Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба америкатәи алхрақәа рзы: Трамп дцаргьы "трампизм" аанхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америка алхарақәа рышьҭахь аҽеиҩшаны ишыҟоу еиԥш иаанхоит, Дональд Трамп дцаргьы "трампизм" аанхоит, абас арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Ҳагба америкатәи алхрақәа рзы: Трамп аҿкы чымазара "дзымаиааит"

Америкатәи амассатә информациа ахархәагақәа адырра ҟарҵеит атәыла ахадас Џьо Баиден далхуп ҳәа. Убри аан Трамп алхрақәа макьана ишхыркәшам, аусӡбарҭаҿы иаиааира шьышьақәирӷәӷәоу атәы иҳәеит.

"Трамп 2016 шықәса рзы имҩаԥигаз алхратә компаниа ибзиаӡаны имҩаԥигеит, усҟан иара иаалырҟьаны аиааира игеит. Сынтәагьы алхаратә компаниаҿы ус акәын ишырҳәоз. Дыӷәӷәазарагьы, Џьо Баиден, аԥышәа змоу политикуп, аха иахьцалак Трамп идемагогиатә форма аиааира агоит ҳәа акәын ишырҳәоз. Уамашәа иубаратәы аиааира игазаргьы Баиден, даара имаҷӡаны ауп абжьқәа ирыбжьоу. Зегьы иазгәарҭоит алхарақәа рышьҭахь Америка иҩшаны ишыҟоу еиԥш ишаанхо. Иара Трамп дықәҵыргьы, "трампизм" аанхоит. Усҟантәи алхратә компаниа аҩныҵаҟа имҩаԥигоз аусура ииашаны имҩаԥызгоит ҳәа далагеит, иара хаҭала европатәи аҳәынҭқаррақәа рганахьала. Уи иадгылаз рацәаҩны иҟалеит Америка аҩныҵҟа, убри аганахьала ҳахәаԥшуазар, ирацәаны абжьқәа иоуит. Аҵыхәтәаны аҿкы чымазара дзымаиааиӡеит Трамп, уи аганахьала иусқәа иаҳа иԥсыҽхеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

ЕАА рхада иалхрақәа мҩаԥысит аҩаша, абҵара 3 рзы. Аиааиразы аибарххара еиҳарак изыбжьаз ҩыџьа акандидатцәа роуп - Ареспубликатә партиа ахаҭарнак, уажәтәи Америка ахада Дональд Трампи уаанӡа ахада ихаҭыԥуаҩс иҟаз, адемократ Џьо Баидени.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0