2017 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны абиткоин ахәԥса 18 нызқь доллар иахысит

CC0 / / Золотые биткоины
Золотые биткоины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиҳа ахархәара зманы ишьоу акриптовалиута – биткоин акриптовалиутатә џьармыкьаҿы 66% аҭыԥ ааннакылоит.

АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Абиткоин акриптовалиутатә биржа Binance аҿы ахәԥса ахаша ашьыжь ишьҭыҵит 18 нызқь доллар рҟынӡа. Ари аҩыза ашьҭыҵра азгәаҭан 2017 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны.

Абиржа Binance аҟны биткоин ахәԥса 8,6%, ихаланы иартәеит -18 010 доллар, егьырҭ абиржақәа рҿы 7,72% ихаланы иартәеит 17 960 доллар.

18 нызқь доллар абиткоин аԥсан ԥхынҷкәын 19 2017 шықәса рзы.

Сувенирные монеты с логотипами криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада амаининг аҿиаразы аҭагылазаашьа далацәажәеит

Аԥсны цәыббра 21 2020 шықәса рзы Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵарала иаԥыхын уаанӡатәи акриптовалиута аиуразы мап зыцәкыз азин. Аиҳабыра ирыдыркылеит ҩ-қәҵарак акриптавалиута аиура ҭышәынзыртәало. Урҭ инарықәыршәаны жьҭаара 21 инаркны Аԥсныҟа алагалара ҟалом амаинингтә хархәагақәа. Абҵара 7 иахымгакәа ари абизнес знапы алаку Аекономика аминистрраҿы уи азы аофициалтә шәҟәы роуроуп ареестр ишану арбаны.

Амаинерцәа рзы афымцалашара ахәԥса мааҭки бжаки ҟалоит. Абҵара 17 рзтәи апресс-конференциаҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ақәҵараҿы ишарбо аҭагылазаааашьақәа ирҿырԥшны ари атариф ԥсаххар шалшо.

Бжьаниа иазгәеиҭеит амаининг азин аныҟамыз аамҭазы, 2019 шықәса анҵәамҭеи 2020 шықәса алагамҭеи рзы атәылахь ишҭагалаз 80 миллион мааҭ рыхә амаининг хархәагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0