҟоу аԥсуа жәлар зызгәыдуу, Аԥсны анҭыҵгьы еицырдыруа Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа.

Даҽа шьаҿак - "Аамҭахь"

Софа Хынтрыгә-иԥҳа Агәмааԥҳа аԥсуа культура аҟны лџьабаа, ллагала атәы ахә ашьара уадаҩуп. Уи илызкны иҩтәу, иҳәатәу даара ирацәоуп. Аха ҳара уажәы араҟа ҳазааҭгылӡом уи аԥсуа сценаҟны илбахьоу аџьабаа атәы. Хықәкыла халацәажәарц ҳҭахуп уи лыбзоурала еиҿкааз астудиа "Аамҭа" шышьақәгылаз, насгьы уи астудиаҿы иҭыхыз афильмқәа.

"Ахәаԥшцәа рыбзиабара сымамзар, иҟаларын исылшахьоугьы сылымшар, иара астудиа "Аамҭа" аԥҵамхаргьы", – абас ҳаиҿцәажәара хацлыркит Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, аибашьра ашьҭахь, аԥсуа жәлар зегьы реиԥш, асцена амаҵ азызуаз артистцәагьы рҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Иҟан аамҭақәа, чахык ҳәа ауаа аус аныруазгьы. "Хаҭала сара ауалафахәы соуп ҳәа ахаан аус змуӡац, избанзар сценада ԥсҭазаара сымаӡам, схахьгьы исзаагаӡом", – дҳацәажәон артистка.

Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом рҳәоит аԥсуаа ҳҟны. Ус анакәха, абраҟа имҳәакәа ҳзавсуам иара астудиа "Аамҭа" аԥҵара шыҟалаз атәы. Аԥхьаҩцәа ибзиаӡаны ирдыруа акоуп, иахьа уажәраанӡа, изыхҟьазаалакгьы, аԥсуа театр аҩнуҵҟа ицо аимак-аиҿак. Урҭ аимакқәа цәырҵхьан аибашьра иалагаанӡагьы. Ишакәхалакгьы, жәлар рартистка лажәақәа рыла, убас еиԥш иҟалеит аамҭақәак, лара лымацара лакәымкәа, ҳактиорцәа дуқәа назлоу ԥыҭҩык, адәы иавахеит, аԥсуа театр асценахь изымнеиуа.

"Ԥсраҽнынӡа ахаан исхашҭуам, сценада ԥсҭазаара змамыз Амиран Ҭаниа, арепетициақәа ахьымҩаԥааго ҳамамкәа ҳанықәха, иӡамҩа ианыланы илеиуаз илаӷырӡқәа", – лҳәоит артистка, лҩыза дылгәаларшәо. Абас еиԥш аҭагылазаашьа аныҟала, 89-90-тәи ашықәсқәа рзы иаԥырҵеит астудиа "Аамҭа". "Иара астудиа ахьӡгьы зхылҿиааз убасҟан ҳазҭагылаз аамҭа ауп", – лҳәоит Агәмааԥҳа.

© Foto / из архива Софы АгумааСофа Агәмааԥҳа лыстудиа "Аамҭа"
Ахәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахаз: Софа Агәмааԥҳа лыстудиа Аамҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Софа Агәмааԥҳа лыстудиа "Аамҭа"

Изыхҟьазаалакгьы, аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа аҽаԥсахуамызт, ишыҟаз иаанхон. Акыр шықәсқәа инеиԥынкыланы аԥсуа сцена амаҵ азызухьаз, ахәаԥшцәагьы бзиа еицырбахьаз Софа Агәмааԥҳа, Амиран Ҭаниа уҳәа реиԥш иҟаз ҳактиорцәа хыҵакырҭа рымамкәа ааҵра иаван.

"Аибашьра абриаҟара агәаҟра анаҳзаанага, ҳгәалақәа зегьы нышьҭаҵаны, ҳнапқәа неикәыршаны аусеицура ҳалагоз џьысшьон, аха уаҳа умԥсит…" – лҳәоит артистка, аҭоурых дазааҭгыло.

Хыҵакырҭада иаанхаз артистцәа ана-ара арепетициақәа мҩаԥыргон. Убас ишыҟаз ауп Софа Агәмаа лыԥшәма Виктор Џьениа иахьатәи "Абаза" ахыбра аргылара дшалагаз. Убраҟа, оумак идумыз асцена аҭыԥгьы азалхын. "Аччареи аҵәыуареи рыхәылԥаз" ҳәа нахьӡҵаны, иаартын ахатә театр маҷ "Аамҭа".

© Фото : Личный архивСофа Агәмааԥҳаи лыԥшәма Виктор Џьениеи
Ахәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахаз: Софа Агәмааԥҳа лыстудиа Аамҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Софа Агәмааԥҳаи лыԥшәма Виктор Џьениеи

"Абри ҳаԥсы ҿнахит. Ҩаԥхьа аус ҳуртә еиԥш аҭагылазаашьа ҳауит. Иара сыԥшәма, ԥсаҭа шкәакәа, Амирани бареи ишәызхоит ҳәа дҳахлафуан", – лҳәоит Софа.

Аӡы зҵабаз аԥсыӡ еиԥш иҟаз артистцәа рҭагылазаашьа аҽанаԥсах, ҩаԥхьа ирылымшашагьы рылыршо, бзиа ирбоз рус нападыркит.

Софа Агумаа - Sputnik Аҧсны
Зҟазарыла ахәаԥшцәа хызххьоу: Софа Агәмааԥҳа 80 шықәса лхыҵит

Атеатр маҷ асценаҿы лусура инаваргыланы, Софа Агәмааԥҳа илыллыршеит ахәаԥшцәа даара бзиа еицырбаз зметраж кьаҿу афильмқәа раԥҵара.

Иҭыхыз афильмқәа

Иарбан фильмзаалакгьы унадыххыланы иаразнак аҭыхра шзалымшо еилкаау усуп, насгьы аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы. Асценари уҩыргьы, актиорцәа азыҟауҵаргьы, ихадоу ак акәны иаанхоит уи иаҭаху ахарџь. Убри азы ҩаԥхьа ацхыраара ду риҭон артистка лыԥшәма Виктор Џьениа.

Иара астудиа "Аамҭа" аҟны 90-тәи ашықәсқәа рзы Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭа иалху раԥхьатәи афильм "Иареи, лареи, рҩызеи" аҭыхраан ҟәрышьла оумак еиқәшәамызт. Убасҟантәи аамҭақәа дырзааҭгыло, актриса дылгәалалыршәоит афильм аҭыхразы ацхыраара рызҭаз арԥыск.

Шоҭа Ҷкадуа - Sputnik Аҧсны
"Атеатри абзиабареи енагь еицын…"

"Ихьӡ, ижәла сыздыруам, ансамбль "Шьараҭын" иалаз арԥыск хәышә мааҭ хаиҭеит, афильм аҭыхразы. Усҟантәи аамҭазы ԥара думызт, аха акыр аҵанакуан. Убри даара иҳахәеит. Ҳарҭ актиорцәа усгьы хәыда-ԥсада ҳахәмаруан, аоператорцәа џьара ҟәрышьқәак нараҳҭон аҟароуп", – лҳәоит артистка. Иара афильм ахаҭа мышкы ахы-аҵыхәа иалагӡаны иҭырхыз акоуп. Ақәҿиара бзиагьы аиоуит.

Софа Агәмаа лысценари ала иҭыху афильмқәа рахьынтәи иалылкаауеит аибашьра ашьҭахь иҭыхыз афильм, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш – август 14 аазырԥшуа "Татчкеи Қьышьуарди". "Асценари аҩраҿы ахҭҳәаарагьы аҭахымызт, иҟаз шыҟаз афактқәа аарԥшуп", – лҳәоит лара.

Афильм асиужет ҳазааҭгылозар, милаҭла иагыруоу Қышьуард иԥшәмаԥҳәыс Татчка даԥсыуоуп. Урҭ нхоит-инҵуеит хьаа рымамкәа, еихӡыӡаауа. Рыҷкәын Аԥсны анҭыҵ аҵара иҵоит. Уи изыршьҭыша ҟәрышьқәак дырҳарц азы хаҵеи-ԥҳәыси ирымаз раарыхра хәыҷы аашьҭыхны, ицоит аџьармыкьа ашҟа. Абри аҽны ауп аибашьра ианалагогьы. Абраҟа иара убасгьы иаарԥшуп ҩ-милаҭк рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз аҭаацәарақәа рзы аибашьра даара ауадаҩра ду шацыз атәы.

Хута Джопуа. Кадр из фильма Созвездие Козлотура  - Sputnik Аҧсны
Абасгьы ҟалахьеит: акомедиа аеҵәахә Хәыта Џьапуа игәалашәара иазкны

"Абри афильм иахьа ҳахәаԥшцәа ирбартә еиԥш аҭагылазаашьа рымам, избанзар анҵәамҭа маҷк ихәанчахеит рҳәоит аԥсуа телехәаԥшраҿы. Сара даараӡа агәахәара ду снаҭон, иара убасгьы ахәаԥшцәа агәахәара рнаҭап ҳәа сгәы иаанагон, анҵәамҭа рыцқьаны, ахәаԥшцәа рызнагара залыршахар", - лҳәоит Софа Агәмааԥҳа. Иара убасгьы уи иазгәалҭеит иааҭырххьоу афильмқәа зегьы зну акассетақәа еиқәырханы ишлымоу, урҭ рхаҭабзиара маҷк лгәы ишыҵхогьы.

Астудиа "Аамҭа" аҟны иара убасгьы иҭыху афильмқәа ируакуп Миха Лакрба иновелла "Аламыс" иалху афильм "Шькәакә". Араҟа иаарԥшуп аԥсуаа ҳҵас-ҳқьабз уҳәа аазырԥшуа акыр аҵакы змоу ахҭысқәа. Хықәкыла, аԥсуаа ҳҟны жәытәнатә аахыс традицианы иаауа аҭаца лабхәа иҿаԥхьа лымцәажәара.

Афильм "Ашәқәа ҩба" аҟны убасҵәҟьа иаарԥшуп аԥсуаа ҳаламыс, ҳҵас, ҳқьабз. Асас даҭаауеит аԥсуа гәараҭа. Дахьааиз, аԥшәма ԥҳәыс днеиԥылоит. Аԥшәма дыҟаӡами ҳәа иҵааз асас иниаҭалкуеит, уи аҩны дшыҟам, данаауагьы шылзымдыруа. Аха аԥшәма ааигәа дыҟан, аҵла каиҿон. Иааиз асас уи днаԥшны дибахьан. Ӡык сбыржәуандаз ҳәа ҵәыцак аӡы иаҳәаз асас, аԥсуаа ҳҵасқәа рҟны ишаԥу еиԥш, иԥхеи-ԥхеиуа ҵәыцак аҩы ахаҭыԥан, ирҟыԥсҟыԥсуа аӡы ааганы, аҟыгәҳәа инықәлыргылоит.

Зегь раԥхьа иргылон иуаҩра: аԥсуа персонаж даазырԥшуаз Чынчор Џьениа изкны - Sputnik Аҧсны
Зегь раԥхьа иргылон иуаҩра: аԥсуа персонаж даазырԥшуаз Чынчор Џьениа изкны

Асас данцоз иҳәоит убас еиԥш ажәақәа: "Аԥшәма исызиаҳәа инхара, инҵыра даара ишысгәаԥхаз, аха асасааирҭа иаҿоу аҩнашәқәа кьынаауп", - ҳәа. Абарҭ ажәақәа рыла асас аԥшәма иеилиркааит иҩнаҭаҿы асасдкылара шыҟам атәы.

Софа Агәмааԥҳа лысценари ала астудиа "Аамҭа" аҟны иҭыху афильмқәа "Сыхаара "Б", "Амаҷ азы", "Нас дабаҳгари?", "Иареи, лареи, рҩызеи" уҳәа иаадырԥшуа акоуп: аԥсуа жәлар ҳҵас, ҳқьабз, ҳаламыс.

"Ауаҩы дахьыҟазаалакгьы иҵас-иқьабз дықәныҟәозароуп, имырӡуазароуп. Ианицәыӡ, атеатрҭҵааҩы Алықьса Аргәын ишиҳәахьаз еиԥш, ибжьгьы ицәыӡуеит", – лҳәоит Аԥсны жәлар рартистка.

Ажәабжьқәа зегьы
0